Ақәҵра
32 Убри аамҭазы ажәлар ирбеит Моисеи ашьхаҿы акраамҭа дшынхаз. Дара Ааро́н иҿы инеин, ус иарҳәеит: «Даҳзыҟаҵа ҳаԥхьа игыланы ицалаша анцәа, избанзар Египет ҳалызгаз ари ауаҩ, Моисеи, ихьыз ҳаздырӡом». 2 Ааро́н ус реиҳәеит: «Шәыҳәсеи, шәыҷкәынцәеи, шәыԥҳацәеи рлымҳа иамоу ахьтәы лымҳареиқәа сзаажәга». 3 Усҟан зегьы рлымҳа иамаз ахьтәы лымҳареиқәа амырхын, Ааро́н изааргеит. 4 Иара урҭ ахьы аарымихын, аҭаԥҟагала аҳәыс* ҭаԥҟаны иҟаиҵеит. Ауаа ус рҳәо иалагеит: «Израиль, абар Египет уалызгаз Унцәа».
5 Усҟан Ааро́н аҳәыс аҿаԥхьа акәырбаннагарҭа иргылан, ажәлар ус рылеиҳәеит: «Уаҵәы Иегова изку ныҳәоуп». 6 Адырҩаҽны ауаа шаанӡа игылан, ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи наргеит. Уи ашьҭахь акрыфара-акрыжәра ҳәа итәеит, нас игылан, ашәаҳәара-акәашара иалагеит.
7 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ирласны ашьха улбаа, избанзар Египет иалугаз ажәлар ахәымгара ҟарҵеит. 8 Шаҟа ирласны иацәыхҟьазеи арҭ ауаа изқәысҵаз амҩа! Дара аҳәыс ҟарҵан, иеихырхәоит, акәырбанқәагьы азнаганы, ус рҳәоит: „Израиль, абар Египет уалызгаз Унцәа“». 9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара избоит ари ажәлар иуҳәо змаҳауа жәларны* ишыҟалаз. 10 Убри аҟынтә саанумкылан, сгәыԥжәара аарԥшны урҭ нсырҵәоит, уара уакәзар, ажәлар ду ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит».
11 Моисеи дӷьаҵәыӷьаҵәуа Инцәа Иегова иҳәара далагеит: «Иегова, умч ду ала, напы ӷәӷәала Египет иалугаз ужәлар угәы зрызԥужәои? 12 Суҳәоит, египтаа абас рҳәартә еиԥш иҟаумҵан: „Иара урҭ ацәгьара игәы иҭакны Египет иалигеит, ашьхараҿы ишьырц, адгьыл иқәихырц ауп ииҭахыз“. Суҳәоит, угәыԥжәара аанкыл, иуӡбаз ҟаумҵан, иҭаумырхан ужәлар. 13 Иугәаларшәа умаҵзуҩцәа Авраами, Исааки, Израильи. Уара ухы уанықәны, урҭ ус роуҳәеит: „Сара ишәхылҵуа ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш исыррацәоит, изықәсыргәыӷыз адгьыл зегь рысҭоит, наӡаӡа дара иртәхарц азы“».
14 Усҟан Иегова ииӡбаз ҟаимҵаӡеит, ижәларгьы нимырҵәаӡеит.
15 Моисеи ашьхантәи дылбааит. Иара аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск икын. Ахаҳә ҟьаԥсқәа рыҩганкгьы ҩны иҟан. 16 Урҭ ахаҳә ҟьаԥсқәа Анцәа иҟаиҵеит, ианыз ажәақәагьы Анцәа ианиҵеит. 17 Иисус Нави́н ауаа рыбжьы цәгьа аниаҳа, Моисеи ус иеиҳәеит: «Алагер аҟынтә аибашьра бжьы ааҩуеит». 18 Моисеи ус иҳәеит:
«Ари аиааира згаз рашәа акәӡам,
Иаҵахазгьы рашәа акәӡам.
Сара даҽа шәак ауп исаҳауа».
19 Моисеи алагер даназааигәаха, аҳәыси икәашоз ауааи ибеит. Иара игәы ԥжәаны, ахаҳә ҟьаԥсқәа ыршәны, ашьха ашьапаҿы иԥиҽит. 20 Нас иҟарҵаз аҳәыс аашьҭихын, амца аркны иблит. Анаҩс ацыблыха хәашхәаша иган, аӡы иалаԥсаны израильаа идиржәит. 21 Анаҩс Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Иузыруи арҭ ауаа, абри аҩыза агәнаҳа иаҵоуҵартә еиԥш?» 22 Ааро́н ус иҳәеит: «Усзымгәаан, ухаҵкы. Уара ибзианы иудыруеит арҭ ауаа ацәгьара аҟаҵара ишазгагоу. 23 Дара ус сарҳәеит: „Даҳзыҟаҵа ҳаԥхьа игыланы ицалаша анцәа, избанзар Египет ҳалызгаз ари ауаҩ, Моисеи, ихьыз ҳаздырӡом“. 24 Усҟан сара ус сҳәеит: „Ахьы змоу зегьы ирымӷыхны исырҭааит“. Сара уи ахьы амца иақәсыжьын, абри аҳәыс алҵит».
25 Моисеи ибеит ауаа нкылашьа рымамкәа ишыҟалаз, избанзар Ааро́н урҭ аанимкылаӡеит, даргьы раӷацәа рҿаԥхьа ахьымӡӷ ргеит. 26 Усҟан Моисеи алагер аҭаларҭаҿы днагылан, ус иҳәеит: «Иегова иган аанызкыло са сахь шәааи!» Алевитцәа зегьы икәшаны иаагылеит. 27 Моисеи ус реиҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Дасу иҟама аашьҭыхны, алагер далсны, иашьеи, игәылеи, иҩызеи ишьааит“». 28 Алевитцәа Моисеи ииҳәаз ҟарҵеит. Уи аҽны 3 000-ҩык раҟара ауаа шьын. 29 Моисеи ус иҳәеит: «Иегова имаҵ аура шәҽазышәк. Шәара шәԥеи шәашьеи шәырҿагылт, убри азы Анцәа иахьа дышәзылԥхоит».
30 Адырҩаҽны Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Шәара агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵеит. Сара Иегова иахь схалоит, шәыгәнаҳа шәанаижьырц азы акыр сзыҟаҵозаргьы гәасҭоит». 31 Моисеи Иегова иахь дхынҳәын, ус иҳәеит: «Закәытә гәнаҳа ӷәӷәозеи ари ажәлар иҟарҵаз! Дара ахьтәы нцәахәы ҟарҵеит! 32 Иулшозар, рыгәнаҳа ранажь, акәымзар сыхьӡгьы изнуҵаз ашәҟәы ианых». 33 Аха Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сышәҟәы зыхьӡ анысхуа исзымӡырҩӡакәа агәнаҳа ҟазҵаз иоуп. 34 Шьҭа ухынҳәны, иуасҳәаз аҭыԥ ахь ауаа га. Сымаалықь уаԥхьа дгыланы дцоит, урҭ рус анысыӡбо амш азы агәнаҳа ҟазҵаз ахьсырхәуеит». 35 Иегова ажәлар аҳәыс ахьыҟарҵаз азы иахьирхәит, — Ааро́н иҟаиҵаз аҳәыс азы.