Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ефесаа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ефесаа. Ахҳәаа

      • Христос иԥсы анҭалоз, ҳаргьы ҳаԥсы ҭаҵан (1—10)

      • Ҩ-гәыԥк ирыбжьагылаз аҭӡамц ықәгоуп (11—22)

Ефесаа 2:2

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Анцәа ибзиабара», ад. 53—54

Ефесаа 2:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2021, ад. 8—9

Ефесаа 2:6

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/8/2015, ад. 13

Ефесаа 2:7

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2016, ад. 28

Ефесаа 2:16

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».

Ефесаа 2:21

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ацҵа А5.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ефесаа 2:1–22

Ефесаа рахь

2 Шәыгәнаҳақәа ирыхҟьаны шәара аԥсцәа шәырҩызан, аха Анцәа шәыԥсы ҭеиҵеит. 2 Усҟан шәара ари адунеи* иатәу ауаа шынхо еиԥш шәынхон, аҳауа иақәиҭу анапхгаҩы — Анцәа изымӡырҩуа ауаа иаадырԥшуа адоуҳа иақәиҭу анапхгаҩы — шәизыӡырҩуан. 3 Уаанӡа ҳаргьы урҭ ауаа реиԥш ҳаҟан, игәнаҳау ҳгәаҳәарақәеи ҳхәыцрақәеи иҳаҵарҳәоз ҟаҳҵон. Зегь реиԥш, ҳаниз инаркны, Анцәа игәыԥжәара зхигараны иҟоу ҳреиԥшын. 4 Аха рыцҳашьарала иҭәу, абзиабара ду злоу Анцәа бзиа ҳбаны, 5 Христос иԥсы анҭеиҵоз, ҳаргьы ҳаԥсы ҭеиҵан, Христоси ҳареи аӡәк иеиԥш ҳҟаиҵеит, ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны аԥсцәа ҳшырҩызазгьы. Уи иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала шәара шәеиқәхеит. 6 Ҳаԥсы аҭаҵара адагьы, иара Христос Иисус ишьҭа ихыланы ицо раҳасабала ажәҩан аҿы уи ҳиваиртәеит, 7 ҳаԥхьаҟа* ҳара, аӡәк иеиԥш Христос Иисус ицу, абзиарақәа анҳзыҟаиҵо, зеиԥшыҟам, уаҩ иимбац ақьиара ааирԥшырц азы.

8 Шәара, ахаҵара змоу, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала шәеиқәырхан. Уи Анцәа иҳамҭа ауп, шәара ишәыбзоуроу ак акәӡам. 9 Шәара шәзеиқәырхаз шәус бзиақәа рзы акәӡам, убри аҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы аҽхәаразы амзыз имаӡам. 10 Ҳара Анцәа ишамҭақәа ҳауп, иара Христос Иисус аӡәк иеиԥш ицу ҳзишаз заа иаҳзиӡбахьаз аус бзиақәа наҳагӡаларц азоуп.

11 Убри аҟынтә шәара, хылҵшьҭрала иауриам, ишәхашәмыршҭлан ауаа рнапала заԥхьатә хсаз ауаа заԥхьатә хсам ҳәа шышәзырҳәоз. 12 Усҟан шәара Христос дшәыздырӡомызт, израильтәи ажәлар рзы шәтәымуаан, Анцәа ижәлар сшәықәныҳәалоит ҳәа ажәа рыҭаны, иареи дареи рыбжьара ибжьеиҵаз аиқәшаҳаҭрақәа шәрыҵанакӡомызт, агәыӷра шәымамызт, Анцәа ида адунеи шәықәын. 13 Аха уажәшьҭа Христос Иисуси шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟоуп, уаанӡа шәара Анцәа шәицәыхаран, аха уажәшьҭа Христос ишьа абзоурала шәизааигәахеит. 14 Христос аҭынчра ҳзааигеит, иара ҩ-гәыԥк гәыԥкны еидикылеит, ирыбжьагылаз аҭӡамц ықәигеит. 15 Иара аԥҟарақәа рыла ишьақәгылаз азакәан ицәеижь ала иаԥыхны, аиӷара аҵыхәтәа ԥиҵәеит. Иара уи зыҟаиҵаз аӡәк иеиԥш ицу ҩ-гәыԥк рҟынтә иҿыцу гәыԥк ҟаиҵарц, насгьы урҭ аҭынчра риҭарц азоуп. 16 Ашьаҟаҿы дахьыԥсыз абзоурала иара аиӷара аҵыхәтәа ԥиҵәеит, аҩгәыԥк жәларыкны* еидикылеит, Анцәеи дареи еиниршәеит. 17 Иара дааны, шәара, Анцәа дыззымдыруаз, аҭынчра иазку ажәабжь бзиа шәылеиҳәеит, Анцәа дыздыруазгьы ирылеиҳәеит. 18 Уи иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала аҩгәыԥк ирыҵанакуа зегьы Ҳаб ҳиҳәалар ҳалшоит, избанзар иҳауз иԥшьоу доуҳак ауп.

19 Убри аҟынтә уажәшьҭа шәара шәтәымуааӡам, атәым дгьыл шәатәӡам, шәара иԥшьоу ауаа зтәу атәыла шәатәуп, Анцәа иҭаацәара шәахәҭакуп. 20 Шәара ашьаҭаҿы шәыргылан, шьаҭас ишәымоу апостолцәеи аԥааимбарцәеи роуп, Христос Иисус иакәзар, уи ҵаҟатәи акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә иоуп. 21 Уи аҩны ргылоуп, ахәҭақәагьы ибзиаӡаны еиҿартәоуп, Христоси уи аҩни аӡәк иеиԥш иахьыҟоу абзоурала уи аҩны аизҳара иаҿуп, Иегова* изы ныҳәарҭас иҟаларц азы. 22 Шәаргьы Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟоуп азы, Анцәа дахьыҟоу, идоуҳа ахьыҟоу, аҩны шәахәҭакхоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра