Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 7
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Гедеони 300-ҩык аруааи (1—8)

      • Гедеон ируаа мадианаа ԥыххааса иқәырҵоит (9—25)

        • «Ари Иеговеи Гедеони реибашьра ауп!» (20)

        • Мадианаа рлагер хыла-гәыла еилалоит (21, 22)

Аӡбаҩцәа 7:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «атәыҩа».

Аӡбаҩцәа 7:19

Албаагақәа

  • *

    Уахынла асааҭ 10 раҟара инаркны ҵхыбжьон асааҭ 2 раҟара рҟынӡа.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 7:1–25

Аӡбаҩцәа

7 Иероваа́л, мамзаргьы Гедео́н, ицыз ауаагьы иаргьы ашьыжь шаанӡа игылан, аӡыхь Харо́д аҿы рлагер дыргылеит. Мадиа́наа рлагер аӡыхь Харо́д аҩадахьы, арха игылан, Море́ ҳәа изышьҭаз ахәаҿы. 2 Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Иуцу ауаа рацәоуп. Сара мадиа́наа шәысҭаӡом, израильаа рымчала аиааира ргазшәа аҽхәара иаламгарц азы. 3 Убри аҟынтә иуцу ауаа абас рылаҳәа: „Ишәо, зшьамхқәа аҟәара-ҟәараҳәа еиҵасуа иҩныҟа дхынҳәааит“». Убас Гедео́н урҭ ԥишәеит. Усҟан 22 000-ҩык рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит, иаанхеит 10 000-ҩык.

4 Аха Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Иуцу ауаа уеизгьы ирацәоуп. Рызегьы аӡахьы илбааит, уа сара урҭ ԥысшәоит. „Абри дуццоит“ ҳәа ззысҳәо дуццоит, „абри дуццаӡом“ ҳәа ззысҳәо дуццаӡом». 5 Гедео́н ауаа аӡахьы илбаарц реиҳәеит.

Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Ала аӡы шажәуа еиԥш знапаҟынтә аӡы зжәлои ишьамхышгыланы аӡы зжәлои еилых». 6 Знапаҟынтә аӡы зжәуаз 300-ҩык ҟалеит. Егьырҭ зегьы ишьамхышгыланы акәын аӡы шыржәуаз.

7 Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Сара знапаҟынтә аӡы зжәуаз 300-ҩык рыла шәеиқәсырхоит, мадиа́наагьы уриааиртә иҟасҵоит. Егьырҭ зегьы рыҩныҟақәа рахь ицааит». 8 Гедео́н 300-ҩык аанижьит, егьырҭ, афатәи абыкьқәеи рымхны, рыҩныҟақәа рахь идәықәиҵеит. Мадиа́наа рлагер ҵаҟа арха игылан.

9 Уи ауха Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Угыл, уақәла алагер, сара уи уара иусҭоит. 10 Ушәозар, умаҵуҩы Пу́ра думаны алагер ахь улбаа. 11 Мадиа́наа еибырҳәо уазыӡырҩы. Уи алагер уақәларц азы агәымшәара унаҭоит». Гедео́н имаҵуҩы Пу́ра диманы алагер ахь дылбааит.

12 Мадиа́нааи, амали́кааи, Мрагылара инхоз ауааи асаранча еиԥш арха иахыҵәеит, рмахҽқәа амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәан. 13 Гедео́н урҭ рааигәара днеит. Уа аӡәы иԥхыӡ даҽаӡәы изеиҭеиҳәон: «Абар избаз: ачаԥшь иалхыз ача гьежь кәымпылуа мадиа́наа рлагер ахь илбаауан, ақьала аҟынӡа ианнеи, ақьала каҳартә еиԥш иӷәӷәаны иасит, ихыршәҭныгьы иканажьит». 14 Убасҟан иҩыза ус иҳәеит: «Уи Израиль иатәу Иоа́с иԥа Гедео́н иаҳәа ауп. Анцәа мадиа́наагьы алагергьы зегьы уи ииҭеит».

15 Гедео́н аԥхыӡгьы уи иаанагозгьы шааиаҳаҵәҟьаз еиԥш Анцәа диеихырхәеит. Уи ашьҭахь иара израильаа рлагер ахь дхынҳәын, ус реиҳәеит: «Шәгыл, Иегова мадиа́наа рлагер ҳара иҳаиҭеит». 16 Анаҩс иара 300-ҩык ауаа х-гәыԥкны ишан, рыцыԥхьаӡа абыкьқәеи афакел зҭаз аԥҳал дуқәеи диркит. 17 Гедео́н урҭ ус реиҳәеит: «Сара шәсыхәаԥшла, иҟасҵогьы ҟашәҵала. Рлагер саназааигәахалак, иҟасҵо ҟашәҵала. 18 Исыцуи сареи абыкь* ҳанаслак, шәаргьы алагер шәакәшаны абыкь шәасуа ҿышәҭла: „Ари Иеговеи Гедео́ни реибашьра ауп!“».

19 Гедео́н ицыз 100-ҩык ауааи иареи аҵх агәахьы инеиаанӡа*, аҷаԥшьаҩцәа рҽанырыԥсах ашьҭахьҵәҟьа, алагер инадгылеит. Дара абыкь иасит, иркыз аԥҳалқәагьы ԥырҽит. 20 Рыхгәыԥкгьы рбыкьқәа ирысын, рыԥҳалқәа ԥырҽит. Дасу иарма напаҿы афакел икын, иарӷьа напаҿы — абыкь. Дара абыкь иасуа ҿырҭуан: «Ари Иеговеи Гедео́ни реибашьра ауп!» 21 Дара алагер иакәшаны дасу рҭыԥқәа рҿы игылан. Алагер аҿы иҟаз зегь еибарҳәҳәо иҩны идәықәлеит. 22 Урҭ 300-ҩык ахацәа иааҟәымҵӡакәа абыкь иасуан. Усҟан Иегова алагер аҿы иҟаз аибашьцәа дара-дара еибашьыртә иҟаиҵеит. Ар бналаны Бет-Ши́ттынӡа, Цере́ранӡагьы, Табба́т иҟоу Аве́л-Мехо́ла иаҵанакуаз аҭыԥқәа рҟынӡаҵәҟьагьы ицеит.

23 Усҟан Неффали́ми Аси́ри рышьҭра иатәыз израильааи Мана́ссиа ишьҭра иатәыз израильааи зегьы ирыԥхьеит, даргьы мадиа́наа ирышьҭалеит. 24 Гедео́н ефремтәи ашьхақәа зегь рахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, уа инхоз абас рарҳәарц азы: «Шәылбааны мадиа́наа шәрықәла, Иордан арырҭа ҭыԥқәеи уи аӡқәа ахьалало аҭыԥқәеи Бет-Ба́ранӡа ишәкы». Ефре́маа зегьы еизан, Иордан арырҭа ҭыԥқәеи уи аӡқәа ахьалалоз аҭыԥқәеи Бет-Ба́ранӡа иркит. 25 Иара убас дара мадиантәи ҩыџьа аҭауадцәа Ори́ви Зи́ви ркит. Ори́в Ори́в ицаҟьаҿы дыршьит, Зив — Зив ижьхәарҭаҿы. Дара мадиа́наа ирышьҭан, Ори́ви Зи́ви рыхқәа хҵәангьы Иорданҟа Гедео́н изнаргеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра