Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 16
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Агари Измаили (1—16)

Алагамҭа 16:11

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «Анцәа иаҳауеит».

Алагамҭа 16:12

Албаагақәа

  • *

    Ма «аона́гра» (абнаҽадақәа рыжәла). Шьоукы ргәаанагарала ара зыӡбахә ҳәоу азебра ауп. Уи аҩыза аиҿырԥшра зҳәатәы иазырго ауаҩы иҟазшьа аанарԥшуазар ауеит.

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «дырҿагыло дынхалоит».

Алагамҭа 16:14

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «зыԥсы ҭоу, сызбо иҵеџь».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 16:1–16

Алагамҭа

16 Аврам иԥҳәыс Са́ра ахшара лоуӡомызт. Лара Ага́рь зыхьӡыз, Египет иатәыз амаҵуҩԥҳәыс длыман. 2 Са́ра Аврам ус иалҳәеит: «Суҳәоит, усзыӡырҩы! Иегова сара ахшара сиҭаӡом. Смаҵуҩԥҳәыс улыцышьҭал. Иудыруеи, лара лыла ахшара дсоур». Аврамгьы Са́ра илҳәаз дазыӡырҩит. 3 Усҟан Са́ра Египет иатәыз лмаҵуҩԥҳәыс Ага́рь Аврам ԥҳәысс дилҭеит. (Уи аамҭазы Аврам Ханаа́н дынхоижьҭеи 10 шықәса ҵхьан.) 4 Аврам Ага́рь длыцышьҭалеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалеит, уи анеилылкаа, лыԥшәмаԥҳәыс дылцәымыӷхо далагеит.

5 Са́ра Аврам ус иалҳәеит: «Сзықәшәаз ацәгьара уара уоуп изхароу. Сара смаҵуҩԥҳәыс дусҭеит, лара лцәалтәымкәа дшыҟалаз анеилылкаа, сылцәымыӷхо далагеит. Уареи сареи ҳус Иегова еилиргааит». 6 Аврам Са́ра ус леиҳәеит: «Бмаҵуҩԥҳәыс бара блықәиҭуп. Ибҭаху лызуы». Усҟан Са́ра Ага́рь длалырҟәуа далагеит. Ага́рь уи лзымычҳан, дыбналаны дцеит.

7 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова имаалықь Ага́рь ацәҳәыраҿы иҟаз аӡыхь азааигәара диԥшааит. Уи аӡыхь Шурҟа узгоз амҩаҿы иҟан. 8 Иара ус длазҵааит: «Са́ра лмаҵуҩы Ага́рь, бабантәиааи, бабацо?» Лара илҳәеит: «Сара сыԥшәмаԥҳәыс Са́ра сылцәыбналоит». 9 Иегова имаалықь ус леиҳәеит: «Быԥшәмаԥҳәыс лахь бхынҳәны, илҳәо ҟаҵа». 10 Анаҩс Иегова имаалықь ус иҳәеит: «Сара ибхылҵуа ԥхьаӡашьак рымамкәа иҟасҵоит». 11 Иегова имаалықь иациҵеит: «Бара бцәабтәымкәа быҟоуп, аԥа дбоуеит. Уи Измаил* ихьӡҵа, избанзар Иегова бзықәшәаз арыцҳара иаҳаит. 12 Быҷкәын абнаҽада* деиԥшхоит. Иара зегьы дырҿагылалоит, иаргьы зегь иҿагылалоит. Иара иашьцәа зегь рааигәара дынхалоит*».

13 Усҟан илацәажәоз Иегова ус иалҳәеит: «Уара зегь збо Анцәа уоуп». Лара ус изылҳәеит, избанзар лгәы иаанагеит: «Сызбо абра дызбаҵәҟьама?» 14 Убри азоуп уи аҵеџь Бее́р-Лаха́и-Ро́и* захьӡу. (Уи Каде́ши Бере́ди рыбжьара иҟоуп.) 15 Ага́рь Аврам иҟынтә аԥа длоуит, Аврам уи Измаил ихьӡиҵеит. 16 Ага́рь Измаил данлоу, Аврам 86 шықәса ихыҵуан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра