3 Иоанн
1 Зықәрахь инеихьоу иҟынтә гәык-ԥсыкала бзиа избо, ҳаҭыр зқәу Гаи уахь.
2 Гәык-ԥсыкала сыззыҟоу сашьа, Анцәа сиҳәоит угәы бзиазарц, уԥсҭазаараҿы уажәеиԥш еснагь зегь бзиазарц. 3 Даараӡа сеигәырӷьеит аишьцәа ааны иансарҳәа, уара гәыла-ԥсыла аҵабырг ушадгылоу, сгәырӷьоит анаҩсгьы аҵабырг уахьацныҟәо. 4 Схәыҷқәа аҵабырг ишацныҟәо саҳауеит, сара сзы уи еиҳау гәырӷьарак ыҟам.
5 Бзиа избо сашьа, иузымдыруа аишьцәа ирзыҟауҵо иаанарԥшуеит гәык-ԥсыкала Анцәа ушизыҟоу. 6 Урҭ убзиабара атәы аизараҿы еиҭарҳәеит. Суҳәоит, Анцәа ишиҭаху еиԥш урҭ еиқәыршәаны, амҩа иқәҵа. 7 Дара егьырҭ ажәларқәа рҿы акгьы мгаӡакәа, иара ихьӡ аҳаҭыр азы амҩа иқәлеит. 8 Ус еиԥш иҟоу ауаа гәаартыла ҳарԥылалар ауп, уи уалны иҳадуп, аҵабырг аларҵәараҿы аус еицаҳауларц азы.
9 Сара аизарахь асаламшәҟәы сыҩхьан, аха шәыбжьара еснагь аԥхьагылара иашьҭоу Диотреф иаҳҳәо ак пату ақәҵаны идикылом. 10 Шәара шәҿы саннеилак, уи иҟам-ианым ҳахҳәаауа иҟаиҵоз зегь аартны ишәзеиҭасҳәоит. Иҟаиҵо азмырхакәа, иара аишьцәа пату рықәиҵаӡом, гәаартыла идикылаӡом, издызкыларц зҭахугьы дырԥырхагоуп, аизара иалырцарцгьы дашьҭоуп.
11 Гәык-ԥсыкала сыззыҟоу сашьа, ацәгьа ҟазҵо урҿымԥшлан, абзиара ҟазҵо урҿыԥшла. Абзиара ҟазҵо Анцәа дитәуп, ацәгьа ҟазҵо — Анцәа дизымдырӡацт. 12 Димитри зегьы ибзианы ихцәажәоит, избанзар аҵабырг дацныҟәоит. Ҳаргьы дҳарҽхәоит, уара иудыруеит ҳара аиаша шаҳҳәо.
13 Иуасҳәаша рацәоуп, аха зегь ақьаад ианысҵар сҭахӡам. 14 Сгәыӷуеит иаарласны ҳаибабап ҳәа, усҟан ҳазхарагьы ҳаицәажәап.
Абзиара узыҟалааит!*
Ара иҟоу ҳҩызцәа асалам урҭоит, уа иҟоу ҳҩызцәагьы зегьы хаҭала асалам сызрыҭ.