Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 4
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Каини Авельи (1—16)

      • Каин ихылҵқәаз (17—24)

      • Сиф иԥа Еноси иареи (25, 26)

Алагамҭа 4:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла», ад. 10—11

Алагамҭа 4:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла», ад. 11—12

Алагамҭа 4:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/5/2015, ад. 20

    «Шәаҿыԥшла», ад. 14

Алагамҭа 4:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла», ад. 14—16

Алагамҭа 4:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәаҿыԥшла», ад. 16

Алагамҭа 4:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Анцәа ибзиабара», ад. 74—75

Алагамҭа 4:15

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап уи егьырҭ ргәырҽанызҵоз Анцәа иусԥҟа акәызҭгьы.

Алагамҭа 4:16

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ақәцара».

Алагамҭа 4:17

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2016, ад. 10

Алагамҭа 4:25

Албаагақәа

  • *

    Ма «дысзалихит».

  • *

    Иаанагоит «иалху; ишьақәыргылоу; иуҭоу».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 4:1–26

Алагамҭа

4 Адам иԥҳәыс Ева длыцышьҭалан, лцәалтәымкәа дҟалеит. Каин данлоу, ус лҳәеит: «Иегова ицхыраарала аԥа дсоуит». 2 Нас лара иашьа Авельгьы длоуит.

Авель аԥсаса ихьчон, Каин адгьыл дықәаарыхуан. 3 Ԥыҭрак ашьҭахь Каин иааирыхыз Иегова кәырбанс изнеигеит. 4 Авель иакәзар, иԥсаса аҟынтә раԥхьа ииз асарақәа рышшеи дареи неигеит. Иегова Авель дизыразхеит, икәырбангьы идикылеит, 5 Каин дизыразымхаӡеит, икәырбангьы идимкылаӡеит, убри азы Каин иԥсахы еибакын, илахь ааиқәышьшьит. 6 Усҟан Иегова Каин иеиҳәеит: «Уԥсахы зеибаки? Улахь зеиқәышьшьуи? 7 Абзиара ҟауҵалар, сузыразымхаӡои? Абзиара ҟаумҵозар, агәнаҳа аҽаҵәахны ашә аҿы иԥшуп, уатәнатәырц азы. Уаԥшәымахома уара уи?»

8 Уи ашьҭахь Каин иашьа Авель ус иеиҳәеит: «Уаала амнахь». Уа ианнеи, Каин иашьа Авель дишьит. 9 Иегова Каин диазҵааит: «Уашьа Авель дабаҟоу?» Каин иҳәеит: «Иалыздырааи, сашьа ихьчаҩ соума?» 10 Анцәа иҳәеит: «Иҟауҵеи? Уӡырҩи! Уашьа ишьа адгьыл аҟынтә иҵәаа-ҵәаауа сара сҿы аиашара иаҳәоит. 11 Уажәшьҭа уара ушәиуп. Сара икоуҭәаз уашьа ишьа зжәыз адгьыл аҟынтә уқәысцоит. 12 Адгьыл уанықәаарыхло аҽаҩра унаҭалаӡом. Уара ҭыԥ умамкәа, уҟьаланы адгьыл уқәзаауеит, анахь-арахь убналалоит». 13 Каин Иегова ус иеиҳәеит: «Иҟасҵаз ацәгьоуразы сзықәуршәо мыцхәы иџьбароуп, уи сзыхгаӡом. 14 Уара иахьа ари адгьыл сықәуцоит, улагьы уаҳа сабаӡом. Сара ҭыԥ сымамкәа, сҟьаланы адгьыл сықәзаауеит, амҩан исԥыло дарбанзаалак симшьыкәа саанижьӡом». 15 Иегова ус иҳәеит: «Усҟан Каин дызшьуа бжьынтә иқәнага дақәыршәахоит».

Иегова Каин изы адырга* ҟаиҵеит, иԥыло аӡәгьы димшьырц азы. 16 Каин Иегова иҟынтә дцан, Едемынтәи мрагыларатәи аган аҿы ишьҭаз Нод* адгьыл аҿы анхара далагеит.

17 Уи ашьҭахь Каин иԥҳәыс длыцышьҭалеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалан, Ено́х длоуит. Нас Каин ақалақь иргылан, иԥа Ено́х ихьӡ ахиҵеит. 18 Ԥыҭрак ашьҭахь Ено́х Ира́д дихылҵит. Ира́д Мехиае́ль дихылҵит, Мехиае́ль Мафуса́л дихылҵит, Мафуса́л Ламе́х дихылҵит.

19 Ламе́х ҩыџьа аҳәса игеит. Аӡәы А́да лыхьӡын, егьи — Ци́лла. 20 А́да Иава́л дылхылҵит. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны ақьалақәа рҿы анхара иалагаз, арахәгьы анызҵаз. 21 Иашьа Иува́л ихьӡын. Иува́л иоуп раԥхьаӡа акәны аҩымааи аҿарпыни арҳәара иалагаз. 22 Ци́лла аихеи абҩеи ирылхны еиуеиԥшым амыругақәа ҟазҵоз ажьи Тува́л-Ка́ин дылхылҵит. Тува́л-Ка́ин иаҳәшьа Наа́ма лакәын. 23 Ламе́х иҳәса, А́деи Ци́ллеи, ус реиҳәеит:

«Шәысзыӡырҩы, Ламе́х иҳәсақәа,

Шәлымҳа кыдҵаны исҳәо шәазыӡырҩы.

Ауаҩы дысшьит сахьихәыз азы,

Ааи, арԥыс — дахьсысыз азы.

24 Каин дызшьуа бжьынтә иқәнага дақәдыршәозар,

Ламе́х дызшьуа — 77-нтә».

25 Адам еиҭа иԥҳәыс длыцышьҭалан, аԥа длоуит. Лара: «Анцәа Авель иҭыԥан даҽа ҵеик дсиҭеит*, избанзар Каин уи дишьит», — лҳәан, ииз лԥа Сиф* ихьӡылҵеит. 26 Сифгьы аԥа диоуит, уи Ено́с ихьӡиҵеит. Уи аамҭазы ауаа Иегова ихьӡ ҳәо иҳәара иалагеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра