Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
3 Ацезарь Тибе́ри инапхгара 15-тәи ашықәс азы Иудеиа дахагылан Понти Пилат, Галилеиа дахагылан И́род*, иашьа Филипп Итуре́иеи Трахонити́деи дырхагылан, Авилине́иа Лиса́ни дахагылан, 2 Аннеи Каиа́феи аԥшьаҩ еиҳабацәас иҟан. Усҟан Анцәа ацәҳәыраҿы иҟаз Заха́риа иԥа Иоанн жәабжьк иеиҳәеит.
3 Убри аҟынтә Иоанн Иордан акәша-мыкәша инхоз зегьы дрылаланы, рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз аадырԥшырц азы, насгьы урҭ ранажьхарц азы аӡы рыҽӡаархырц реиҳәон. 4 Убасала, аԥааимбар Иса́иа ишәҟәаҿы ианыз абарҭ ажәақәа наӡеит: «Ацәҳәыраҿы аӡәы ибжьы ҭыганы иҳәоит: „Иегова* изы амҩа шәырхиа! Икаххаа иҟашәҵа! 5 Аҩхаақәа анышә рҭаԥсаны ишәыриаш, ашьхақәеи ахәқәеи ҟьаҟьараны иҟашәҵа, еихаҵәиуа амҩақәеи аҟәаԥа-ҿаԥарақәеи шәыриаш. 6 Усҟан Анцәа ҳаиқәирхарц азы иааишьҭыз зегьы дырбоит“».
7 Ажәлар рыҽӡаархырц азы Иоанн иахь ианнеиуаз, иара ус реиҳәон: «Амаҭхшақәа шәара! Анцәа игәыԥжәара аарԥшны ауаа цәгьақәа анықәиго, шәара шәеиқәхоит ҳәа шәгәы иаанагома? 8 Шәыгәнаҳақәа шәышрыхьхәыз шәусқәа рыла иаашәырԥшы. Авраам ҳаб иоуп ҳәа шәымҳәалан. Сара ишәасҳәоит: Анцәа абарҭ ахаҳәқәагьы Авраам изы ахшара рылихыр илшоит. 9 Аиха аҵла ашьапаҿы ишьҭарҵахьеит. Ашәыр бзиа зҿамло аҵла хҵәаны, амца иаларыжьуеит».
10 Ажәлар иазҵаауан: «Иҟаҳҵар акәзеи, нас?» 11 Иара иҳәеит: «Ҩ-маҭәак змоу амаҭәа змам ииҭааит, афатә змоу измам ииҭааит». 12 Ашәахтә еизызгозҵәҟьагьы аӡы рыҽӡаархырц иара иахь инеиуан, иагьиазҵаауан: «Арҵаҩы, ҳара иҟаҳҵар акәзеи?» 13 Иара иҳәон: «Ауаа ирыхәҭоу аасҭа еиҳаны ирымшәымхлан». 14 Аруаагьы ус иазҵаауан: «Ҳара иҟаҳҵар акәзеи?» Иара иреиҳәеит: «Ауаа мчыла аԥара рымшәымхлан, акгьы зхарам ахара рыдшәымҵалан, шәмаҵзуразы ишәоуа шәызшәырхала».
15 Ажәлар Христос изыԥшын азы, Иоанн иахьихәаԥшуаз, ргәы иҭахәыцуа ирҳәон: «Абри иакәзар Христос?» 16 Иоанн зегьы абас аҭак риҭон: «Сара ӡыла ауп шәышӡаасхуа, аха даауеит сара саасҭа еиҳау. Сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсаӡам. Иара иԥшьоу адоуҳалеи мцалеи ауп шәышӡааихло. 17 Иара аԥсаҟьага икуп, ичарыц рыцқьаны иҵәахуеит, ацәагьы ахаан имыцәо амца иалажьны ибылуеит».
