Ауриацәа рахь
1 Ажәытәан Анцәа ҳабацәеи урҭ рабацәеи аԥааимбарцәа рыла драцәажәон. Иара ус акырынтә иҟаиҵон еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. 2 Арҭ амшқәа рҵыхәтәаны иара Иԥа ила дҳацәажәон. Иара Иԥа зегь зҭынхо иакәны дҟаиҵеит, ажәҩан аҿи адгьыл* аҿи иҟоу зегь иара ила ауп ишишаз. 3 Иара инагӡаны Анцәа ихьӡ-иԥша ааирԥшуеит, зегь рыла иара диеиԥшуп. Иара амч ду змоу ажәа ала зегь икуп. Ҳагәнаҳақәа ҳхыхны, иара ажәҩан аҿы Анцәа ду иарӷьараҿы дтәеит. 4 Уи амаалықьцәа зегьы дреиҳахеит, урҭ рыхьӡ еиҳаз ахьӡгьы иоуит.
5 Амаалықьцәа рҟынтә Анцәа ӡәыр иеиҳәахьазма: «Уара сԥа уоуп, иахьа сара абыс сузыҟалеит»? Иара убас: «Сара иара абыс сизыҟалоит, иара сԥа иакәхоит»? 6 Иԥазаҵә еиҭа адгьыл ахь данааиго аамҭа иазкны иара иҳәоит: «Анцәа имаалықьцәа зегьы иара иеихырхәааит».
7 Иара убас амаалықьцәа ирызкны иҳәоит: «Имаалықьцәа амч змоу доуҳақәаны иҟаиҵоит, имаҵуцәа — мцаԥшьны». 8 Иԥа изы иара иҳәоит: «Анцәа — уаҳраҭыԥ иоуп наӡаӡа, уаҳратә лабашьа — аиашара лабашьоуп. 9 Уара аиашара бзиа иубоит, ацәгьара уцәымӷуп. Убри азоуп Анцәа, уара Унцәа, егьырҭ аҳцәа раасҭа еиҳаны агәырӷьара ахәша зуқәиҭәаз». 10 Иара убас иҳәоуп: «Аханатә уара, Иҳақәиҭу, адгьыл ашьаҭа шьҭоуҵеит, ажәҩангьы уара унапала иушеит. 11 Урҭ ықәӡаауеит, уара уаанхоит. Амаҭәа еиԥш ихоит, 12 ашәхарԥа еиԥш еикәаурҳәуеит, амаҭәа шырыԥсахуа еиԥш иуԥсахуеит. Аха уара уҽуԥсахӡом, ушықәсқәагьы нҵәаӡом».
13 Иара зныкыр маалықьк абас иеиҳәахьазма: «Сарӷьараҿы утәаз, уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа»? 14 Дара зегьы Анцәа имаҵ зуа, аиқәхара зауа ирыцхрааларц азы идәықәҵоу доуҳақәаӡами?