Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
7 Иисус ажәлар абарҭ ажәақәа раҳәаны даналга, Капернау́мҟа дцеит. 2 Уа ар реиҳабы пату зқәиҵоз имаҵуҩы ӷәӷәала дычмазаҩхан, аԥсра даҿын. 3 Ар реиҳабы Иисус иӡбахә аниаҳа, аиудеиаа реиҳабацәа Иисус иахь ишьҭит и́ҳәарц, дааны, имаҵуҩы дихәышәтәырц. 4 Дара Иисус иахь иаан, иӷьаҵәыӷьаҵәуа абас иҳәара иалагеит: «Иара уи ззыҟауҵаша аӡә иоуп, уи даԥсоуп, 5 избанзар ҳажәлар бзиа ибоит. Ҳсинагога зыргылазгьы иара иоуп». 6 Иисусгьы урҭ дрыццеит, аха аҩны даназааигәахоз, ар реиҳабы иҩызцәа ишьҭит, Иисус абас иарҳәарц: «Ухаҵкы, ухы аџьабаа аумырбан, сызусҭада сара, сыҩны унеиртә еиԥш? 7 Сара уи саԥсаӡам, убри азоуп уара уахь сзымааиз. Ажәа заҵәык уҳәаргьы, смаҵуҩы дыбзиахоит. 8 Саргьы аӡә инапаҵаҟа сшыҟоугьы, снапаҵаҟагьы аруаа ыҟоуп. Руаӡәк „уца“ ҳәа иасҳәар, дцоит, егьи „уааи“ ҳәа иасҳәар, дааиуеит, смаҵуҩгьы „абри ҟаҵа“ ҳәа идысҵар, иҟаиҵоит». 9 Иисус ари аниаҳа, иџьеишьан, ишьҭанеиуаз ажәлар рахь ихы рханы иҳәеит: «Сара ишәасҳәоит: израильаа рыбжьарагьы абри аҩыза ахаҵара змоу аӡә дсымбацт». 10 Ар реиҳабы иишьҭыз ауаа аҩныҟа ианыхынҳә, амаҵуҩы дшыбзиахаз рбеит.
11 Уи ашьҭахь хара имгакәа, Иисус дцеит Наи́н ақалақь ахь, иҵаҩцәагьы уахь иццеит, имаҷҩымкәа ауаагьы ишьҭалеит. 12 Ақалақь агәашәқәа данырзааигәахоз, ақалақь аҟынтә аԥсы дшааргоз ибеит. Уи аԥҳәысеиба лыҷкәынзаҵә иакәын. Лара жәларык лыцны иаауан. 13 Иисус аԥҳәыс даниба, дрыцҳаишьан, бымҵәыуан ҳәа леиҳәеит. 14 Нас аԥсы днаидгылан, дызныз асакаса далакьысит. Дызгоз анаангыла, Иисус иҳәеит: «Сыҷкәын, уара уоуп изасҳәо, угыл!» 15 Аԥсы иԥсы ҭалан, дҩықәтәан, ацәажәара далагеит. Нас Иисус аҷкәын иан длиҭеит. 16 Иҟалаз ауаа зегь аршанхеит, Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит. Дара ирҳәон: «Аԥааимбар ду даҳзааит», иара убас «Анцәа ижәлар ихамышҭӡеит». 17 Уи ашьҭахь Иисус иӡбахә уи аҭыԥ акәша-мыкәшеи Иудеиеи ирхыҵәеит.
18 Иоанн иҵаҩцәа абри зегь изеиҭарҳәеит. 19 Усҟан Иоанн ҩыџьа иҵаҩцәа Иисус иахь ишьҭит, иазҵаарц: «Уара уоума иаараны иҟаз, мамзаргьы даҽаӡә даараны дыҟоу?» 20 Урҭ Иисус иахь ианнеи, ус иарҳәеит: «Иоанн Аӡӡаахҩы уара уахь ҳааишьҭит, ҳуазҵаарц: „Уара уоума иаараны иҟаз, мамзаргьы даҽаӡә даараны дыҟоу?“» 21 Убри аамҭазы Иисус еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз ауаа ихәышәтәит, адемонцәа зхаԥаны иҟаз ирхицеит, зыла иамбоз рыла иабо иҟаиҵеит. 22 Иисус ус реиҳәеит: «Шәцаны, ижәбаз-ишәаҳаз Иоанн иашәҳәа: илашәыз ирбоит, ицыркьуаз ныҟәоит, ацәеилабаара змаз бзиахоит, идагәаз ираҳауеит, иԥсыз рыԥсы ҭалоит, иӷаругьы ажәабжь бзиа раҳауеит. 23 Насыԥ имоуп сара исыхҟьаны зхаҵара зцәымӡуа ауаҩы*».
