Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Адам инаиркны Нои иҟынӡа (1—32)

        • Адам аԥацәеи аԥҳацәеи ихшоит (4)

        • Енох Анцәа дицын (21—24)

Алагамҭа 5:2

Албаагақәа

  • *

    Ма «Адам; ауаатәыҩса».

Алагамҭа 5:22

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа дицын». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ду».

Алагамҭа 5:29

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап иаанагозар «аԥсшьара; агәырҭынчра».

  • *

    Ма «агәырҭынчра».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2017, ад. 8

    «Шәаҿыԥшла», ад. 22

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 5:1–32

Алагамҭа

5 Абар Адам ишьҭра атәы зҳәо ашәҟәы. Анцәа Адам даниша аҽны иара диеиԥшны дишеит. 2 Иара ахаҵеи аԥҳәыси ишеит. Ианиша аҽны урҭ дрықәныҳәан, «ауаҩы»* ҳәа рыхьӡиҵеит.

3 Адам 130 шықәса анниҵ, иара иеиԥшыз аԥа диоуит. Уи Сиф ихьӡиҵеит. 4 Сиф дани ашьҭахь Адам иҵегь 800 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 5 Адам 930 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

6 Сиф 105 шықәса анниҵ, Ено́с дихылҵит. 7 Ено́с дани ашьҭахь Сиф иҵегь 807 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 8 Сиф 912 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

9 Ено́с 90 шықәса анниҵ, Каина́н дихылҵит. 10 Каина́н дани ашьҭахь Ено́с иҵегь 815 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 11 Ено́с 905 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

12 Каина́н 70 шықәса анниҵ, Малелеи́л дихылҵит. 13 Малелеи́л дани ашьҭахь Каина́н иҵегь 840 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 14 Каина́н 910 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

15 Малелеи́л 65 шықәса анниҵ, Иаре́д дихылҵит. 16 Иаре́д дани ашьҭахь Малелеи́л иҵегь 830 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 17 Малелеи́л 895 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

18 Иаре́д 162 шықәса анниҵ, Ено́х дихылҵит. 19 Ено́х дани ашьҭахь Иаре́д иҵегь 800 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 20 Иаре́д 962 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

21 Ено́х 65 шықәса анниҵ, Мафуса́л дихылҵит. 22 Мафуса́л дани ашьҭахь Ено́х 300 шықәса Анцәа ду* дицын, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 23 Ено́х 365 шықәса дынхон. 24 Ено́х Анцәа ду дицын, нас уаҳа аӡәгьы димбаӡеит, избанзар Анцәа дигеит.

25 Мафуса́л 187 шықәса анниҵ, Ламе́х дихылҵит. 26 Ламе́х дани ашьҭахь Мафуса́л иҵегь 782 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 27 Мафуса́л 969 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

28 Ламе́х 182 шықәса анниҵ, аԥа диоуит. 29 Уи Нои* ихьӡиҵан, ус иҳәеит: «Иара Иегова иишәииз адгьыл аҿы иаҳбо аџьабаа аҟынтә аԥсеивгара* ҳаиҭоит, ԥхӡашала иаҳбо аџьабаа аҟынтә ҳаԥсы ҳиршьоит». 30 Нои дани ашьҭахь Ламе́х иҵегь 595 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 31 Ламе́х 777 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.

32 Нои 500 шықәса анихыҵ ашьҭахь ахшара иоуит. Урҭ ирыхьӡын Сим, Хам, Иафе́т.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра