Марк иҟынтә ажәабжь бзиа
14 Мшаԥныҳәанӡеи Арҵәыга злам ача аныҳәанӡеи ҩымш бжьан. Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи гызмалрак хәыцны, Иисус дшыркыша, насгьы дшыршьыша иазхәыцуан. 2 Аха «ажәлар ҳҿамгыларц азы аныҳәа иақәҳмыршәап» рҳәеит.
3 Иисус Вифа́ниа инхоз, ацәеилабаара змаз Си́мон иҩны акранифоз, ԥҳәыск алебастр иалхыз аирыӡ лыманы дааит. Уи зыфҩы хааз ахәша ҭан — зыхә цәгьаз анард цқьа. Лара уи аирыӡ ахы ааԥылҽын, Иисус ихы ахәша ақәҭәара далагеит. 4 Ари збаз шьоукы ҟәындҟәындуа, ус еибырҳәо иалагеит: «Баша изнылхуеи ари аҩыза ахәша? 5 Уи 300 динар* ҳәа иҭины, аԥара аӷарцәа ирзушар амуази». Аԥҳәыс иҟалҵаз дара даараӡа ргәы ԥнажәеит. 6 Иисус ус иҳәеит: «Шәылҟәаҵ, лгәы зкашәыжьуеи? Уи сара сзы аус бзиа ҟалҵеит. 7 Арыцҳацәа еснагь ишәыцзаауеит, ианаашәҭаху абзиара рзыҟашәҵалар шәылшоит, сара еснагь сшәыцзааӡом. 8 Лара илылшоз ҟалҵеит, ахәша сықәҭәаны аԥсыжра сазыҟалҵеит. 9 Аиаша шәасҳәоит: адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжь бзиа ахьырҳәало ари аԥҳәысгьы дыргәалашәалоит, иҟалҵазгьы еиҭарҳәалоит».
10 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда Искарио́т аԥшьаҩ еиҳабацәа рахь дцеит, Иисус диҭиирц азы. 11 Иуда иреиҳәаз ргәы иахәан, аԥара* уаҳҭоит ҳәа дақәдыргәыӷит. Убри инаркны иаргьы Иисус дшиҭиша дашьҭалеит.
12 Арҵәыга злам ача аныҳәа аназгәарҭоз актәи амш аҽны, иара убас ишаԥыз еиԥш Мшаԥныҳәа иазкыз ашьтәагьы аныршьуаз, Иисус иҵаҩцәа ус иазҵааит: «Мшаԥныҳәазы уаххьа абоузҳархиари?» 13 Усҟан иара ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭит, абас нараҳәаны: «Ақалақь ахь шәца. Уа ԥҳалла аӡы аазго ахаҵа дышәԥылоит. Убри шәишьҭаланы шәцала. 14 Дзыҩнало аҩны аԥшәма ус иашәҳәа: „Арҵаҩы дҵаауеит: ‚Иабаҟоу сҵаҩцәеи сареи Мшаԥныҳәа азгәаҳҭар ахьҳалшо ауада?‘“ 15 Уи хыхьтәи ауада ду шәирбоит. Уа иаҭаху зегь ҟалоит. Убра ишәырхиа». 16 Аҵаҩцәагьы ақалақь ахь ицеит. Зегьы Иисус ишреиҳәаз еиԥш иҟалеит. Убра Мшаԥныҳәа азгәарҭарц азы зегь дырхиеит.
17 Ахәылбыҽха Иисус 12-ҩык иманы уахь днеит. 18 Акрыфара ианаҿыз, иара ус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, акрысыцызфо шәуаӡәк сиҭиуеит». 19 Аҵаҩцәа уи ргәы днархьын, аӡәаӡәала иазҵаауа иалагеит: «Уи сара сакәхарым?» 20 Иара ус иҳәеит: «Знапы асаан исыцанызшьыло 12-ҩык руаӡәк иоуп. 21 Ауаҩытәыҩса Иԥа иара изкны ишану еиԥш дцоит. Аха изакә рыцҳароузеи изыԥшу уи дызҭиуа! Дымир еиҳа изеиӷьхон».
