Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
11 Уи аамҭазы Лазарь зыхьӡыз хаҵак дычмазаҩхеит. Иара Мариеи лаҳәшьа Марфеи ахьынхоз Вифа́ниа ақыҭаҿы дынхон. 2 Уи Мариа Иҳақәиҭу ишьапқәа ахәша рықәҭәаны зыхцәы ала изырбаз Мариа лакәын. Ичмазаҩхаз Лазарь лашьа иакәын. 3 Иаҳәшьцәа Иисус изынарыцҳаит: «Иҳақәиҭу, бзиа иубоз дычмазаҩхеит». 4 Иисус ари аниаҳа, ус иҳәеит: «Ари ачымазара иалҵшәахо аԥсра акәӡам, уи Анцәа Иԥеи иареи ҳаранакуеит».
5 Иисус Марфеи, лаҳәшьеи, Лазари бзиа ибон. 6 Аха Лазарь дшычмазҩу аниаҳа, дахьыҟаз аҭыԥ аҿы даҽа ҩымш даангылеит. 7 Уи ашьҭахь иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәаала, еиҭа Иудеиаҟа ҳцап». 8 Иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Арҵаҩы*, уажәы ауми аиудеиаа ахаҳә уарганы уршьырц анырҭахыз, еиҭа уахь уцома?» 9 Иисус иҳәеит: «Амш 12 сааҭ ракәӡами иамоу? Ҽынла иныҟәо акгьы дахҟьашаӡом, избанзар ари адунеи алашара ибоит. 10 Уахынла иныҟәо дшьацәхныслоит, избанзар алашара имаӡам».
11 Абри аниҳәа ашьҭахь иациҵеит: «Ҳҩыза Лазарь дыцәеит, аха сара иаарԥшра сцоит». 12 Иҵаҩцәа ус рҳәеит: «Иҳақәиҭу, дыцәазар, дыбзиахоит». 13 Иисус Лазарь дыԥсит ҳәа ауп ииҳәарц ииҭахыз, аха дара уи дыцәоуп ҳәа иҳәарц иҭахыз џьыршьеит. 14 Усҟан Иисус урҭ иаартны иреиҳәеит: «Лазарь дыԥсит. 15 Сара уа сахьыҟамыз сеигәырӷьоит, избанзар шәхаҵара уажәшьҭа еиҳагьы иӷәӷәахоит. Шәаала иара иахь ҳцап». 16 Еициз ҳәа изышьҭаз Фома егьырҭ аҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәаала ҳаргьы ҳцап, ҳицыԥсырц азы».
17 Иисус уахь даннеи, Лазарь адамра дҭеижьҭеи ԥшьымш шыҵуаз еиликааит. 18 Вифа́ниа Иерусалим иазааигәан, 3-ҟа километра* бжьан. 19 Зашьа дызгәырҩоз Марфеи Мариеи ирыдышшыларц азы имаҷҩымкәа аиудеиаа ааит. 20 Марфа Иисус даауеит ҳәа анлаҳа, диԥыларц дцеит. Мариа аҩны даангылеит. 21 Марфа Иисус ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ара уҟазҭгьы, сашьа дыԥсӡомызт. 22 Аха уажәгьы агәра ганы сыҟоуп Анцәа узызиҳәозаалакгьы шуиҭо». 23 Иисус иҳәеит: «Башьа иԥсы ҭалоит». 24 Марфа ус лҳәеит: «Издыруеит аҵыхәтәантәи амш аҽны аԥсҭалара аныҟало иԥсы шҭало». 25 Иисус иҳәеит: «Сара аԥсҭалареи аԥсҭазаареи соуп. Сара схазҵо дыԥсыргьы, иԥсы ҭалоит. 26 Зыԥсы ҭоу схазҵо дарбанзаалак ахаан дыԥсӡом. Агәра бгома уи?» 27 Лара илҳәеит: «Ааи, Иҳақәиҭу, агәра згоит уара адунеи ахь иаараны иҟаз Анцәа Иԥа Христос шуакәу». 28 Убри анылҳәа ашьҭахь, лаҳәшьа Мариа даалгарц дцеит. Аӡәгьы ианимаҳауаз ус лалҳәеит: «Арҵаҩы ара дыҟоуп, дбыԥхьоит». 29 Мариа иаразнак дҩагылан, Иисус иахь лҿыналхеит.
