1 Коринфаа рахь
5 Сара исаҳаит шәара шәҟны аӡәы иаб иԥҳәыс дышлыцынхо, уи аҩыза амаҳагьара* Анцәа дхазымҵогьы иҟарҵаӡом. 2 Аҵәыуара ацынхәрас шәара уи шәахыҽхәоит. Аха шәызхыҽхәо ҳәа акрыҟоума? Дшәылыжәгар акәӡами уи? 3 Цәала-жьыла шәара шәҿы сыҟаӡам, аха гәыла-ԥсыла уа сыҟоуп. Убри аҟынтә уа сыҟазҭгьы ишыҟасҵарыз еиԥш, уи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы сиқәыӡбахьеит. 4 Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала шәанеизалак, саргьы гәыла-ԥсыла сышшәыцу жәдыруаз, ижәдыруаз, Иҳақәиҭу Иисус имчгьы шсыцу. 5 Убри аҟынтә шәанеизалак, уи ауаҩ Аҩсҭаа дишәҭароуп, игәнаҳа иаҟьашьыз аизара цқьахарц азы, насгьы Иҳақәиҭу Иисус имш аҽны аизара* еиқәхарц азы.
6 Шәахьыҽхәо бзиаӡам. Ишәзымдырӡои маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь шарҵәыҵәуа? 7 Шәара аҵәыҵәыра шәыламзароуп, убри азы иҵәыҵәхьоу амажәа наҟ икашәыжь, ҿыц иркәаҳаз амажәа еиԥш шәҟаларц азы, избанзар мшаԥазтәи асыс иаҳзаҩызоу Христос иԥсы ҳахҭниҵахьеит. 8 Убри аҟынтә, шәааи, аныҳәа аназгәаҳҭо, иҵәыҵәхьоу амажәа ҳхы иаҳмырхәалап, ацәгьареи агәнаҳаи ирҩызоу амажәагьы ҳхы иаҳмырхәалап, шәааи, агәыцқьареи аиашареи ирҩызоу арҵәыга злам ача ҳфалап.
9 Сара ишәзысыҩхьан, иламысдоу ауаа хәымгақәа* шәрыцымлан ҳәа. 10 Аха исҳәарц исҭахыз ари адунеи иатәу ауаа хәымгақәеи*, аԥсыцәгьақәеи, арҳәцәеи, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо ауааи зынӡа рымԥан шәықәымлан ҳәа акәӡам. Усҟан ари адунеи шәалҵыр акәхон. 11 Аха уажәшьҭа ишәзысыҩуеит, шәашьа соуп ҳәа зҳәо, аха ламысдарала* зхы мҩаԥызго, ма зыԥсы цәгьоу, ма амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо, ма ауаа ацәгьа рзызҳәо, ма арыжәтә зҽазыршьуа, ма ауаа зырҳәуа шәицымларц. Уи аҩыза ауаҩы шәидтәаланы акрагьицшәымфалан. 12 Аизара иатәым рус ӡбатәыс изсымазар акәзеи? Аизара иатәу рус акәӡами шәара ишәыӡбалаша? 13 Аизара иатәым рус Анцәа иоуп изыӡбо. «Ацәгьара ҟазҵо наҟ дшәылыжәга».