Ездра
10 Е́здра Анцәа ду иҩны аԥхьа дшьамхышгыланы, ажәлар рыгәнаҳақәа ртәы ҳәо, длаӷырӡышо Анцәа диҳәонаҵы, жәларык ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи иқьызқьызуа идеизалеит. 2 Ела́м иԥацәа рҟынтә Иехии́л иԥа Шеха́ниа Е́здра ус иеиҳәеит: «Ҳара егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ааҳган, Ҳанцәа дҳаԥсахит, ҳизиашаны ҳаанымхаӡеит, аха уеизгьы Израиль гәыӷрак амоуп. 3 Шәааи Ҳанцәа аҿаҭахьа иаҳҭап урҭ аҳәсеи ирхылҵыз ахәыҷқәеи наҟ ишдәықәаҳҵо, Иеговеи иԥҟарақәа ҳаҭыр ду рықәызҵои ишҳарҳәо еиԥш. Азакәан ишаҳәо еиԥш зегь ҟаҳҵап. 4 Угыл, уара уоуп уи ҟазҵаша, ҳара ҳувагылоит. Уҽырӷәӷәа, умшәан, иаҭаху зегь ҟаҵа!»
5 Усҟан Е́здра аԥшьаҩцәа реиҳабацәеи, алевитцәа реиҳабацәеи, Израиль зегь аиҳабацәеи рқәны ажәа рымихит убас ишыҟарҵо. Даргьы қәны ажәа ирҭеит. 6 Нас Е́здра Анцәа ду иҩны аҟынтә Ельиаши́в иԥа Иехохана́н иуадахь* дцеит. Уахь дцеит, аха акрифомызт, акрижәуамызт, дгәырҩон, избанзар атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ауаа Анцәа дрыԥсахын, изиашаны иаанымхаӡеит.
7 Уи ашьҭахь Иудеиеи Иерусалими алаҳәара ҟарҵеит атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы Иерусалим еизарц. 8 Аҭауадцәеи аиҳабацәеи ирыӡбеит хымш рыҩныҵҟа имаауа имазара имхтәуп ҳәа, иара ихаҭа израильаа* дрылцатәуп ҳәа. 9 Хымш рыҩныҵҟа Иудеи Вениамини рабиԥарақәа рҟынтә ахацәа зегьы ажәбатәи амза ҩажәатәи амш аҽны Иерусалим еизеит. Ажәлар зегьы икыдҵәаны илеиуаз ақәа рхьыкәкәа, иззеизаз аус иацәшәаны, насгьы ахьҭа иакны аҟәараҟәара еиҵасуа Анцәа ду иҩны ашҭаҿы итәан.
10 Аԥшьаҩы Е́здра дҩагылан ус реиҳәеит: «Шәара атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аажәган, Анцәа дшәыԥсахит, шәизиашаны шәаанымхаӡеит, уи ала Израиль еиҳагьы ахара адышәҵеит. 11 Убри аҟынтә шәабацәа Рынцәа Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа аашәырты, иара ииҭаху ҟашәҵа. Шәрылҵ егьырҭ ажәларқәа, атәым жәларқәа рҟынтә иаажәгаз аҳәса наҟ идәықәышәҵа». 12 Еизаз зегьы еицҿакны ҿаарҭит: «Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟаҳҵароуп. 13 Аха ауаа рацәоуп, насгьы уажәы ақәоурақәа ираамҭоуп, адәахьы узгылаӡом, иара ари аусгьы мышкы-ҩымш рыла иуӡбо ак акәӡам, избанзар ари агәнаҳа иаҵоу рацәаҩуп. 14 Убри аҟынтә, ҳуҳәоит, ажәлар рыхьӡала ҳаҭауадцәа аанхааит. Атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аазгаз ахацәа зегьы иазалху аамҭазы рықалақь иатәу аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи рыманы арахь иаалааит, ари аус иахҟьаны згәы ԥаҳжәаз Анцәа игәыԥжәара ӷәӷәа еиқәтәаанӡа».
15 Аха Асаи́л иԥа Ионафа́ни Ти́ква иԥа Иахзе́иеи урҭ ирықәшаҳаҭӡамызт. Алевитцәа Мешулла́ми Шаббета́ии урҭ ирыдгылеит. 16 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ракәзар, ражәа нарыгӡеит. Ажәабатәи амза актәи амш аҽны аԥшьаҩы Е́здреи хьыӡҳәала зыӡбахә ҳәаз абиԥарақәа рхадацәеи уи аус рыӡбарц азы хазы еизеит, 17 убас актәи амза актәи амш аҽны атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аазгаз ахацәа зегьы рус рыӡбеит. 18 Еилкаахеит аԥшьаҩцәа рыҷкәынцәа шьоукы атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса шрымаз. Иешу́а иԥацәа рҟынтә Иоцада́к иԥеи уи иашьцәеи: Маасе́иа, Елиезе́р, Иари́в, Геда́лиа. 19 (Аха дара ажәа рырҭеит* рыҳәса наҟ ишдәықәырҵо, насгьы ирыду ахара азы рыԥсаса аҟынтә ҭыӷьк-ҭыӷьк кәырбанс ишнарго.)
20 Имме́р иԥацәа рҟынтә: Хана́ни, Зева́диа. 21 Хари́м иԥацәа рҟынтә: Маасе́иа, Ильиа, Шема́иа, Иехии́л, У́ззиа. 22 Пашху́р иԥацәа рҟынтә: Елиоена́и, Маасе́иа, Измаил, Нафанаи́л, Иозава́д, Ела́са. 23 Алевитцәа рҟынтә: Иозава́д, Шиме́и, Кела́иа (даҽакала Кели́та), Пета́хиа, Иуда, Елиезе́р. 24 Ашәаҳәаҩцәа рҟынтә: Ельиаши́в. Агәашәхьчаҩцәа рҟынтә: Шаллу́м, Теле́м, У́ри.
25 Израильаа рҟынтә егьырҭ: Паро́ш, Ра́миа, И́ззиа, Ма́лхиа, Миами́н, Елеаза́р, Ма́лхиа, Бена́иа. 26 Ела́м иԥацәа рҟынтә: Матта́ниа, Заха́риа, Иехии́л, А́вди, Иеремо́т, Ильиа. 27 За́тту иԥацәа рҟынтә: Елиоена́и, Ельиаши́в, Матта́ниа, Иеремо́т, Зава́д, Ази́за. 28 Бева́и иԥацәа рҟынтә: Иехохана́н, Хана́ниа, Забба́и, Атла́и. 29 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Мешулла́м, Маллу́х, Ада́иа, Иашу́в, Шеа́л, Иеремо́т. 30 Паха́т-Моа́в иԥацәа рҟынтә: А́дна, Кела́л, Бена́иа, Маасе́иа, Матта́ниа, Бецале́л, Бинну́и, Мана́ссиа. 31 Хари́м иԥацәа рҟынтә: Елиезе́р, И́шшиа, Ма́лхиа, Шема́иа, Симеон, 32 Вениамин, Маллу́х, Шема́риа. 33 Хашу́м иԥацәа рҟынтә: Маттена́и, Матта́тта, Зава́д, Елифеле́т, Иерема́и, Мана́ссиа, Шиме́и. 34 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Маада́и, Амра́м, Уе́л, 35 Бена́иа, Беде́иа, Келу́ги, 36 Ване́а, Меремо́т, Ельиаши́в, 37 Матта́ниа, Маттена́и, Иааса́и. 38 Бинну́и иԥацәа рҟынтә: Шиме́и, 39 Шеле́миа, Нафа́н, Ада́иа, 40 Махнадва́и, Шаша́и, Шара́и, 41 Азаре́л, Шеле́миа, Шема́риа, 42 Шаллу́м, Ама́риа, Иосиф. 43 Не́во иԥацәа рҟынтә: Иеие́л, Матти́тиа, Зава́д, Зеви́на, Иадда́и, Иои́ль, Бена́иа. 44 Абарҭ зегьы атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса ааргеит. Дара рыҳәсеи рхәыҷқәеи наҟ идәықәырҵеит.