Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
11 Зны Иисус ҭыԥк аҿы Анцәа диҳәон. Даналга, иҵаҩцәа руаӡәк днаидгылан, ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, Анцәа иҳәашьа ҳарҵа, Иоанн иҵаҩцәа ишыдирҵаз еиԥш».
2 Иисус иҳәеит: «Шәиҳәала Анцәа абас: „Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит* уара ухьӡ. Иааиааит Уаҳра. 3 Иахьа иҳазхаша ача ҳаҭ. 4 Ҳагәнаҳақәагьы ҳанажь, избанзар ҳаргьы егьырҭ иранаҳажьуеит. Ҳхызхуа ҳҽаҳамҭарц уҳацхраа“».
5 Нас Иисус ус реиҳәеит: «Иаҳҳәап, шәара ҩызак дшәымоуп. Аҵх агәазы иара иахь шәнеины, ус шәҳәоит: „Суҳәоит, х-чак сырԥсах. 6 Харантәи ҩызак дысзааит, аха иҿасҵо сымаӡам“. 7 Аха иара ус шәеиҳәоит: „Усҟәаҵ, ашә асыркхьеит. Схәыҷқәеи сареи ҳашьҭалахьеит. Сызгылом, акгьы сызуҭом“. 8 Сара ишәасҳәоит: реиҩызара аҳаҭыр азы дгыланы акгьы иимҭаргьы, дааҟәымҵӡакәа дахьиҳәо азы, дгыланы ииҭаху зегь ииҭоит. 9 Убри аҟынтә ишәасҳәоит: шәаҳәала — ишәоуеит, шәашьҭаз — ишәыԥшаауеит, шәасла — ишәзаадыртуеит, 10 избанзар акы иаҳәо — ииҭаху иоуеит, акы иашьҭоу — дзышьҭоу иԥшаауеит, ашә иасуагьы — изаадыртуеит. 11 Шәхәыҷы аԥсыӡ даҳәар, амаҭ ишәҭома? 12 Ма акәтаӷь даҳәар, аскорпион ишәҭома? 13 Агәнаҳа шшәылоугьы, шәхәыҷқәа аҳамҭақәа рзыҟаҵара бзиа ижәбозар, нас, жәҩантәи Шәаб иԥшьоу адоуҳа иаҳәо иримҭаӡои?»
14 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус хаҵак адемон дихицеит. Уи адемон ихҟьаны уи ауаҩ дызцәажәомызт, аха данихыҵ, ацәажәара далагеит. Ажәлар уи анырба, иџьаршьеит. 15 Аха шьоукы ирҳәеит: «Ари ауаҩ ауаа адемонцәа злархицо адемонцәа раҳ Веельзеву́л* имчала ауп». 16 Егьырҭ дԥыршәарц азы ажәҩан аҟынтә адырга ҳарба ҳәа дыркит. 17 Иисус урҭ ргәы иҭаз идыруан азы, ус реиҳәеит: «Аҳҭынраҿы инхо ауаа дара-дара еибашьлар, аҳҭынра еилаҳауеит, ҩнык еицыҩноу еибашьлар, уи аҩнгьы еилаҳауеит. 18 Нас, Аҩсҭаа ихы дабашьуазар, еиқәхару иара иаҳра? Шәара ауаа адемонцәа злархысцо Веельзеву́л имчала ауп ҳәа ауми ишышәҳәо? 19 Сара ауаа адемонцәа злархысцо Веельзеву́л имчала акәзар, шәара шәҵаҩцәа уи злаҟарҵои? Убри аҟынтә шәҵаҩцәа шәара ишәықәыӡбалоит. 20 Аха ауаа адемонцәа злархысцо Анцәа имчала акәзар, уи иаанаго Анцәа Иаҳра ааит ауп, аха шәара уи шәызгәамҭаӡеит. 21 Бџьарла еибыҭоу ахаҵа ӷәӷәа иҩны ихьчозар, имазара акгьы ахьӡом. 22 Аха иара иаҵкыс иӷәӷәоу даниқәлалак, дииааиуеит, дзықәгәыӷуаз абџьаргьы имхны егьырҭ ирзишоит. 23 Сара исыдымгыло дысҿагылоит, ауаа сара сахь иааирц азы аџьабаа сыцзымбо урҭ сцәеиԥхьирттоит.
24 Адемон* ауаҩы данихыҵлак ашьҭахь, дыхрааӡраауа ацәҳәырақәа дрықәлоит, анхарҭа иԥшаарц азы. Аха акгьы анизымԥшаалак, ус иҳәоит: „Схынҳәып сахьынтәиааз“. 25 Даныхынҳәлак ибоит аҩны ԥссаны, еилырганы, иԥшӡаӡа ишыҟоу. 26 Усҟан дцаны, иара иеицәоу даҽа 7-ҩык адемонцәа иманы даауеит. Дара уи аҩны иҩналаны анхара иалагоит, ауаҩгьы раԥхьа дшыҟаз аасҭа еиҳа деицәахоит».
27 Убри аниҳәоз аамҭазы, ажәлар ирылагылаз ԥҳәыск ҿаалҭит: «Насыԥ лымоуп уара узыхшаз, згәыԥҳәыхш уфоз аԥҳәыс». 28 Иара иҳәеит: «Мап. Насыԥ змоу Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, насгьы уи назыгӡо роуп».
