2 Иоанн
1 Зықәрахь инеихьоу иҟынтә Анцәа иалихыз аԥҳәыс* лхәыҷқәеи лареи рахь. Гәык-ԥсыкала бзиа шәызбоит. Бзиа шәызбо сара сымацара сакәӡам, аҵабырг здызкылаз зегьы бзиа шәырбоит. 2 Бзиа шәаҳбоит, избанзар аҵабырг ҳгәаҵа иҭоуп, наунагӡагьы иҭазаауеит. 3 Жәҩантәи Ҳаб Ҳанцәеи Иԥа Иисус Христоси ҳзыԥсам ақьиара аадырԥшлоит, ҳрыцҳаршьалоит, аҭынчра ҳарҭоит, бзиа ҳарбалоит, насгьы аҵабырг ҳдырҵалоит.
4 Сара даараӡа сгәырӷьоит, избанзар еилыскааит бхәыҷқәа шьоукы, Ҳаб ишҳадиҵаз еиԥш, аҵабырг амҩа ишану. 5 Аҳәара ҟасҵоит, бхаҵкы, бзиа ҳаибабалап. Ари иҿыцу ԥҟараӡам, уи аханатә аахыс иҳаман. 6 Бзиа абара иаанагоит Ҳаб иԥҟарақәа рықәныҟәара. Aханатә аахыс ишәаҳахьоу аԥҟара инақәыршәаны, еснагь бзиа шәеибабала. 7 Амцҳәаҩцәа рацәаҩхеит. Дара Иисус Христос ауаҩ иеиԥш дшааз агәра ргаӡом. Уи агәра зымго дымцҳәаҩуп, дантихриступ.
8 Шәхы шәацклаԥшла, аџьабаа здаҳбалаз шәцәымӡырц азы, насгьы Анцәа ишәызирхиаз зегь шәоурц азы. 9 Христос иҵарақәа ирықәымныҟәо, насгьы ауаа даҽакы дзырҵо, Анцәа дрымаӡам. Христос иҵарақәа ирықәныҟәо Абгьы дрымоуп, Аԥагьы дрымоуп. 10 Даҽа ҵарак иманы аӡәы шәыҩны днеиуазар, дшәыдшәымкылан, аԥсшәагьы иашәымҳәан, 11 избанзар аԥсшәа иазҳәо уи иус цәгьақәа дрылахәхоит.
12 Ишәасҳәаша рацәоуп, аха зегь ақьаад ианысҵар сҭахӡам. Сгәыӷуеит шәара шәҿы сҟалоит ҳәа, усҟан ҳазхарагьы ҳаицәажәап, шәгәырӷьарагьы иацлап.
13 Анцәа иалихыз баҳәшьа лхәыҷқәа асалам бырҭоит.