Ақәҵра
10 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Афараон иахь уца. Сара афараонгьы имаҵуцәагьы иаҿаршәны мап ркырц зуит. Уи зыҟасҵаз афараон иҿаԥхьа арҭ аџьашьахәқәа ҟасҵарц азоуп, 2 насгьы шәхәыҷқәеи шәмоҭацәеи египтаа шаҟа иџьбараны срызныҟәаз, иара убас закәытә џьашьахәқәоу рыбжьара иҟасҵаз рзеиҭашәҳәарц. Усҟан сара Иегова шсакәу еилышәкаауеит».
3 Моисеии Ааро́ни афараон иахь инеин ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит ауриацәа Рынцәа Иегова: „Шаҟаамҭа усҿагылалозеи? Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 4 Еиҭах иоусышьҭӡом ҳәа уалагар, уаҵәы удгьыл зегь асаранча ажәысҵоит. 5 Уи адгьыл умбо зегь хнаҩоит. Иара акырцх иацәынхаз зегь афоит, амхқәа рҿы иҟоу аҵлақәагьы зегь хнафаауеит. 6 Асаранча уҩни, умаҵуцәа рыҩни, Египет иҟоу аҩнқәеи ипылыпылуа ирыҩналоит. Уиаҟара асаранча уабацәагьы уабдуцәагьы ахаан ирымбацызт“». Абас ҳәаны иара афараон иҟынтә ддәылҵит.
7 Уи ашьҭахь афараон имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Ҳабанӡаиргәаҟло ари ауаҩ? Иоушьҭ арҭ ауаа, Рынцәа Иегова имаҵ руларц азы. Египет анҵәара ишаҿу умбаӡои?» 8 Усҟан афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәца, Шәынцәа Иегова имаҵ жәула. Аха ицода?» 9 Моисеи иҳәеит: «Хәыҷгьы-дугьы ҳцоит, ҳаҷқәынцәеи, ҳаԥҳацәеи, ҳуасақәеи, ҳшьамаҟеи ҳаманы ҳцоит, избанзар Иегова изку аныҳәа ҳамоуп». 10 Аха афараон ус иҳәеит: «Знымзар-зны шәхәыҷқәеи шәареи шәоусышьҭыр, усҟан ииашаҵәҟьаны Иегова дшәыцуп! Шәгәы ацәгьара шҭашәкыз еилыкка иубарҭоуп. 11 Мап, ахацәа заҵәык цаны Иегова имаҵ руааит. Уи ауми ишәҭахыз?» Абас ҳәаны афараон урҭ дәылицеит.
12 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы неиҵыхны Египет ахь ирха, усҟан Египет асаранча ажәлоит. Иара уи адгьыл аҿы акырцх иацәынхаз аҵиаақәа зегь афоит». 13 Моисеи Египет ахь илабашьа анирха, Иегова мрагыларатәи аԥша аирсит. Аҽнынтәараки аухантәараки аԥша асуан, ашьжьымҭан уи асаранча аанагеит. 14 Асаранча Египет зегь иахыҵәеит. Уи рыцҳара духеит. Уиаҟара асаранча ахаангьы иҟамызт, иҟаларангьы иҟам. 15 Иара адгьыл зегь хнаҩан, зегь еиқәаҵәаӡа иҟалеит. Асаранча аҵиаақәа зегь афеит, акырцх иацәынхаз ашәыргьы афеит. Египеттәи адгьыл аҟны аҵлақәа рҿы бӷьыцкгьы аанымхеит, шьац иаҵәакгьы аанымхеит.
16 Афараон иаразнак Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Сара Шәынцәа Иегова иҿаԥхьеи шәара шәҿаԥхьеи агәнаҳа ҟасҵеит. 17 Сыгәнаҳа даҽа знык исанашәыжь, насгьы Шәынцәа Иегова шәиҳәа, ари арыцҳара сԥыригарц». 18 Иара* афараон иҟынтә ддәылҵын Иегова диҳәеит. 19 Усҟан Иегова аԥша ахырхарҭа иԥсахын, мраҭашәаратәи аԥша ӷәӷәа асаранча Амшын ҟаԥшь ахь иагеит. Египеттәи адгьыл аҿы саранчакгьы аанымхаӡеит. 20 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы израильаа ауимышьҭӡеит.
21 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы неиҵыхны ажәҩан ахь ирха, Египет алашьцара ахаԥарц азы, уаҩ иимбац алашьцара жәпа». 22 Моисеи иаразнак инапы ажәҩан ахь ирхеит, усҟан Египет алашьцара жәпа ахаԥеит, хымшгьы иахаԥаны иҟан. 23 Алашьцара иахҟьаны аӡәи-аӡәи зеибабаӡомызт. Хымш аӡәгьы иҩны ддәылымҵӡеит, израильаа ахьынхоз акәзар, алашара ыҟан. 24 Уи ашьҭахь афараон Моисеи диԥхьан, ус иеиҳәеит: «Шәца, Иегова имаҵ жәула. Шәхәыҷқәагьы шәыцны ицар ҟалоит. Амала, шәуасақәеи шәшьамаҟеи аанхааит». 25 Аха Моисеи иҳәеит: «Мап, аԥстәқәагьы ҳауҭоит*, акәырбанқәеи ирбылуа акәырбанқәеи рзы, избанзар Ҳанцәа Иегова урҭ изнаҳгар ауп. 26 Ҳарахәгьы ҳацны ицоит, ԥстәыкгьы аанхаӡом, избанзар Ҳанцәа Иегова ҳанимҵахырхәало ҳарахә ахәҭак ҳҭаххоит. Уахь ҳнеиаанӡа Иегова кәырбанс изнаҳго ҳаздырӡом». 27 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы урҭ роушьҭра иҭахымхаӡеит. 28 Афараон Моисеи иеиҳәеит: «Уца наҟ! Уаҳа сыла уҽаумырбан! Даҽазны уанааи, усшьуеит». 29 Моисеи иҳәеит: «Ибзиоуп, уаҳа ула сабараны сыҟаӡам».