Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
10 Иисус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: ауасагәара ашә ала акәымкәа, ихыҵны даҽаџьарала иҭало дӷьычҩуп, дырҳәҩуп. 2 Ашә ала иҭало ахьча иоуп. 3 Аҷаԥшьаҩы уи ашә изааиртуеит, ауасақәагьы рыхьча ибжьы иазыӡырҩуеит. Иара урҭ хьыӡҳәала ирызҿыҭны, ауасагәара иҭигоит. 4 Иуасақәа зегь анҭигалак, раԥхьа дгыланы дцоит, даргьы ишьҭаланы ицоит, избанзар ибжьы рдыруеит. 5 Ауасақәа атәым ишьҭаланы ицаӡом, ицәыбналоит, избанзар ибжьы рыздырӡом». 6 Иисус уи аҿырԥштәы рзааигеит, аха дара изызкыз рзеилымкааӡеит.
7 Убри аҟынтә Иисус иациҵеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара ауасақәа рзы ашә соуп. 8 Сара сакәушәа ҟаҵаны иааз зегьы ӷьычцәоуп, рҳәцәоуп. Ауасақәа урҭ ирзыӡырҩӡом. 9 Сара ашә соуп. Сара сыла иҭало деиқәхоит. Иара дҭалоит, дҭыҵуеит, аҳәырҭагьы иԥшаауеит. 10 Аӷьыч дзаауа ауасақәа иӷьычырц, ишьырц, инирҵәарц азоуп. Сара сзааз ауасақәа аԥсҭазаара роурц, насгьы наӡаӡа инхаларц азоуп. 11 Сара сыхьча бзиоуп. Ахьча бзиа ауасақәа иԥсы* рыхҭниҵоит. 12 Аԥара ззыршәо аусуҩы ақәыџьма анибалак, ауасақәа ааныжьны дыҩны дцоит, избанзар иара ахьча иакәӡам, ауасақәагьы иара итәӡам. Ақәыџьма ауасақәа ирылаланы имҵанарсуеит, еиԥхьнарттоит. 13 Иара аԥара ззыршәо усуҩуп, ауасақәа ирыхьуа хьаас имаӡам. 14 Сара сыхьча бзиоуп. Сара суасақәа здыруеит, суасақәагьы сара сырдыруеит, 15 Саб сара сшидыруа, саргьы Саб дшыздыруа еиԥш. Сара ауасақәа сыԥсы* рыхҭнысҵоит.
16 Сара ари ауасагәара иатәым егьырҭ ауасақәагьы сымоуп, урҭгьы аазгароуп. Дара сыбжьы иазыӡырҩлоит, хьчак дызхагылоу ԥсасак ракәынгьы иҟалоит. 17 Сара сыԥсҭазаара рыхҭнысҵоит, уи ҿыц исоурц азы, убри азоуп Саб бзиа сзибо. 18 Сыԥсҭазаара аӡәгьы исымихӡом, схаҭа ирысҭоит. Сара уи рыҭара азин сымоуп, ҿыц аиурагьы азин сымоуп. Саб убас ҟасҵарц сеиҳәеит».
19 Иисус абас ахьиҳәаз азы аиудеиаа еиҭах аимак-аиҿак рыбжьалеит. 20 «Ари адемон дихаԥоуп, ихы еилаԥсеит, шәзизыӡырҩуеи?» — ҳәа зҳәоз рацәаҩын. 21 Егьырҭ ирҳәон: «Адемон дызхаԥоу абас изҳәарымызт. Адемон илашәу ауаҩы дизыхәышәтәуама?»
22 Уи аамҭазы Иерусалим аныҳәарҭа Анцәа ианизыркыз амш азгәарҭон. Ӡынран. 23 Иисус аныҳәарҭаҿы иҟаз Соломон ибарҵа ду* аҿы днеи-ааиуан. 24 Аиудеиаа икәшан, ус иарҳәо иалагеит: «Узусҭоу анбанӡаҳаумҳәало? Христос уакәзар, иаартны иҳаҳә». 25 Иисус иҳәеит: «Ишәасҳәахьеит, аха сыгәра жәгаӡом. Саб ихьӡала иҟасҵо аусқәа сызусҭоу рҳәоит. 26 Аха шәара агәра жәгаӡом, избанзар суасақәа шәакәӡам. 27 Суасақәа сыбжьы иазыӡырҩуеит, сара урҭ здыруеит, даргьы сышьҭаланы ицоит. 28 Сара урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара рысҭоит, дара ахаангьы иқәгахаӡом, аӡәымзар-аӡәгьы исымихӡом*. 29 Саб исиҭаз раасҭа зыхә ҳараку ак ыҟам. Аӡәгьы Саб урҭ изимхӡом. 30 Саби сареи ҳаӡәуп*».
31 Аиудеиаа еиҭах ахаҳәқәа шьҭырхит, игәыдырҵарц азы. 32 Усҟан Иисус абас иҳәеит: «Сара Саб исыдиҵаз аус бзиақәа рацәаны ишәсырбеит. Хаҳәла сызхышәшьаауа рыуа иарбану?» 33 Аиудеиаа ирҳәеит: «Ҳара аус бзиа азы акәӡам ахаҳә уарганы уаҳшьырц заҳҭаху, Анцәа уахьихыччо азоуп, избанзар ушуаҩугьы, унцәоушәа ухы ааурԥшуеит». 34 Иисус ус реиҳәеит: «Шәзакәан аҿы ианӡами: „Сара исҳәеит: ‚Шәара шәынцәақәоуп*‘“ ҳәа? 35 Ҳара иаҳдыруеит Аҩыра ԥсахра шақәым. Анцәа иажәа зқәыӡбо „анцәақәа“ ҳәа рзиҳәазар, 36 сара — Саб имаҵ зуларц азы иалихыз, адунеи ахь иааишьҭыз — Анцәа Иԥа соуп ҳәа ахьысҳәаз азы „Анцәа уихыччоит“ ҳәа зысзышәҳәои? 37 Саб иусқәа насмыгӡозар, сыгәра шәымган. 38 Инасыгӡозар, сара сыгәра шәымгозаргьы, сусқәа рыгәра жәгала. Усҟан еилышәкаауеит, еиҳа еиӷьынгьы еилышәкаалоит Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу». 39 Ари анраҳа, еиҭах дыркырц рҭаххеит, аха иара дрыцәцеит.
40 Уи ашьҭахь Иисус уаанӡа Иоанн ауаа аӡы иахьӡааихуаз Иордан нырцәҟа дцан, уа даангылеит. 41 Иара иахь инеиуаз рацәаҩын. Дара ирҳәон: «Иоанн џьашьахәыкгьы ҟаимҵаӡеит, аха ари ауаҩ изкны ииҳәоз зегь иашоуп». 42 Уа Иисус дхазҵаз рацәаҩхеит.