1 Пиотр
2 Убри аҟынтә цәгьарас иҟоу зегь ааншәыжь, ашьыцреи амцҳәареи шәаҟәыҵ, ҩ-цәак шәхарԥамыз, ауаа ргәы дзырхьуа ажәақәа шәымҳәалан. 2 Асаби иан лгәыԥҳәыхш дшашьҭоу еиԥш, шәаргьы ахш цқьа иаҩызоу Анцәа иажәа шәашьҭаз, уи абзоурала ишәызҳарц, насгьы шәеиқәхарц азы. 3 Шәара уи шәылшоит, избанзар ижәбахьеит Иҳақәиҭу Иисус шаҟа дқьиоу.
4 Ауаа ирҭахымхаз, аха Анцәа иалихыз, зыхә ишьо, зыԥсы ҭоу ахаҳә иеиԥшу иахь шәаннеиуа, 5 шәара — зыԥсы ҭоу ахаҳәқәа — шәыла Анцәа адоуҳатә ҩны иргылоит, Анцәа изы иалху ԥшьаҩцәаны шәҟаларц, насгьы Иисус Христос ила игәы иақәшәо адоуҳатә ҳамҭақәа изнажәгаларц азы. 6 Избанзар Аҩыраҿы иануп: «Сара Сион аҿы ишьҭасҵоит ҵаҟатәи акәакь аҿы ишьҭарҵо, сара иалысхыз, зыхә ҳараку ахаҳә. Уи агәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам».
7 Шәара шәзы уи ахә ҳаракуп, избанзар шәара уи агәра жәгоит. Аха агәра зымго рзы «аргылаҩцәа ирҭахымхаз уи ахаҳә хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо хаҳәны иҟалеит». 8 «Уи ахаҳә изыхҟьашо, ршьапы иқәзырҟьо ацаҟьа акәхеит». Дара уи иахҟьашаны икаҳауеит, избанзар Анцәа иажәа иазыӡырҩӡом. Убри аҩыза аҵыхәтәоуп дара ирзыԥшу. 9 Аха шәара — «Анцәа иалихыз жәларуп, ԥшьаҩцәас амаҵ зуа аҳцәа шәоуп, иԥшьоу ажәлар шәоуп, лымкаала Анцәа иитәхаз ауаа шәакәхеит», алашьцара аҟынтә зеиԥшыҟам алашарахь шәаазыԥхьаз «иҟазшьа ссирқәа* рыӡбахә зехьынџьара еиҭашәҳәаларц азы». 10 Иҟан аамҭа жәларыкны шәаныҟамыз, аха уажәшьҭа Анцәа ижәлар шәоуп. Иҟан аамҭа Анцәа шәанрыцҳаимшьоз, аха уажәшьҭа шәрыцҳаишьеит.
11 Бзиа избо сашьцәа, атәым жәлари ари адунеи аҿы аамҭала инхои реиԥш сшәыҳәоит, ишәабашьуа агәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәымҭалан. 12 Ари адунеи иатәу ауаа рыбжьара ибзианы шәхы мҩаԥыжәгала, ацәгьара ҟашәҵошәа шәзызҳәо шәус бзиақәа рбарц, насгьы Анцәа агәаҭарақәа данрылаго аҽны дҳараркырц азы.
13 Иҳақәиҭу иаҳаҭыразы амчра знапаҿы иҟоу ауаа зегьы ирҳәо ҟашәҵала, уи аҳәынҭқар иакәзаргьы, избанзар аҭыԥ ду ааникылоит, 14 ма аҳәынҭқар иалихыз анапхгаҩцәа ракәзаргьы. Иара урҭ залихыз ацәгьара ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәаларц, абзиара ҟазҵо дырҽхәаларц азоуп. 15 Анцәа иҭахуп аус ахи-аҵыхәеи еилмыргаӡакәа иалацәажәо, аилкаара змам ауаа шәус бзиақәа рыла аҳәатәы рмоуа иҟашәҵаларц. 16 Ахақәиҭра змоу ауаа реиԥш шәынхала, аха ишәымоу ахақәиҭра ацәгьара аҟаҵаразы шәхы иашәмырхәалан, уи аҭыԥан Анцәа имаҵ зуа реиԥш шәынхала. 17 Зегьы ҳаҭыр рықәышәҵала, шәашьцәа зегь бзиа ижәбала, Анцәа шәицәшәала*, аҳәынҭқар ҳаҭыр иқәышәҵала.
18 Амаҵуцәа, шәыԥшәмацәа ирыхәҭоу аҳаҭыр рықәышәҵала, рҳәатәы нашәыгӡала, ибзиоу, иҟәымшәышәу* рыдагьы, згәы аҟаҵара цәгьоугьы. 19 Избанзар ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа иламыс цқьаны ихьчарц азы ихараӡамкәа ачҳара аарԥшны агәаҟра ихигозар, Анцәа диргәырӷьоит. 20 Шәыгәнаҳақәа рзы шәанырыпҟо ачҳара аашәырԥшуазар, бзиарас иҟашәҵои? Аха шәызгәаҟуа аус бзиақәа ахьыҟашәҵо азы акәзар, Анцәа дшәыргәырӷьоит.
21 Убри азоуп Анцәа шәзалихызгьы, избанзар Христосгьы шәара шәзоуп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, убасала иара аҿырԥшы шәзынижьит, ишшәылшо ала ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы. 22 Иара гәнаҳас ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит, иажәақәагьы мцык рыламызт. 23 Иҟоу зегь анизырҳәоз, дара реиԥш аҭак ҟаиҵаӡомызт, дангәаҟуаз, дзыргәаҟуаз дрықәмақарӡомызт, зегь рус ииашаны изыӡбо инапы иҽаниҵон. 24 Иара ашьаҟа дкыдҵаны даныршь, ҳагәнаҳақәа ҳхыхны игеит*, агәнаҳа ҳзыҟамҵо ԥсык ҳаиҩызахарц, насгьы Анцәа игәы иақәшәо аусқәа рыҟаҵаразы ҳанхаларц азы. «Уи ихәрақәа шәара шәырхәышәтәит». 25 Шәара иҟьалаз ауасақәа шәреиԥшын, аха уажәшьҭа ишәхылаԥшуа шәыхьча иахь шәхынҳәит.