22 Акрыфара ианаҿыз, Иисус ача аашьҭихын, Анцәа диҳәеит*. Нас иааԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭан, ус иҳәеит: «Шәысҭ, ижәга, ари ача сцәеижь аанарԥшуеит». 23 Нас аҵәца аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иҵаҩцәа ириҭеит. Зегьы уи аҵәца ржәит. 24 Иара иҳәеит: «Ари аҩы аӡәырҩы рзы икаҭәо сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра ҿыц бжьаҵахоит. 25 Аиаша шәасҳәоит: Анцәа Иаҳраҿы аҩҿа анызжәло амш ааиаанӡа уаҳа аҩы зжәӡом». 26 Аҵыхәтәаны Анцәа дҳаразкуа ашәақәа рҳәан, Амаслинаҵлақәа рышьхахь ицеит.
27 Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәыззегьы сааныжьны шәцоит, избанзар Аҩыраҿы иануп: „Ахьча дысшьыр, иуасақәагьы еимпуеит“. 28 Аха сыԥсы анҭалалак, Галилеиаҟа сцоит, убра сышәзыԥшызаауеит». 29 Аха Пиотр иҳәеит: «Зегьы уаанрыжьыргьы, сара уаансыжьӡом!» 30 Иисус иҳәеит: «Аиаша уасҳәоит: иахьа, уахаҵәҟьа, арбаӷь ҩынтә ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит». 31 Аха Пиотр даҟәыҵуамызт: «Суцыԥсыр акәхаргьы, мап уцәыскуам!» Егьырҭ аҵаҩцәагьы ирҳәоз уи акәын.
32 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи Гефсима́ниа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ ахь инеит. Иара ус реиҳәеит: «Ара шәаатәа. Сара сцаны Анцәа сиҳәоит». 33 Нас Пиотри, Иакови, Иоанни иманы дцеит. Иисус игәы хьанҭахан, агәырҩа ӷәӷәа дҭанагалеит. 34 Нас ус реиҳәеит: «Сара даараӡа сгәырҩоит, аԥсра аҟынӡа снеины сыҟоуп. Ара шәаасзыԥшы, шәмыцәан». 35 Нас хәыҷык днаскьан, дшьамхышгыланы Анцәа иҳәара далагеит, иауазар, убри асааҭ иаҩгахарц азы. 36 Иара иҳәеит: «А́бба*, Саб, уара иулымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам, абри аҵәца сумыржәын. Аха сара ишысҭаху еиԥш акәымкәа, уара ишуҭаху иҟалааит». 37 Иисус иҵаҩцәа рахь даныхынҳә, ишамхацәаз ибеит. Усҟан иара Пиотр ус иеиҳәеит: «Си́мон, уцәоума? Сааҭк умыцәаӡакәа иузымычҳаӡози? 38 Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы. Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп*, аха ицәеижь ԥсыҽуп». 39 Уи ашьҭахь еиҭа днаскьан, Анцәа дзызиҳәахьаз азы еиҭа иҳәара далагеит. 40 Даныхынҳә, иҵаҩцәа еиҭа ишамхацәаз ибеит, избанзар ацәа риааит. Иарҳәашагьы рыздыруамызт. 41 Ахынтә раан дхынҳәны данааи, ус реиҳәеит: «Уажәы ацәареи аԥсшьареи ираамҭоума? Иазхоуп! Ауаҩытәыҩса Иԥа агәнаҳаҟаҵаҩцәа данрырҭо аамҭа ааит. 42 Шәгыл, ҳцалароуп. Сызҭираны иҟоу дааихьеит».
43 Иисус иажәа ҳәаны далгаанӡа, 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда а́ҳәақәеи алабақәеи рыла еибыҭаз ауаа рацәа ицны дааит. Урҭ аазышьҭыз аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи ракәын. 44 Ачарҳәаҩ абри аҩыза адырга шәысҭоит ҳәа реиҳәеит: «Шәзышьҭоу иӡамҩа сагәӡуеит, убри иоуп ижәгаша. Даныжәго, дышәцәымцарц азы дшәыхьчала». 45 Нас иаразнак Иисус иахь днеин: «Арҵаҩы!» — иҳәан, иҽырхааны дигәӡит. 46 Иисусгьы дыкны дыргеит. 47 Аха ааигәа игылаз руаӡәк иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы илымҳа ааҿахиҵәеит. 48 Нас Иисус ишьҭаланы инеиз ус реиҳәеит: «Цәгьарак ҟазҵаз сакәушәа, аҳәақәеи алабақәеи кны шәсышьҭаланы шәааит. 49 Есыҽны сара аныҳәарҭаҿы стәаны ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, аха усҟан шәсылакьысӡомызт. Аха ари зегь зыҟалаз Аҩыра иану наӡарц азоуп».