24 Иоанн иҵаҩцәа анца, Иисус ажәлар Иоанн иӡбахә раҳәара далагеит: «Шәызцеи ацәҳәырахь? Ижәбарц ишәҭахызи? Аԥша иарҵысуа акалам акәызма шәызхәаԥшуаз? 25 Нас, ижәбарц ишәҭахыдаз? Амаҭәа бзиа зшәу ауаҩ иоума ижәбарц ишәҭахыз? Аҳҭынраҿы акәӡами амаҭәа бзиа зшәу, амал ду змоу ахьынхо? 26 Нас, шәызцеи уахь? Аԥааимбар дыжәбарц азоума? Ааи, уи дԥааимбаруп, аԥааимбар иаасҭагьы деиҳауп. 27 Иара иоуп изызку Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: „Сара уара уаԥхьа ажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит. Иара амҩа узааиртуеит“. 28 Сара ишәасҳәоит: адгьыл аҿы инхоз ауаа рыбжьара Иоанн Аӡӡаахҩы иаасҭа еиҳау дыҟамызт, аха Анцәа Иаҳраҿы зегь иреиҵоу иара диеиҳауп. 29 (Иоанн иҿы зыҽӡаазхыз ажәлари ашәахтәеизгаҩцәеи ари анраҳа, Анцәа иҟаиҵо зегь иашоуп ҳәа аҳәара иалагеит. 30 Аха афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи Иоанн аӡы иӡааихыр рҭахымхеит, убасала Анцәа ииҭахыз ҟарымҵаӡеит.)
31 Изыҿсырԥшрыда ари абиԥара, изеиԥшыда дара? 32 Урҭ аџьармыкьаҿы итәаны ихәмаруа ахәыҷқәа иреиԥшуп. Дара еиқәҿыҭны абас рҳәоит: „Ҳара аҿарпын шәзаҳарҳәон, аха шәара шәкәашаӡомызт. Ҳара ҳқьызқьызуа ҳҵәыуон, аха шәара шәҳацҵәыуаӡомызт“. 33 Убас еиԥш Иоанн ача ифом, аҩы ижәуам, аха адемон дихоуп ҳәа шәҳәоит. 34 Ауаҩытәыҩса Иԥа акрагьифоит, акрагьижәуеит, аха аԥсыцәгьеи аҩыжәҩи ҳәа изышәҳәоит, ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи рҩыза иоуп шәҳәоит. 35 Аха ауаҩы дышҟәыӷоу иус бзиақәа роуп иаазырԥшуа».
36 Афарисеицәа руаӡәк Иисус сасра дааиԥхьеит. Иисус афарисеи иҩны даннеи, акрыфара ҳәа дтәеит. 37 Уи ақалақь аҿы дынхон ԥҳәыск. Лара зегь еицырдыруаз гәнаҳаҟаҵаҩын. Иисус афарисеи иҩны дшыҟоу анлаҳа, зыфҩы хааз ахәша зҭаз, алебастр иалхыз аирыӡ лыманы уахь днеит. 38 Длаӷырӡышо, Иисус иаԥхьа дшьамхышгылеит. Лылаӷырӡқәа ишьапқәа ирықәҭәон, лыхцәқәа рылагьы урҭ лырбон. Ишьапқәа дрыгәӡуа, ахәша рықәылҭәон. 39 Иисус зҿы дыҟаз афарисеи ари аниба, абас игәы дҭахәыцуа далагеит: «Дԥааимбарызҭгьы, илакьысуа дзакә ԥҳәысу идыруазаарын, идыруазаарын уи дшыгәнаҳаҟаҵаҩу». 40 Иисус афарисеи иихәыцуаз дырны, ус иеиҳәеит: «Си́мон, ак уасҳәар сҭахуп». — «Иҳәа, сырҵаҩы!» — иҳәеит иара.
41 «Аӡәы ҩыџьа ауаа уалла аԥара риҭеит. Руаӡәк — 500 динар*, егьи — 50. 42 Аха руал зларшәоз рымамызт азы, иара урҭ гәык-ԥсыкала иранаижьит. Угәы ишԥаанаго, рыуа дарбану еиҳа бзиа дызбало?» 43 «Еиҳа зқәыз ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Си́мон. — «Уиашоуп», — иҳәеит Иисус. 44 Нас аԥҳәыс лахь днаԥшын, Иисус Си́мон иеиҳәеит: «Улыхәаԥши абри аԥҳәыс. Сара уҩны сааит, аха уара сшьапы зласыӡәӡәаша аӡы сумҭаӡеит. Лара лакәзар, лылаӷырӡқәа рыла сшьапқәа лыӡәӡәан, лыхцәала илырбеит. 45 Уара сыгәӡны аԥсшәа соумҳәаӡеит. Лара лакәзар, дааижьҭеи сшьапқәа рыгәӡра даҿуп. 46 Уара схы ахәша ақәумҭәаӡеит. Лара лакәзар, сшьапқәа зыфҩы хаау ахәша рықәылҭәеит. 47 Убри аҟынтә иуасҳәоит, лыгәнаҳақәа шырацәоугьы, сара урҭ ланасыжьит, избанзар абзиабара ду аалырԥшит. Ауаҩы ианажьу маҷзар, ибзиабарагьы маҷхоит». 48 Уи ашьҭахь илеиҳәеит: «Быгәнаҳақәа банасыжьуеит». 49 Акрыицызфоз ус еибырҳәо иалагеит: «Ауаа рыгәнаҳақәагьы ранаижьуеит. Дызусҭада, уара, ари?» 50 Иара аԥҳәыс ус леиҳәеит: «Бхаҵара беиқәнархеит, бгәы рҭынчны бца».