Ақәҵра
19 Израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь ахԥатәи амзазы* синаитәи ацәҳәырахь инеит. 2 Дара Рефиди́м аҟынтә синаитәи ацәҳәырахь инеин, ашьха азааигәара рлагер дыргылеит.
3 Моисеи Анцәа ду ишьхахь дхалеит. Уа Иегова Моисеи абас иеиҳәеит: «Иаков ихылҵыз израильаа абас сызраҳә: 4 „Шәара шәхаҭақәа ижәбеит египтаа ирзызуз, ауарбажә амҵәыжәҩақәа рыла шәышьҭыхны сара сахь шәшаазгаз. 5 Сҳәатәы шәахымԥалар, сеиқәшаҳаҭрагьы нашәыгӡалар, ажәларқәа зегь рыбжьара сара истәу, иҷыдоу* мазараны шәҟалоит, избанзар адгьыл зегь зтәу сара соуп. 6 Шәара сара сзы иԥшьоу жәларны, ԥшьаҩцәас амаҵ зуа аҳцәаны* шәҟалоит“. Абарҭ ажәақәа израильаа исызраҳә».
7 Моисеи дхынҳәын, ажәлар реиҳабацәа еизиган, Иегова иеиҳәаз зегь рзеиҭеиҳәеит. 8 Убасҟан ажәлар зегь еицҿакны абас рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит». Моисеи иаразнак урҭ ажәақәа Иегова иеиҳәеит. 9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара аԥҭа еиқәаҵәала уара уахь снеиуеит, сануацәажәало ажәлар ираҳаларц, насгьы еснагь угәра ргаларц азы». Моисеи ажәлар ражәақәа Иегова иҟынӡа инеигеит.
10 Анаҩс Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ажәлар рахь уца, иахьагьы уаҵәгьы иԥшьа, ауаа рымаҭәақәа рыӡәӡәааит. 11 Дара ахԥатәи амш анааиуа ихиазароуп, избанзар ахԥатәи амш аҽны урҭ ишырбо Иегова Синаи ашьхахь дылбаауеит. 12 Ауаа рзы ашьха иаакәыршаны аҳәаақәа арба, абасгьы раҳәа: „Шәгәышәҽаныз, ашьха шәхамлан, ааигәарагьы шәымнеин. Ашьха зшьапы ықәзыргылаз дышьтәуп. 13 Уи ахаҳә дарганы, ма ахҿала* дыршьыроуп, аха аӡәгьы напыла дикьымсроуп. Ашьха зшьапы ықәзыргылаз — аԥстәы акәзааит, ауаҩы иакәзааит — рыԥсы ҭаны иаанхом“. Аҭыӷь атәыҩа иалху абыкь абжьы ангалак ауп ауаа ашьха ааигәара анеира анрылшо».
14 Моисеи ашьха дылбаан, ажәлар иԥшьеит, ауаагьы рымаҭәақәа рыӡәӡәеит. 15 Иара ус иҳәеит: «Хымш шәҽазыҟашәҵала. Шәыҳәса шәрыцышьҭамлан».
16 Ахԥатәи амш аҽны ашьыжь адыд абжьы геит, амацәысрагьы иалагеит, ашьхаҿы аԥҭа хьанҭа цәырҵит, абыкь абжьгьы ӷәӷәаны игеит. Алагер аҿы ауаа зегьы рцәа иааҭаӡыӡеит. 17 Моисеи урҭ алагер аҟынтә иманы дааит, Анцәа ду иԥыларц азы, даргьы неин ашьха ашьапаҿы игылеит. 18 Ашьха Синаи зегь алҩа ахылббы ицон, избанзар Иегова уи ашьхахь мцала дылбааит. Ашьхаҟынтә аԥечка* аҟынтә еиԥш алҩа ҩеиуан, ӷәӷәалагьы ихыџхыџуан. 19 Абыкь абжьы еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, Моисеи дцәажәон, Анцәа ду уи аҭак ииҭон.
20 Иегова ашьха Синаи ақәцәахь дылбааит. Анаҩс Иегова Моисеи ашьха ақәцәахь диԥхьеит, Моисеигьы уахь дхалеит. 21 Уа Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Улбааны ауаа ргәырҽанҵа, Иегова ҳихәаԥшуеит ҳәа арахь иааскьарц иаламгааит, акәымзар иԥсуа рацәаҩхоит. 22 Иегова изааигәахо аԥшьаҩцәа ракәзар, рҽырыԥшьааит, Иегова иҭеимырхарц азы». 23 Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Ажәлар ашьха Синаи ахь ихалаӡом, избанзар уара ҳгәыҳҽануҵахьеит, абасгьы соуҳәахьеит: „Ашьха иаакәыршаны аҳәаақәа арба, ишыԥшьоугьы рылаҳәа“». 24 Аха Иегова иҳәеит: «Улбааны Ааро́н думаны ухал. Аԥшьаҩцәеи ажәлари ракәзар, Иегова иахь ихаларц иаламгааит, иҭеимырхарц азы». 25 Моисеи ажәлар рахь дылбаан, зегь реиҳәеит.