Алагамҭа
2 Убасала Анцәа ажәҩани, адгьыли, иара убас урҭ злаҭәу зегьы* ршара хиркәшеит. 2 Абыжьбатәи амш алагаанӡа Анцәа иус хиркәшеит. Абыжьбатәи амш аҽны инаигӡаз аус аҟынтә иԥсы ашьара далагеит. 3 Анцәа абыжьбатәи амш дақәныҳәан, иԥшьоу мшны иҟаиҵеит, избанзар Анцәа игәы иҭеикыз зегь ишан, уи амш аҽны иԥсы ашьара далагеит.
4 Ари ажәҩани адгьыли аныҟалаз атәы зҳәо, Анцәа Иегова* адгьыли ажәҩани анишаз амш атәы зҳәо ҭоурыхуп.
5 Уи аамҭазы адгьыл аҿы ачықьқәеи егьырҭ аҵиаақәеи макьана иҟаӡамызт, избанзар Анцәа Иегова адгьыл ахь ақәа лаишьҭӡомызт, адгьыл иқәаарыхуаз ҳәагьы уаҩ дыҟамызт. 6 Аха адгьыл аҟынтә ахылҩа-ԥсылҩа ҩеиуан, адгьылгьы арԥсаҳәон.
7 Анцәа Иегова ауаҩы анышә далхны дишеит, нас иԥынҵа дҭаҭәҳәан, аԥсҭазаара ииҭеит, иаргьы зыԥсы ҭоу уаҩны* дҟалеит. 8 Анцәа Иегова Едем мрагыларатәи аган аҿы абаҳча ҟаиҵеит, иишаз ауаҩгьы уа дынирхеит. 9 Анцәа Иегова адгьыл аҿы улаԥш зыдхалоз, ашәыр бзиақәагьы зҿалоз еиуеиԥшым аҵлақәа еизирҳаит. Иара убас абаҳча агәҭаны еизирҳаит аԥсҭазаара аҵлеи ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵлеи.
10 Едемынтәи аӡиас аауан. Иара абаҳча арԥсаҳәон, абаҳча ианалслак, ԥшь-ӡиаскны аҽеиҩнашон. 11 Актәи аӡиас Фисо́н ахьӡуп. Уи ахьы ахьыҟоу адгьыл Хави́ла зегьы иахыкәшаны ицоит. 12 Уи адгьыл иамоу ахьы даараӡа ибзиоуп. Иара убас уа иҟоуп афҩы хаа змоу аҷаби* аоникси. 13 Аҩбатәи аӡиас Гихо́н ахьӡуп. Уи адгьыл Куш зегьы иахыкәшаны ицоит. 14 Ахԥатәи аӡиас Хиддеке́ль* ахьӡуп. Уи Ассириа иаваршәны мрагыларахь ицоит. Аԥшьбатәи аӡиас Евфрат ахьӡуп.
15 Анцәа Иегова ауаҩы Едемтәи абаҳчаҿы дынирхеит, дықәаарыхларц, дагьахылаԥшларц азы. 16 Анцәа Иегова ауаҩы абас идиҵеит: «Абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә узхара ашәыр уфалар улшоит. 17 Аха ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла иҿоу ашәыр умфан, избанзар уи ануфа аҽны хымԥада уԥсуеит».
18 Уи ашьҭахь Анцәа Иегова иҳәеит: «Ауаҩы ихала дыҟазар бзиаӡам. Дизысшап инаало, дхазырҭәаауа ацхырааҩ». 19 Анцәа Иегова анышә иалхны абнатә ԥстәқәеи иԥыруа ашамҭақәеи ишеит. Нас ауаҩ иахь рнагара далагеит, хьӡыс ириҭо ибарц азы. Зыԥсы ҭоу урҭ ашамҭақәа ауаҩы хьӡыс ириҭаз ауп ирыхьӡхазгьы. 20 Ауаҩы аҩнатә ԥстәқәеи, иԥыруа ашамҭақәеи, абнатә ԥстәқәеи ахьӡқәа риҭеит. Аха ауаҩы изы дҟамлеит инаалоз, дхазырҭәаауаз ацхырааҩ. 21 Усҟан Анцәа Иегова ауаҩы дҭаҳәахаа дирцәан, дыцәанаҵы иваҵкьарақәа руак аалихын, уи аҭыԥ цәеижьла ихиҩеит. 22 Анцәа Иегова ауаҩы илихыз аваҵкьыс аԥҳәыс далихын, ауаҩ иахь днеигеит.
23 Усҟан ауаҩы иҳәеит:
«Абар уажәшьҭа дахьыҟоу сыбаҩ иалху абаҩ,
Сцәеижь иалху ацәеижь.
Лара аԥҳәыс лыхьӡхоит,
Избанзар ахаҵа* дилхуп».
24 Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит*, усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит. 25 Аҩыџьагьы, ауаҩы иԥҳәыси иареи, рцәа хтын, аха иацәыԥхашьаӡомызт.