Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа
4 Анаҩс иԥшьоу адоуҳа Иисус ацәҳәырахь днанагеит. Уа Аџьныш Иисус дԥишәо далагеит. 2 Иисус 40 мшы дычгон азы, иӷәӷәаны амла дакит. 3 Убасҟан Аџьныш Иисус днаидгылан, ус иеиҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абарҭ ахаҳәқәа чахарц раҳәа». 4 Аха Иисус иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала акәӡам, Иегова* ииҳәо ажәа алагьы ауп“».
5 Анаҩс Аџьныш Иисус иԥшьоу ақалақь ахь дганы, аныҳәарҭа аҭӡамц ахықәцә дықәиргылан, 6 ус иеиҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абрантәи уԥа, иаными: „Иара имаалықьцәа уцхраарц адҵа риҭоит“, „урҭ рнапы уқәыргыланы ургоит, ушьапы ахаҳә ианымҟьарц азы“». 7 Иисус иҳәеит: «Иара убас иануп: „Шәынцәа Иегова дԥышәымшәалан“».
8 Анаҩс Аџьныш Иисус иҳаракӡаз ашьхахь диган, адунеи аҳрақәа зегь иирбеит, иирбеит урҭ рыԥшӡара, рыхьӡ-рыԥша. 9 Нас иҳәеит: «Абри зегь уара иусҭоит, ушьамхышгыланы знык усеихырхәар». 10 Аха Иисус иҳәеит: «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа! Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова шәимҵахырхәала, иара заҵәык имаҵ жәула“». 11 Усҟан Аџьныш Иисус диԥырҵны дцеит. Нас амаалықьцәа ааин, имаҵ аура иалагеит.
12 Иисус Иоанн абахҭа дышҭаркыз аниаҳа, Галилеиаҟа дцеит. 13 Нас иара Назаретынтәи дықәҵын, амшын аҿықә аҿы ишьҭаз Капернау́м ақалақь аҿы анхара далагеит. Уи Завуло́ни Неффали́ми рыдгьыл аҿы акәын. 14 Убас инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз: 15 «О, егьырҭ амилаҭқәа ахьынхо Галилеиа, амшын ахь уназго амҩаҿы, Иордан анхыҵ ишьҭоу Завуло́ни Неффали́ми рыдгьыл! 16 Алашьцара иалахаз ауаа алашара каххаа ирбеит, аԥсра ашәшьыра зхаԥаны иҟаз адгьыл аҿы инхоз ауаа алашара рхаԥхеит». 17 Убри инаркны Иисус Анцәа иажәабжь аҳәара далагеит. Иара иҳәон: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, избанзар жәҩантәи Аҳра ааигәахеит!»
18 Иисус Галилеиатәи амшын аԥшаҳәа даваланы дышцоз, ҩыџьа аишьцәа ибеит, Пиотр ҳәа зарҳәоз Си́мони уи иашьа Андреии. Дара акаҭа амшын иаларыжьуан, избанзар иԥсыӡкыҩцәан. 19 Иисус ус реиҳәеит: «Шәсышьҭаланы шәаала, аԥсыӡкышьа шыжәдыруа еиԥш, ауаа ркышьагьы шәсырҵоит». 20 Даргьы иаразнак рыкаҭақәа ааныжьны, Иисус ишьҭалеит. 21 Ус, дышнеиуаз, еиҭа ҩыџьа аишьцәа ибеит, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни. Раби дареи анышь иақәтәаны акаҭақәа шеиқәдыршәоз, Иисус днарыдгылан, шәаала ҳәа реиҳәеит. 22 Даргьы иаразнак анышь иақәҵын, раб дааныжьны, Иисус ишьҭалеит.
23 Иисус Галилеиа зегь дахысны, ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон, асинагогақәа рҿы Анцәа иажәа дирҵон, насгьы чмазарас ирымаз зегь ихәышәтәуан. 24 Иӡбахә Сириа зегь иахыҵәеит. Иара иахь инаргон иалаԥсуаз, иара убас егьырҭ ачымазарақәа змаз, ахьаа ӷәӷәа иаргәаҟуаз, зхы иамыхәоз, насгьы адемонцәа зхаԥаны иҟаз. Иаргьы урҭ ихәышәтәуан. 25 Убри аҟынтә Галилеиеи, Жәақалақьреи*, Иерусалими, Иудеиеи, Иордан нырцәи рҟынтә ажәлар ишьҭан.