29 Ажәлар анеиза, Иисус иҳәеит: «Ари абиԥара цәгьа есымша адырга иашьҭоуп, аха урҭ аԥааимбар Ио́на идырга ада акгьы рбараны иҟаӡам. 30 Ио́на Нине́виа инхоз ауаа рзы ддырганы дшыҟалаз еиԥш, ауаҩытәыҩса Иԥагьы ари абиԥаразы ддырганы дҟалоит. 31 Аӡбара аан шеватәи аҳкәажә ари абиԥара дацгылоит, насгьы дақәыӡбоит. Лара Соломон иажәа ҟәышқәа лаҳарц азы адгьыл аҵыхәантәи дааит. Аха ара Соломон иеиҳау дыҟоуп. 32 Нине́виа инхоз ауаа аӡбара аан ари абиԥара иацгылоит, насгьы уи иақәыӡбоит, избанзар Нине́виа инхоз ауаа Ио́на ииҳәаз анраҳа, рыгәнаҳақәа ирыхьхәит. Аха ара Ио́на иеиҳау дыҟоуп. 33 Ауаа акәаҷаб анадыркуа, ихырҩаӡом, ауаҩы иахьимбо идыргылаӡом. Уи хыхь ауп иахьықәдыргыло, аҩны иҩнало зегьы алашара рбаларц азы. 34 Ауаҩы лашарбагас имоу иблақәа роуп. Убла зықәку ибзиоу мацара акәзар, ухы инаркны ушьапаҟынӡа улашоит. Аха убла шьыцуазар, ухы инаркны ушьапаҟынӡа алашьцара ухаԥоит. 35 Угәуҽаныз, иумоу алашара лашьцарамхарц азы. 36 Аха ухы инаркны ушьапаҟынӡа лашьцарак уламкәа улашозар, уи алашара акәаҷаб алашара еиԥш икаҷҷалоит».
37 Абри ҳәаны даналга, фарисеик Иисус сасра дааиԥхьеит. Иисусгьы уи иҩныҟа днеит. Нас акрыфара ҳәа днатәеит. 38 Афарисеи иџьеишьеит, Иисус инапы мыӡәӡәаӡакәа* акрыфара ҳәа дахьтәаз. 39 Иисус уи ус иеиҳәеит: «Шәара, афарисеицәа, аҵәцеи асаани адәахьала ишәыӡәӡәоит, арахь ҩныҵҟала аԥсыцәгьареи аус хәымгақәеи рыла шәҭәуп. 40 Ахшыҩдақәа шәара! Адәахьтәи зшаз иакәӡами аҩныҵҟатәигьы зшаз? 41 Иӷару шәанрыцхраауа, уи гәык-ԥсыкала иҟашәҵала, усҟан зегь рыла шәыцқьахоит. 42 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, афарисеицәа! Шәара аҟәылмиҭеи*, арутеи*, егьырҭ аҳаскьынқәеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭа Анцәа ишәҭоит, аха аиашареи Анцәа бзиа ибареи ртәы шәхашәыршҭуеит. Уи шыҟаҵатәу еиԥш, аригьы ҟаҵалатәуп. 43 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, афарисеицәа! Шәара бзиа ижәбоит асинагогақәа рҿы иреиӷьу аҭыԥқәа рынкылара, бзиа ижәбоит аџьармыкьаҿы аԥсшәа аншәарҳәо. 44 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу! Шәара ишнышәынҭроу узеилымкаауа иҟоу анышәынҭрақәа шәреиԥшуп. Ауаа урҭ шнышәынҭроу рзымдырӡакәа ирықәныҟәоит».
45 Усҟан азакәан ибзианы издыруаз аӡәы ус иҳәеит: «Арҵаҩы, уажәақәа рыла ҳаргьы ҳгәы нурхоит». 46 Иара иҳәеит: «Изакә рыцҳароузеи шәаргьы ишәзыԥшу, азакәан ибзианы издыруа! Шәара ауаа ирзышьҭымхуа аидара иаҵашәҵоит, арахь шәхаҭа шәнапы аарҵысны акгьы ҟашәҵаӡом, уи аидара ласхарц азы.
47 Шәара арыцҳара шәзыԥшуп, избанзар аԥааимбарцәа рдамрақәа ҟашәҵоит, арахь урҭ зшьыз шәабацәа рабацәа роуп. 48 Шәабацәа иҟарҵоз шыжәдыруагьы, уи шәазыразуп. Дара аԥааимбарцәа ршьит, шәара уажәы урҭ аԥааимбарцәа рдамрақәа ҟашәҵоит. 49 Убри азоуп аҟәыӷара злоу Анцәа изиҳәаз: „Аԥааимбарцәеи апостолцәеи рзысышьҭуеит. Шьоук ршьуеит, шьоукы ирышьҭашәарыцалоит. 50 Убри аҟынтә ари абиԥара адунеи анышьақәыргылаз инаркны* икаҭәахьоу аԥааимбарцәа ршьазы аҭак ҟанаҵоит, 51 Авель инаиркны, Анцәа иҩни акәырбаннагарҭеи рыбжьара ишьыз Захариа иҟынӡа икаҭәаз ашьазы“. Сара ишәасҳәоит: абри зегь азы ари абиԥара аҭак ҟанаҵоит.
52 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәан бзианы издыруа! Шәара ауаа адыррақәа рцаԥха рцәыжәгеит. Шәхаҭагьы шәыҩналаӡом, иҩналар зҭахугьы ҩнашәҵаӡом».
53 Иисус дандәылҵ, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи иқәпапан, рҽырцәгьаны азҵаарақәа иқәрыԥсо иалагеит, 54 иакәым идырҳәарц азы.