30 Иисус ақыҭа даламлаӡацызт, Марфа дахьиԥылаз ауп дахьыҟаз. 31 Мариа илыдышшыларц лыҩныҟа инеиз аиудеиаа ашырҳәа дҩагыланы дышдәылҵыз анырба, лашьа дылҵәыуарц адамрахьы дцоз џьыршьан, даргьы лышьҭалеит. 32 Мариа Иисус дахьыҟаз днеит. Данылба, иҿаԥхьа лыҽкалыжьын, ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ара уҟазҭгьы, сашьа дыԥсӡомызт». 33 Иисус Мариеи илыцны иааз аиудеиааи шҵәыуоз аниба, дааӷызын, игәы аҵәыуара иакуа, 34 ус иҳәеит: «Дабашьҭашәҵеи?» Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, уаала, ухаҭа иубап». 35 Иисус аҵәыуара далагеит. 36 Усҟан аиудеиаа ус рҳәеит: «Шаҟа бзиа дибоз жәбома?» 37 Аха шьоукы абас рҳәо иалагеит: «Алашә ибо дҟазҵаз абри ауаҩгьы дымԥсыртә изыҟамҵаӡози?»
38 Иисус еиҭа дааӷызын, адамра днадгылеит. Уи ахаҳә зыдгылаз ҳаԥын. 39 Иисус иҳәеит: «Ахаҳә адышәх». Иԥсыз иаҳәшьа Марфа ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ԥшьымш ҵхьеит, ифҩы ҵысхьазар акәхап». 40 Иисус ус леиҳәеит: «Ибасымҳәахьази ахаҵара аабырԥшлар, Анцәа ихьӡ-иԥша ббоит ҳәа?» 41 Ахаҳә адырхит. Иисус ажәҩан днаҵаԥшын, ус иҳәеит: «Саб, иҭабуп ҳәа уасҳәоит сыҳәара ахьуаҳаз азы. 42 Сара издыруеит сыҳәарақәа еснагь ишуаҳауа. Аха уи зысҳәаз, ара игылоу ауаа сшааушьҭыз агәра ргарц азоуп». 43 Убри иҳәан, ибжьы рдуны ҿааиҭит: «Лазарь, уҭыҵ!» 44 Иаргьы дааҭыҵит. Инапқәеи ишьапқәеи кәыршала икәыршан, ихы-иҿгьы ҭаҳәҳәан. Иисус иҳәеит: «Дыԥшәырты, доушәыжь».
45 Уи ашьҭахь Мариа лахь иааз, насгьы Иисус иҟаиҵаз збаз имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дхарҵеит. 46 Аха шьоукы афарисеицәа рахь ицан, Иисус иҟаиҵаз зегь рарҳәеит. 47 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи Асинедрио́н еизырган, ус рҳәеит: «Иҟаҳҵарызеи? Ари ауаҩ аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵоит. 48 Акгьы ҟаҳамҵар, зегьы дхарҵоит. Усҟан римаа ааны, ҳныҳәарҭеи* ҳажәлари ртәыртәуеит». 49 Уа дыҟан уи ашықәс азы ԥшьаҩ хадас иҟаз Каиа́фа. Иара иҳәеит: «Шәара акгьы шәзеилкааӡом. 50 Ишәзеилкааӡом жәларык рзы аӡәы дыԥсыр шәара шәзы еиҳа ишеиӷьу, ажәлар зегь ҭахар аасҭа». 51 Каиа́фа уи ихала иӡбаны имҳәаӡеит. Иара уи ашықәс азы ԥшьаҩ хадас дыҟан азы аԥааимбаражәа иҳәеит: Иисус ажәлар рзы дыԥсраны дшыҟаз, 52 ажәлар рзы адагьы, иԥсаҟьаны иҟаз Анцәа ихәыҷқәа реизгара азгьы. 53 Убри аҽны инаркны дара Иисус дшыршьыша иазхәыцуа иалагеит.
54 Убри аҟынтә Иисус аиудеиаа дахьырбоз уаҳа аргама дцәырҵӡомызт. Иара ацәҳәыра иазааигәаз Ефрем* ақалақь ахь дцан, иҵаҩцәеи иареи уа иаангылеит. 55 Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон. Убри аҟынтә аныҳәа ааиаанӡа рҽыдрыцқьарц азы ақыҭарақәа рҟынтәи Иерусалимҟа иааз рацәаҩын. 56 Дара Иисус ишьҭан. Аныҳәарҭаҿы иахьгылаз ус еибырҳәон: «Шәгәы ишԥаанаго, аныҳәахь дмаари?» 57 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи ракәзар, Иисус дыркырц рҭахын азы, дахьыҟоу аӡәыр еиликаар, дааны иреиҳәарц адҵа ҟарҵеит.