50 Усҟан иҵаҩцәа зегь шәан, дааныжьны иҩны ицеит. 51 Аха ҷкәынак Иисус дишьҭаланы дцеит. Иара ақәны иалхыз амаҭәа ада, уаҳа акгьы ишәӡамызт. Уи дыркырц иалагеит, 52 аха иара ақәны иалхыз имаҭәа аанижьын, маҭәада* дыҩны дцеит.
53 Иисус аԥшьаҩ хада иахь дыргеит. Уа аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи еизахьан. 54 Иисус аԥшьаҩ хада иахь днаргаанӡа Пиотр уи дишьҭаланы дцон, аха ԥыҭк рыбжьан. Ашҭа данҭала, амаҵуцәа днарыдтәалан, амцаҿы аҽырԥхара далагеит. 55 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи Асинедрио́н иалахәызи Иисус дыршьырц рҭахын азы, амц изызҳәашаз ашаҳаҭцәа ирышьҭан. Аха ашьра иқәырҵартә еиԥш ихарарҵаша рмоуит. 56 Имаҷҩымкәа амцшаҳаҭцәа ааит, аха ирҳәоз еиқәшәаӡомызт. 57 Шьоукы мыцла изышаҳаҭуа, абас рҳәон: 58 «Ҳара иҳаҳаит ари ауаҩ ишиҳәоз: „Сара ауаа рнапала идыргылаз ари аныҳәарҭа рбганы, хымш рыла ауаа рнапала иҟаҵам даҽа ныҳәарҭак сыргылоит“ ҳәа». 59 Аха уи аҿгьы ирҳәоз еиқәшәаӡомызт.
60 Нас аԥшьаҩ хада дҩагылан, Иисус ус иеиҳәеит: «Иуҳәаша умаӡами? Иузырҳәо умаҳаӡои?» 61 Аха Иисус аҭак ҟаиҵаӡомызт, ҿымҭӡакәа дгылан. Нас аԥшьаҩ хада еиҭа ус диазҵааит: «Уара Иԥшьоу Анцәа Иԥа Христос уакәҵәҟьоума?» 62 «Сакәҵәҟьоуп», — иҳәеит Иисус, нас иациҵеит: «Шәара ижәбараны шәыҟоуп ауаҩытәыҩса Иԥа амч ду змоу Анцәа иарӷьараҿ дыштәоу, насгьы аԥҭақәа дрылаланы дшаауа». 63 Усҟан аԥшьаҩ хада имаҭәа ишәхаԥижәан, ус иҳәеит: «Уаҳа ашаҳаҭцәа заҳҭахузеи? 64 Анцәа дшихыччо шәлымҳақәа рыла ишәаҳаит. Ишәыӡбои, нас?» Дара зегьы дышьтәуп ҳәа рыӡбеит. 65 Усҟан шьоукы иҿажьцәо, иҿы хҩаны ҭаҷкәымла исуа: «Уԥааимбарла!» ҳәа иарҳәон. Нас ахьчаҩцәа аҿақ-аҿақҳәа иааиҿасын, дрыманы ицеит.
66 Уи аамҭазы Пиотр ҵаҟа, ашҭаҿы, дтәан. Уахь аԥшьаҩ хада имаҵуҩԥҳәыс днеит. 67 Амца иҽҳәатәаз Пиотр данылба, икылкаан днеиҿаԥшын, ус лҳәеит: «Уаргьы назареттәи Иисус уицын». 68 Аха иара: «Сара уи дсыздырӡом, бызлацәажәогьы сзеилкаауам», — иҳәан, мап икит. Нас агәашә ахь дцеит. 69 Уа даҽа маҵуҩԥҳәыск дгәалҭан, еилагылаз ус ралҳәеит: «Аригьы урҭ дрыцын». 70 Аха иара еиҭа мап акра далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уа еилагылаз Пиотр еиҭах ус иарҳәо иалагеит: «Уаргьы урҭ уруаӡәкуп, избанзар угалилеиатәиуп». 71 Аха иара ихы ишәиуа ақәра далаган, ус иҳәеит: «Зыӡбахә шәҳәо сара дсыздырӡом!» 72 Убри аминуҭ азгьы арбаӷь аҩынтә раан ҿнаҭит. Убасҟан иара игәалашәеит Иисус ишиҳәахьаз: «Арбаӷь ҩынтә ҿнаҭаанӡа, уара хынтә мап сцәукуеит». Усҟан иҽизнымкылан, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит.