Аатра
3 Сардатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Анцәа иитәу быжь-доуҳак, насгьы быжь-еҵәак змоу: ‚Сара уусқәа здыруеит. Уара уԥсы ҭоушәа уҟоуп, аха уԥсуп. 2 Уҿыха, аԥсра иацәынхаз рӷәӷәа, избанзар сара избоит Сынцәа уара уҟынтә дыззыԥшу аусқәа зегь шынаумыгӡо. 3 Иугәаларшәа иуоуз, иуаҳаз, иумырӡын уи, уусқәа урыхьхәы. Умҿыхар, аӷьыч иеиԥш снеиуеит, ианузымдыруа асааҭ азгьы ауп саннеиуа.
4 Аха уа, Са́рда, зымаҭәақәа зымҟьашьызгьы умоуп, дара амаҭәа шкәакәақәа рышәҵаны исыцзаауеит, избанзар дара уи иаԥсоуп. 5 Аиааира зго амаҭәа шкәакәа ишәызаауеит, сара ахаангьы уи ихьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианысхӡом. Сара уи Саб иҿаԥхьагьы, амаалықьцәа рҿаԥхьагьы дшыздыруа сҳәоит. 6 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.
7 Филадельфиатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар иԥшьоу, ииашоу, Давид ицаԥха змоу ииҳәо (уи иааиртуа аӡәгьы изаркӡом, иаиркуа аӡәгьы изаартӡом): 8 ‚Сара уусқәа здыруеит. Сара уҿаԥхьа аӡәгьы изамыркуа ашә аасыртит. Издыруеит умчқәа шмаҷу, аха уеизгьы сажәа уқәныҟәеит, сыхьӡгьы уацәхьамҵӡеит. 9 Аҩсҭаа исинагога иатәу, ҳауриоуп ҳәа амц зҳәо, уҿаԥхьа ишьамхышгыланы иуеихырхәартә иҟасҵоит. Усҟан дара еилыркаауеит сара бзиа ушызбаз. 10 Сара сеиԥш ачҳара аарԥшны зегь ахьухугаз азы, адгьыл зегь анԥышәахо аамҭазы усыхьчоит. Уи аамҭа ааиуеит, адгьыл иқәынхо зегьы ԥышәахарц азы. 11 Сара иаарласны снеиуеит. Иумоу иӷәӷәаны икыз, уҳамҭа* аӡәгьы иумимхырц азы.
12 Аиааира зго Сынцәа иныҳәарҭаҿы шьаҟас дҟасҵоит, наӡаӡагьы уа дыҟазаауеит, илахь Сынцәа ихьӡ анысҵоит, ианысҵоит Сынцәа иқалақь ахьӡ, Иерусалим ҿыц ахьӡ. Уи ақалақь ажәҩан аҟынтә, Сынцәа иҟынтә, илбаауеит, иара убас илахь сыхьӡ ҿыцгьы анысҵоит. 13 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.
14 Лаодикиатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Амин, узықәгәыӷыртә иҟоу ашаҳаҭ иаша, Анцәа зегь раԥхьаӡа иишаз: 15 ‚Сара уусқәа здыруеит, уара уагьыхьшәашәам, уагьшым. Ма ухьшәашәазар, ма ушызар сҭахын. 16 Аха уара уагьшым, уагьыхьшәашәам, уҟәандоуп, убри азы сҿы уҭсырбгоит. 17 Уара иуҳәоит: ‚Сара сбеиоуп, амал ду сырҳаит, исҭаху зегь сымоуп, акгьы сыгӡам‘. Аха иуздырӡом ииашаҵәҟьаны ушгәаҟу, ушрыцҳау, ушӷару, ушылашәу, ушыҟьантазу. 18 Убри аҟынтә иуабжьызгоит: иаахә сара сҿы амцаҿы ирҭәаны ирыцқьоу ахьы, убеиахарц азы, иаахә амаҭәа шкәакәа, уҟьантазӡа аӡәгьы уимбарц, насгьы уԥхамшьарц азы, иара убас иаахә абла ахәшә, ула иабо уҟаларц азы.
19 Сара бзиа избо зегьы иахьиашам дсырбоит, исыриашоит. Убри азы угәнаҳақәа урыхьхәны, гәыкала Анцәа имаҵ ула. 20 Сара ашә сылагыланы асра саҿуп. Сыбжьы заҳауа, ашәгьы сзаазыртуа иҩны сыҩналаны акрыицысфалоит, иаргьы акрысыцифалоит. 21 Аиааира зго саҳраҭыԥ аҿы дсыдсыртәалоит, саргьы аиааира анызга, Саб иаҳраҭыԥ аҿы сышиватәаз еиԥш. 22 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“».