Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
17 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Ауаа агәнаҳахь иназго ҟамлар ҟалаӡом, аха агәырҩа цәгьа изыԥшуп уи зыхҟьо ауаҩы! 2 Уи алу ихәда ихшьны амшын агәы даларыжьыр еиҳа изеиӷьуп, иара имшала ахәыҷқәа иреиԥшу, сыгәра зго аӡәы агәнаҳа ҟаиҵар аасҭа. 3 Дасу шәхы шәацклаԥшла. Уашьа агәнаҳа ҟаиҵар, дышиашам иаҳәа, дахьхәыр, ианажь. 4 Иара мышкы бжьынтә уиргәааргьы, бжьынтә дааны саҭоумҵан ҳәа дуҳәозаргьы, ианаужьроуп».
5 Усҟан апостолцәа Иисус иарҳәеит: «Ҳхаҵара иазырҳа». 6 Иисус иҳәеит: «Ажәла сса* иаҟароу ахаҵара шәымазҭгьы, абри амжәаҵлахь шәхы рханы: „Абрантәи уҵыҵны, амшын агәҭа уалагыл“, — ҳәа шәҳәаргьы, ишәзыӡырҩуан.
7 Шәымхы зцәаӷәо, ма шәуасақәа зыхьчо шәмаҵуҩы данааилак, уааи акрыф ҳәа иашәҳәома? 8 Мап. Уи аҭыԥан абас иашәҳәоит: „Схәы ҟаҵа, аԥыраҳәа уԥыраҳәаны акрахьынӡасфо, акрахьынӡазжәуа сымаҵ ула. Нас уаргьы утәаны акрыф, акрыжә“. 9 Шәмаҵуҩы иус ахьынаигӡаз азы иҭабуп ҳәа иашәҳәома? 10 Убас еиԥш шәаргьы ишәыду зегь аныҟашәҵалак, ишәҳәа: „Ҳара ҳмаҵуцәоуп, иаҳуалыз ҟаҳҵеит. Арҽхәара ҳаԥсаӡам“».
11 Иисус Иерусалимҟа данцоз, Сама́риеи Галилеиеи дрыбжьысны дцон. 12 Қыҭак аҿы даннеи, зцәа еилабааз 10-ҩык ахацәа иԥылеит. Иааигәа имнеиӡакәа, харашәа инагылан, 13 ҿаарҭит: «Иисус, Арҵаҩы, ҳрыцҳашьа!» 14 Иисус урҭ аниба: «Шәцаны аԥшьаҩцәа шәҽыдшәырба», — ҳәа реиҳәеит. Даргьы аԥшьаҩцәа рахь идәықәлеит. Амҩа иахьынӡақәыз ибзиахеит. 15 Руаӡәк дшыбзиахаз аниба, ибжьы ҭыганы, Анцәа дҳаракуа дхынҳәит. 16 Иара Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, иҭабуп ҳәа иаҳәара далагеит. Уи ахаҵа Сама́риа датәын. 17 Усҟан Иисус дҵааит: «Ибзиахаз 10-ҩык ыҟаӡамзи? Иабаҟоу, нас, даҽа 9-ҩык? 18 Иауриам абри ахаҵа ида Анцәа дҳараскуеит ҳәа аӡәгьы дзымхынҳәи?» 19 Нас Иисус уи ахаҵа ус иеиҳәеит: «Угыл, умҩа уқәла. Ухаҵара уахәышәтәит».
20 Афарисеицәа Иисус Анцәа Иаҳра анбааиуеи ҳәа ианиазҵаа, ус реиҳәеит: «Анцәа Иаҳра узгәамҭаӡакәа иааиуеит. 21 Ауаа ирҳәаӡом: „Уи ара иҟоуп“ ма „Ана иҟоуп“ ҳәа. Анцәа Иаҳра шәыбжьара иҟоуп».
22 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа имшқәа руак жәбарц анышәҭаххо аамҭа ааиуеит, аха ижәбаӡом. 23 Усҟан ауаа ишәарҳәоит: „Уи ана дыҟоуп“, ма „Ара дыҟоуп“. Аха шәымцан, шәыҩны урҭ шәрышьҭамлан. 24 Избанзар ауаҩытәыҩса Иԥа имш аҽны ажәҩан зегь зырлашо амацәыс даҩызахоит. 25 Аха раԥхьа иара имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигароуп, ари абиԥарагьы мап ицәыркроуп. 26 Нои ихаан ишыҟаз еиԥш ауп ауаҩытәыҩса Иԥа ихаангьы ишыҟало. 27 Нои аковчег дҭалаанӡа, аӡы хыҵны зегь ықәнагаанӡа, ауаа акрырфон, акрыржәуан, аҳәса ааргон, хаҵа ицон. 28 Лот ихаангьы ауаа акрырфон, акрыржәуан, ак аархәон, ак рҭиуан, илаҵон, аҩнқәа дыргылон. 29 Аха Лот Содо́м даналҵ аҽны ажәҩан аҟынтә амцеи амца зку ахаҳәқәеи* леин, зегь ннарҵәеит. 30 Убасҵәҟьа ауп ишыҟало, ауаҩытәыҩса Иԥа имч анааирԥшуагьы.
31 Уи аҽны ахыб иқәу имаҭәақәа игарц азы албаара иҽазимкааит, амхы иҭоугьы имаҭәақәа игарц азы дыхнымҳәааит. 32 Лот иԥҳәыс илыхьыз шәхашәмыршҭын. 33 Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара зцәыӡуа — иԥсы* еиқәирхоит. 34 Сара ишәасҳәоит: уи ауха ҩыџьа иарҭак аҿы еицышьҭазаауеит: аӡәы дгахоит, егьи дааныжьхоит. 35 Ҩыџьа аҳәса ӡлагарак аҿы илагалоит: руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит». 36 ——* 37 Иисус иҵаҩцәа иазҵааит: «Иҳақәиҭу, иабаҟало ари?» Иара иҳәеит: «Аԥсхаԥсжьы* ахькажьу ауарбажәқәа еизоит».