Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
24 Амчыбжь актәи амш аҽны урҭ аҳәса идырхиаз зыфҩы хааз аҳаскьынқәа рыманы, ашьыжь шаанӡа адамрахьы ицеит. 2 Ианнеи, ахаҳә адамра иадхны ишгылаз рбеит. 3 Ианҭала, Иҳақәиҭу Иисус иԥсыбаҩ рымбаӡеит. 4 Инеихәаԥшы-ааихәаԥшуа, иҟарҵо рзымдыруа ишгылаз, зымаҭәа лашоз ҩыџьа ахацәа раԥхьа иаацәырҵит. 5 Аҳәса шәан, рхы шьҭыхны урҭ рҿаԥшра рзыгәаӷьуамызт. Усҟан ахацәа ус рҳәеит: «Аԥсцәа рҿы зыԥсы ҭоу шәызишьҭои? 6 Уи ара дыҟаӡам, иԥсы ҭалеит. Ишәгәаламшәаӡои, Галилеиа даныҟаз ишшәеиҳәахьаз, 7 ауаҩытәыҩса Иԥа агәнаҳаҟаҵаҩцәа дышрырҭо, ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа, ахымш раан иԥсы шҭало?» 8 Усҟан иргәалашәеит Иисус иреиҳәахьаз. 9 Ианыхынҳә, ирбаз-ираҳаз зегьы 11-ҩык апостолцәеи егьырҭ аҵаҩцәеи ирзеиҭарҳәеит. 10 Уи Мариа Магдалинеи, Иоа́ннеи, Иаков иан Мариеи ракәын. Урҭ ирыцыз егьырҭ аҳәсагьы ирбаз-ираҳаз апостолцәа ирзеиҭарҳәеит. 11 Аха апостолцәеи аҵаҩцәеи уи ҟалашьа змам акоуп рҳәан, аҳәса ирҳәаз харымҵаӡеит.
12 Пиотр дҩаҵҟьан, адамрахьы дыҩны дцеит. Ихы ларҟәны адамра данҭаԥшы, Иисус икәыршаз ақәны иалхыз аба ада акгьы имбаӡеит. Иҟалаз изеилымкаауа, уамашәа ибо, наҟ дцеит.
13 Уи аҽны ҩыџьа аҵаҩцәа Емма́ус ақыҭахь ицон, Иерусалимынтәи уанӡа 11-ҟа километра бжьан. 14 Амҩа иахьықәыз, ирбаз-ираҳаз иалацәажәон.
15 Уи шеибырҳәоз Иисус днарыдгылан, иахьцоз дрыцны иҿынеихеит. 16 Аха дара дырзымдырӡеит. 17 Иара дразҵааит: «Шәызлацәажәои, еибышәҳәои?» Усҟан дара рылахь еиқәышьшьы иаангылеит. 18 Клео́па зыхьӡыз руаӡәк ус иҳәеит: «Иерусалим унымхаӡои уара? Иҟалаз шԥоумаҳаи?» 19 Иара иҟалеи ҳәа дҵааит. Дара ирҳәеит: «Назареттәи Иисус ихьыз умаҳаӡеи? Иара дԥааимбарын, Анцәа иҿаԥхьагьы ауаа рҿаԥхьагьы аус џьашьахәқәа ҟаиҵон, иажәақәагьы амч ду рыман. 20 Аха ҳаԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи уи Пилат дирҭеит. Пилат уи ашьра иқәиҵеит, нас ашьаҟа дкыдҵаны дыршьит. 21 Ҳара ҳгәыӷуан, уи ауаҩ израильаа ахақәиҭра риҭоит ҳәа. Уи зегь ҟалеижьҭеи абар уажәшьҭа хымш ҵхьеит. 22 Уи адагьы, ҳабжьара иҟоу аҳәса шьоукы иааџьоушьаша ак ҳарҳәеит. Дара ашьыжь шаанӡа адамрахьы ицеит, 23 аха Иисус иԥсыбаҩ рымбаӡеит. Ианыхынҳә иҳарҳәеит, амаалықьцәа шырбаз, насгьы урҭ Иисус иԥсы ҭоуп ҳәа шырҳәаз. 24 Усҟан иҳацыз шьоукы адамрахьы ицан, аҳәса ишырҳәаз еиԥш, адамра шҭацәыз рбеит. Аха иара дрымбаӡеит».