18 Иара ауаа иҵегь ирабжьигоз рацәан, насгьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон. 19 Анапхгаҩы И́род иашьа иԥҳәыс Иродиа́да ԥҳәысс дигеит, иара убас ирацәан иҟаиҵоз егьырҭ аус цәгьақәагьы. Иоанн уи дышиашам аартны иеиҳәон. 20 Уи азы И́род Иоанн абахҭа дҭеикит, убас ала иус цәгьақәа рахь даҽа ус цәгьак ациҵеит.
21 Иоанн аӡы иӡааихуаз рацәаҩын. Иара Иисусгьы дӡааихит. Иисус Анцәа даниҳәоз, ажәҩан аатын, 22 Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы Иисус иахь илбааит. Ажәҩан аҟынтәгьы абас бжьык аагеит: «Уара бзиа избо Сԥа уоуп. Сара сузыразуп».
23 Иисус имаҵзура даналага 30 шықәса раҟара ихыҵуан. Ишырҳәоз ала, иара
Иосиф диԥан,
Иосиф И́ли диԥан,
24 И́ли Матфа́т диԥан,
Матфа́т Ле́ви диԥан,
Ле́ви Ме́лхи диԥан,
Ме́лхи Ианна́и диԥан,
Ианна́и Иосиф диԥан,
25 Иосиф Матта́фи диԥан,
Матта́фи Амо́с диԥан,
Амо́с Наум диԥан,
Наум Если́ диԥан,
Если́ Нагге́и диԥан,
26 Нагге́и Маа́ф диԥан,
Маа́ф Матта́фи диԥан,
Матта́фи Семе́ин диԥан,
Семе́ин Ио́сих диԥан,
Ио́сих Ио́да диԥан,
27 Ио́да Иоана́н диԥан,
Иоана́н Риса́и диԥан,
Риса́и Зорова́вель диԥан,
Зорова́вель Шеалтие́л диԥан,
Шеалтие́л Ни́ри диԥан,
28 Ни́ри Ме́лхи диԥан,
Ме́лхи А́дди диԥан,
А́дди Коса́м диԥан,
Коса́м Елмада́м диԥан,
Елмада́м Ир диԥан,
29 Ир Иисус диԥан,
Иисус Елиезе́р диԥан,
Елиезе́р Иори́м диԥан,
Иори́м Матфа́т диԥан,
Матфа́т Ле́ви диԥан,
30 Ле́ви Симеон диԥан,
Симеон Иуда диԥан,
Иуда Иосиф диԥан,
Иосиф Иона́м диԥан,
Иона́м Елиаки́м диԥан,
31 Елиаки́м Мелеа́и диԥан,
Мелеа́и Менна́и диԥан,
Менна́и Маттафа́и диԥан,
Маттафа́и Нафа́н диԥан,
Нафа́н Давид диԥан,
32 Давид Иессе́и диԥан,
Иессе́и Ове́д диԥан,
Ове́д Боа́з диԥан,
Боа́з Салмо́н диԥан,
Салмо́н Нахшо́н диԥан,
33 Нахшо́н Аминада́в диԥан,
Аминада́в А́рни диԥан,
А́рни Хецро́н диԥан,
Хецро́н Фаре́с диԥан,
Фаре́с Иуда диԥан,
34 Иуда Иаков диԥан,
Иаков Исаак диԥан,
Исаак Авраам диԥан,
Авраам Фа́рра диԥан,
Фа́рра Нахо́р диԥан,
35 Нахо́р Серу́г диԥан,
Серу́г Ре́у диԥан,
Ре́у Фале́к диԥан,
Фале́к Еве́р диԥан,
Еве́р Шела́х диԥан,
36 Шела́х Каина́н диԥан,
Каина́н Арфакса́д диԥан,
Арфакса́д Сим диԥан,
Сим Нои диԥан,
Нои Ламе́х диԥан,
37 Ламе́х Мафуса́л диԥан,
Мафуса́л Ено́х диԥан,
Ено́х Иаре́д диԥан,
Иаре́д Малелеи́л диԥан,
Малелеи́л Каина́н диԥан,
38 Каина́н Ено́с диԥан,
Ено́с Сиф диԥан,
Сиф Адам диԥан,
Адам Анцәа диԥан.