1 Коринфаа рахь
13 Ауаа рбызшәалеи амаалықьцәа рбызшәалеи сцәажәозар, аха абзиабара сымамзар, аихақәа анеинҟьо ирхылҵуа абжьы саҩызоуп. 2 Аԥааимбаражәақәа рҳәара сылшозаргьы, иԥшьоу маӡас иҟоу зегь здыруазаргьы, дыррас иҟоу зегь сымазаргьы, ашьхақәа еиҭазгартә еиԥш схаҵара ӷәӷәазаргьы, акгьы саԥсахом, абзиабара сымамзар. 3 Ауаа акрырҿасҵарц азы исымоу зегь рысҭаргьы, сыҽхәоит ҳәа сыԥсы рыхҭынҵара сазхиазаргьы, уи ахәарҭа сзаанагом, абзиабара сымамзар.
4 Абзиабара ачҳара амоуп, иқьиоуп. Абзиабара шьыцӡом*, иҽхәаӡом, иԥагьаӡам, 5 ишакәым* ахы мҩаԥнагаӡом, ахы мацара иазхәыцӡом, аԥсахы еибакӡом, шаҟантә идыргәааз аԥхьаӡаӡом, 6 аиашамра иеигәырӷьаӡом, изеигәырӷьо аиашара ауп, 7 зегь ахнагоит, зегь агәра агоит, зегь иақәгәыӷуеит, зегь ачҳауеит.
8 Абзиабара ахаангьы иӡӡом*. Аԥааимбаражәақәа рҳәаразы алшара акәзар, џьашьахәыла абызшәақәа рыла ацәажәара акәзар, иҷыдоу адыррақәа ракәзар — зегьы аамҭалоуп ишыҟоу. 9 Избанзар ҳара адыррақәа нагӡаны иҳамаӡам, ҳԥааимбаражәақәагьы инагӡақәоу иреиуаӡам, ихыбжа-ҿыбжоуп. 10 Аха инагӡоу анааилак, инагӡам, ихыбжа-ҿыбжоу ықәӡаауеит. 11 Саныхәыҷыз, хәыҷҵас сцәажәон, хәыҷҵас схәыцуан, ахәыҷ ихшыҩ акәын исымаз, аха уажәшьҭа, иансызҳа, ахәыҷра иатәу зегь аансыжьит. 12 Уажәы ҳара цқьа иузмырбо асаркьа* ҳаныԥшылошәа ауп зегь хәашьӡа ишаҳбо, аха усҟан зегь цқьаӡа иаҳбалоит. Уажәы сара Анцәа изку адыррақәа нагӡаны исымаӡам, аха усҟан Анцәа изкны зегь здыруа сҟалоит, иара ибзианы сшидыруа еиԥш. 13 Ахаҵареи, агәыӷреи, абзиабареи аанхоит, аха ахԥагьы рҟынтәи еиҳа ихадоу — абзиабара ауп.