25 Усҟан Иисус иҳәеит: «Аилкаара змам шәара! Ишԥашәцәыцәгьоу аԥааимбарцәа ирҳәоз агәра агара. 26 Ишәзымдырӡои Христос абарҭ агәаҟрақәа ихигараны дшыҟаз, ахьӡ-аԥшагьы иоур шакәыз?» 27 Нас Моисеии егьырҭ аԥааимбарцәеи ирыҩуаз инаркны иара изкны Аҩыра ианыз зегь иаанагоз рзеиҭеиҳәеит.
28 Ус, иахьцоз ақыҭахь инеит. Аха Иисус имҩа иациҵарц иҭахушәа ҟаиҵеит. 29 Дара ус иҳәара иалагеит: «Ара уаангыл, амра аҭашәара иаҿуп, уажәыҵәҟьа ихәлоит». Иаргьы дрыцны дцеит. 30 Акранрыцифоз, ача аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иааԥыҽҽны ириҭеит. 31 Усҟан рылақәа аатын, дырдырит, аха иара думбо дҟалеит. 32 Усҟан дара ирҳәеит: «Амҩан Аҩыра анҳаилиркаауаз, ҳагәқәа мыҭгәырӷьааӡози?» 33 Нас иаразнак иҩагылан, Иерусалимҟа ицеит. Уа 11-ҩык апостолцәеи урҭ ирыцыз аҵаҩцәеи рыԥшааит. 34 Урҭ ирҳәеит: «Иҳақәиҭу иԥсы ҭалаҵәҟьеит, Си́мон уи дибеит!» 35 Усҟан арҭгьы еиҭарҳәеит амҩан иҟалаз, насгьы ача шԥиҽуаз ала дшырдырыз.
36 Убри ишалацәажәоз, Иисус рыбжьара даацәырҵын, ус иҳәеит: «Бзиара* шәымаз». 37 Аха дара лаԥшҵашәарак рбаз џьыршьан, даараӡа ишәеит. 38 Аха Иисус иреиҳәеит: «Шәзыршәеи? Шәгәы зыҩбахеи? 39 Са соуп, уара, са соуп. Шәрыхәаԥш снапқәеи сшьапқәеи. Шәсылакьыс, амаалықь ацәеи абаҩи имаӡам, аха ишыжәбо еиԥш, сара исымоуп». 40 Убри иҳәан, инапқәеи ишьапқәеи дирбеит. 41 Дара ирбаз иаршанхеит, иагьеигәырӷьеит, аха уеизгьы макьана агәра рызгомызт, усҟан иара дразҵааит: «Сназыцҳаша кыр шәымазар?» 42 Дара иӡны иҟаз ԥсыӡк ирҭеит, 43 иаргьы ишырбоз уи ифеит.
44 Нас ус реиҳәеит: «Саншәыцыз ишәасҳәон, сара исызкны Моисеии аԥааимбарцәеи ирыҩуази Аԥсаломқәа ирнуи наӡараны ишыҟаз». 45 Нас Аҩыра ианыз еилыркаарц азы рыхшыҩ ааиртит, 46 иагьреиҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: Христос агәаҟрақәа ихигоит, ахымш раан иԥсы ҭалоит, 47 иара ихьӡала Иерусалим инаркны ажәларқәа зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр шрыхәҭоу рылаҳәахоит, урҭ ранажьхарц азы. 48 Шәара уи шаҳаҭцәас шәазыҟалоит. 49 Сара Саб шәзықәиргәыӷхьаз шәысҭоит. Ажәҩан аҟынтә амч шәоуаанӡа, ари ақалақь аҿы шәыҟаз».
50 Нас урҭ иманы ақалақь далҵын, Вифа́нианӡа дрыццеит. Уа ианнеи, инапқәа днарҩахан, иныҳәеит. 51 Ианиныҳәа ашьҭахь иҵаҩцәа дрыдҵит, нас Анцәа ажәҩан ахь дигеит. 52 Дара иеихырхәан, игәырӷьаҵәа Иерусалимҟа ихынҳәит. 53 Уа есыҽны аныҳәарҭаҿы Анцәа дҳараркуан.