Ақәҵра
29 Абар урҭ ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы ишуԥшьаша: уи азы иаҭахуп ацәҵыс, гра змам ҩ-ҭыӷьк, 2 арҵәыга злам ача, ахәша аҭаны иҟаҵоу арҵәыга злам ачарҳәқәа, ахәша зыхьшьу арҵәыга злам амгьал ҟьаԥсқәа. Уи зегьы игәӡаны илагоу ачашыла иалхны, 3 акаҵкәыр иҭаҵаны инаг, ацәгьы ҩ-ҭыӷькгьы наг.
4 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь инаг, рҽырӡәӡәарцгьы раҳәа. 5 Анаҩс Ааро́н ишәҵа иауу ахарԥ, аефо́д иаццо амаӷра змам аҵкы, аефо́д, аџьыба*. Аефо́д иацу исны иҟаҵоу амаҟагьы имӷаҵа. 6 Ихаҵа атиурбан, нас атиурбан иԥшьоу адырга* аркы. 7 Анаҩс иԥшьоу ахәша* ганы ихы иақәҭәа, ԥшьаҩыс дҟаларц азы.
8 Уи ашьҭахь иԥацәа ааганы, иауу ахарԥқәа рышәҵа. 9 Ааро́н иԥацәеи иареи амаҟақәа рымӷаҵа, ахҭырԥақәагьы рхаҵа. Урҭ ирхылҵуеи дареи ԥшьаҩцәас иҟазаауеит. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп. Убасала Ааро́н иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас исызкы.
10 Аиқәшәара ақьалахь ацә наг, Ааро́н иԥацәеи иареи рнапқәа уи ахы иақәырҵааит. 11 Ацә Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ишьы. 12 Ацә ашьа аашьҭыхны нацәкьысла акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирыхьшьы, иаанхо акәырбаннагарҭа ашьапахьы икаҭәа. 13 Анаҩс аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьы, агәаҵәа иақәу ашша, аҷаҷақәагьы, ирықәу ашшагьы наганы иблы, акәырбаннагарҭа аҟынтә алҩа ҩеиларц азы. 14 Ацә акәаци, ацәеи, ауаци алагер анҭыҵ иблы. Ари агәнаҳазы акәырбан ауп.
15 Нас аҭыӷьқәа руак га, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵааит. 16 Аҭыӷь шьны, ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәырԥҟҟа. 17 Аҭыӷь еиҿыхны, арҳәарахи ашьапқәеи ӡәӡәа, нас ахы шацу еиқәҵаны, инаганы акәырбаннагарҭа иқәҵа. 18 Аҭыӷь шеибгоу иблы, акәырбаннагарҭа аҟынтә алҩа ҩеиларц азы. Уи Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова изнарго кәырбануп.
19 Уи ашьҭахь егьи аҭыӷьгьы га, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵааит. 20 Аҭыӷь шьны, ашьа аашьҭыхны, Ааро́н иԥацәеи иареи рарӷьа лымҳаҟатареи, рарӷьа нацәкьыс дуи, рарӷьа шьацәкьыс дуи ирыхьшьы, нас уи аҭыӷь ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәырԥҟҟа. 21 Анаҩс акәырбаннагарҭа аҿы иҟоу ашьеи иԥшьоу ахәшеи аашьҭыхны, Ааро́н иԥацәеи иареи, иара убас урҭ рымаҭәақәеи ирықәырԥҟҟа, Ааро́н иԥацәеи иареи урҭ рымаҭәақәеи ԥшьахарц азы.
22 Ига аҭыӷь ашшеи, уи акьаԥеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашшеи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҷаҷақәеи, урҭ ирықәу ашшеи, арӷьа шьапи. Ари аҭыӷь аԥшьаҩцәа ралхразы инарго кәырбануп. 23 Иара убас арҵәыга злам ача зҭоу, Иегова иҿаԥхьа иҟоу акаҵкәыр аҟынтә ига игьежьу ачеи, ахәша злоу ачарҳәи, амгьал ҟьаԥси. 24 Нас уи зегь наганы, Ааро́н иԥацәеи иареи рнапы ианҵаны иҟьа. Уи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбануп. 25 Нас уи зегь аарымхны, ирбылуа акәырбан иақәҵаны акәырбаннагарҭаҿы иблы. Уи Иегова игәы иахәо фҩуп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова изнарго кәырбануп.
