2 Коринфаа рахь
3 Шәареи ҳареи ҿыц ҳаибадырыр аума? Мамзаргьы шьоукы ишырзыҟарҵо еиԥш ҳахьӡ бзианы изҳәо асаламшәҟәқәа шәзыҩтәума? Мамзаргьы шәара урҭ рҩызцәа асаламшәҟәқәа ҳзышәҩыр аума? 2 Шәара шәхаҭақәа ҳагәқәа ирну, зегь ирдыруа, зегь зыԥхьо ҳасаламшәҟәы шәоуп. 3 Зегьы ирбоит шәара ҳара — Анцәа имаҵуцәа — иаҳҩыз Христос исаламшәҟәы шшәакәу. Уи аҩыга ала акәӡам ишҩу, зыԥсы ҭоу Анцәа идоуҳала ауп, иахьҩугьы ахаҳә ҟьаԥсқәа рҿы акәӡам, агәқәа рҿоуп.
4 Ҳара уи Анцәа иҿаԥхьа Христос ибзоурала агәра гаҵәҟьаны иаҳҳәар ҳалшоит. 5 Уи аус ҳхала анагӡара ҳалшоит ҳәа ҳҳәаӡом, Анцәа иоуп иҳацхраауа. 6 Иара ибзоуралоуп аиқәшаҳаҭра ҿыц маҵзуҩцәаны ҳазлаҟоу. Ҳара иҩу азакәан амаҵзуҩцәа ҳакәӡам, адоуҳа амаҵзуҩцәа ҳауп. Иҩу азакәан аԥсра уқәнаҵоит, адоуҳа акәзар, аԥсҭазаара унаҭоит.
7 Ахаҳә аҿы иҭаԥҟаны ианыз аԥсра уқәызҵо азакәан убриаҟара ахьӡ-аԥша аман, израильаа Моисеи изиҿамԥшуа аҟынӡа, избанзар ихы-иҿы убриаҟара илашон. Аха уи ахьӡ-аԥша ықәӡаараны иҟан. Азакәан уи аҩыза ахьӡ-аԥша амазҭгьы, 8 адоуҳа иҟанаҵо еиҳагьы ахьӡ-аԥша амазар акәӡами? 9 Ауаҩы аԥсра иқәызҵо азакәан ахьӡ-аԥша амазар, аиашарахь уназго еиҳагьы ахьӡ-аԥша амоуп! 10 Ааи, уаанӡа зны ахьӡ-аԥша змаз еиҳау ахьӡ-аԥша змоу иахҟьаны ахьӡ-аԥша ацәыӡит. 11 Иқәӡаараны иҟаз абриаҟара ахьӡ-аԥша амазҭгьы, иаанхо шаҟа ахьӡ-аԥша аиуазеи, нас!
12 Ҳара убри аҩыза агәыӷра ҳамоуп азы, ҳамшәаӡакәа ҳцәажәоит, 13 насгьы Моисеи иҟаиҵоз ҟаҳҵаӡом. Иара ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан, израильаа иқәӡаараны иҟаз азакәан иамаз ахьӡ-аԥша* рымбарц азы. 14 Аха урҭ рыхшыҩ аркуп, ажәытә еиқәшаҳаҭра ианаԥхьо, уи ақәыршә иахьа уажәраанӡагьы иақәымхӡакәа иаанхоит, избанзар уи ақәхра шалшо Христос ибзоуралоуп. 15 Уажәгьы Моисеи изакәан ианаԥхьо, уи ақәыршә ргәы иақәыршәуп. 16 Аха ауаҩы Иегова* иахь дхьаҳәуазар, ақәыршә ақәххоит. 17 Иегова — ддоуҳауп, Иегова идоуҳа ахьыҟоу иҟоуп ахақәиҭра. 18 Ҳара зегьы ҳхы-ҳҿы иақәыршәыз ақәыршә ақәаҳхит, насгьы асаркьа еиԥш Иегова ихьӡ-иԥша ҳнубаалоит. Ҳара Анцәа ҳиеиԥшхарц азы ҳҽаҳаԥсахуеит, еиҳа-еиҳа ихьӡ-иԥша ааҳарԥшуеит, Иегова — адоуҳа* — ишиҭахыҵәҟьоу еиԥш.