26 Ааро́н ԥшьаҩыс дҟаларц азы инагаз аҭыӷь агәышԥы аашьҭыхны иҟьа. Уи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбануп. Аҭыӷь агәышԥы уара иутәуп. 27 Иԥшьа Анцәа иҿаԥхьа ирҟьо акәырбан аҳасабала инарго аҭыӷь агәышԥы, иара убас иԥшьоу хәҭаны иԥхьаӡоу ашьапы — Ааро́н иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас иҟаларц азы кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә иргаз, насгьы ирҟьоз. 28 Уи Ааро́н иԥацәеи иареи иртәу иԥшьоу хәҭоуп. Ари израильаа инарыгӡалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. Дара инарго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә иԥшьоу ахәҭа Иегова ирҭалароуп.
29 Ааро́н иԥшьоу имаҭәа иара ишьҭахь ихылҵуа рахь ииасуеит. Урҭ ахәша рықәҭәаны ԥшьаҩцәас ианалырхло, уи амаҭәа ршәызаауеит. 30 Иара ишьҭахь ԥшьаҩыс иҟало ишьҭра иатәу аӡәы, аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ иуларц азы аиқәшәара ақьалахь иҩналало, уи амаҭәа бжьымш ишәызаауеит.
31 Аԥшьаҩцәа ралхразы инагаз аҭыӷь акәац иԥшьоу аҭыԥ аҿы ижәы. 32 Ааро́н иԥацәеи иареи уи аҭыӷь акәаци акаҵкәыр иҭоу ачеи аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ирфааит. 33 Урҭ ԥшьаҩцәас ианыҟарҵоз, ианырыԥшьоз, рыгәнаҳақәа злархыхыз акәырбан акәац рфалааит. Даҽаӡәы* уи ифар ҟалаӡом, избанзар иԥшьоуп. 34 Кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә, насгьы ача аҟынтә шьыжьынӡа ак аанхар, иблы. Иаанхаз афара ҟалаӡом, избанзар уи ԥшьоуп.
35 Ааро́н иԥацәеи иареи рзы иуасҳәаз зегь ҟаҵа. Ԥшьаҩцәас рыҟаҵаразы бжьымш уҭаххоит. 36 Есыҽны цәык нагала, агәнаҳа ахыхразы. Иара убас акырбаннагарҭа агәнаҳа ахыхны ирыцқьа, нас ахәша ахьшьы иԥшьахарц азы. 37 Акәырбаннагарҭа агәнаҳа ахыхразы бжьымш уҭаххоит. Иԥшьа уи, даараӡа иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. Акәырбаннагарҭаҿы амаҵ зуа зегьы* ԥшьазароуп.
38 Акәырбаннагарҭаҿы есыҽны иааиԥмырҟьаӡакәа шықәсык зхыҵуа ҩ-ҭыӷьк нагала. 39 Ҭыӷьк ашьыжь, егьи — аилашәшәымҭаз*. 40 Актәи аҭыӷь аннаугало, гинк аԥшьбатәи ахәҭа* иреиӷьу амаслинахәша злаҭәоу игәӡаны илагоу ачашыла е́фак ажәабатәи ахәҭа* наугалоит. Иара убас кәырбанс инарго аҩы аҳасабала аги́н аԥшьбатәи ахәҭа аҩы ацнаугалоит. 41 Аҩбатәи аҭыӷь аилашәшәымҭаз инаугалоит, ашьыжь ишнаугаз еиԥш ачашылеи аҩи адкыланы. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы змоу кәырбануп. 42 Ари абиԥарақәа зегьы есыҽны Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ирбыллаша кәырбануп. Уа сара сшәызцәырҵлоит, суацәажәаларц азы.
43 Уа сара израильаа срызцәырҵлоит, уи аҭыԥгьы сыхьӡ-сыԥшала иԥшьазаауеит. 44 Сара аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи сыԥшьоит, иара убас исыԥшьоит Ааро́н иԥацәеи иареи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. 45 Сара израильаа срыланхалоит, Рынцәагьы сакәзаауеит. 46 Усҟан дара еилыркаауеит сара срыланхаларц азы Египет иалызгаз Рынцәа Иегова шсакәу. Сара Рынцәа Иегова соуп.