Галатаа рахь
4 Аб имазара зҭынхо аԥа дхәыҷнаҵы, амаҵуҩи иареи еиҩырго ҳәа акгьы ыҟам, зегь зтәу иара шиакәугьы, 2 избанзар аб иазалихыз аамҭа ааиаанӡа, ааӡаҩцәеи ахылаԥшыҩцәеи иҩнгьы рбоит, иаргьы дырбоит. 3 Убас ауп ҳаргьы ҳаныхәыҷқәаз ари адунеи ахәыцшьа ҳатҟәаны ҳшамаз. 4 Аха иазалхыз аамҭа анааи, Анцәа Иԥа дааишьҭит. Уи аԥҳәыс дылхылҵит, насгьы азакәан ишаҳәоз еиԥш дынхон. 5 Иара азакәан ишаҳәоз еиԥш инхоз рыхә рыхшәааны ахақәиҭра риҭеит, Анцәа ԥацәас ҳҟаиҵарц азы.
6 Шәара Анцәа иԥацәа шәоуп азы, Анцәа Иԥа ииҭаз иԥшьоу адоуҳа ҳгәы иҭеиҵеит. Уи адоуҳа иаҳнарҳәоит: «А́бба*, Ҳаб!» 7 Убри аҟынтә уажәшьҭа шәара шәмаҵуцәаӡам, Анцәа иԥацәа шәоуп. Анцәа иԥацәа аншәакәха, Анцәа аԥацәа ирықәнагоу аҳамҭа шәиҭоит.
8 Анцәа данышәзымдыруаз амцнцәақәа маҵуцәас шәрыман. 9 Уажәшьҭа Анцәа даныжәдыр, аха еиҳа ииашахон Анцәа шәара шәанидыр ҳҳәар, ишԥыкәу акгьы иаԥсам, хәарҭа злам ари адунеи ахәыцшьа шәшацныҟәо, маҵуцәас шәхы шашәҭо? 10 Шәара ак агмыжькәа амшқәеи, амзақәеи, аамҭақәеи, ашықәсқәеи шәшьоит. 11 Сшәоит ишәыдызбалаз аџьабаа баша иӡзар ҳәа.
12 Сашьцәа, саргьы зны шәара сшәеиԥшын, аха сҽысыԥсахит. Убри аҟынтә, сшәыҳәоит, шәаргьы сара сеиԥш шәҽышәыԥсах. Шәара ицәгьоу ҳәа акгьы сзыжәмуӡеит. 13 Шәара ижәдыруеит раԥхьаӡа акәны ажәабжь бзиа шәзеиҭаҳәара алшара сызҭаз счымазара шакәу. 14 Счымазара шәара шәзы иԥышәарахеит, аха схәымгашәымшьаӡеит, сышәцәымӷымхаӡеит, Анцәа имаалықь ма Христос Иисус дышшәыдышәкыларыз еиԥш ауп сышшәыдышәкылаз. 15 Иабацеи усҟан ишәымаз агәырӷьара? Агәра ганы сыҟоуп ишәылшозҭгьы, шәылақәа ҭыхны сара ишсышәҭоз. 16 Нас уажәшьҭа аиаша ахьшәасҳәо азы ишәаӷоу аӡә иеиԥш шәсыхәаԥшуама? 17 Урҭ рганахь шәиаргар рҭахуп, аха абзиара ахьышәзеиӷьаршьо азы акәӡам. Урҭ ирҭаху сара скажьны, дара шәрышьҭаларц ауп. 18 Есымша абзиара шәзыҟаҵара иашьҭоу аӡәыр дыҟазар, — сара саншәыцугьы, саншәыцымгьы, — уи даараӡа ибзиоуп. 19 Бзиа избо схәыҷқәа, сара ахшараиура иаҿу аԥҳәыс илхылго ахьаа аҩыза еиҭах исхызгоит. Уи ахьаа саргәаҟлоит зегь рыла Христос шәиеиԥшхаанӡа. 20 Ишԥасҭахыз уажәы шәааигәа сыҟазар, даҽакала сшәацәажәар, избанзар ишәыхьны иҟоу сзеилкаауам.
21 Исашәҳәа, азакәан ақәныҟәара иашьҭоу шәара: азакәан иаҳәо шәмаҳаӡои? 22 Аҩыраҿы иануп Авраам ҩыџьа аԥацәа иман ҳәа: аӡәы амаҵуҩԥҳәыс лҟынтә, егьи — ахақәиҭра змаз иԥҳәыс лҟынтә. 23 Амаҵуҩԥҳәыс лҟынтә иоуз аԥа ахәыҷқәа зегь шиуа еиԥш диит. Иԥҳәыс лҟынтә иоуз аԥа Анцәа ииҭахьаз ажәа инақәыршәаны диит. 24 Ари зегьы аҵакы амоуп. Арҭ аҳәса ҩ-еиқәшаҳаҭрак аадырԥшуеит. Руак ашьха Синаи аҿы ишьақәырӷәӷәан. Уи аиқәшаҳаҭра аҵаҟа ииуа ахәыҷқәа маҵуцәоуп. Уи аиқәшаҳаҭра — Ага́рь лоуп. 25 Ага́рь Аравиа иҟоу ашьха Синаи аалырԥшуеит. Уи иахьатәи Иерусалим даҿырԥшуп, избанзар Иерусалим ахәыҷқәеи иареи маҵуцәоуп. 26 Хыхь иҟоу Иерусалим ахы иақәиҭуп, уи ҳан ауп.
27 Аҩыра иануп: «Бгәырӷьала, ахшара дызмоуа аԥҳәыс. Быбжьы ҭыганы бгәырӷьала, ахшараиура иацу ахьаа ззымдыруа аԥҳәыс, избанзар икарыжьыз аԥҳәыс ахаҵа дызмоу лаасҭа ахшара лымоуп». 28 Сашьцәа, шәара Исаак иеиԥш Анцәа ииҳәахьаз ажәа инақәыршәаны ииз ахәыҷқәа шәоуп. 29 Аха ахәыҷқәа зегь шиуа еиԥш ииз аԥа иԥшьоу адоуҳа амч ала ииз ишьҭашәарыцара дшалагаз еиԥш ауп иахьагьы ишыҟоу. 30 Аха иаҳәозеи Аҩыра? Абар уи иаҳәо: «Амаҵуҩԥҳәыс лԥеи лареи наҟ идәылца, избанзар амаҵуҩԥҳәыс лыҷкәыни ахақәиҭра змоу аԥҳәыс лыҷкәыни абхәҭаа еицроураны иҟаӡам». 31 Сашьцәа, ҳара ҳазхылҵыз амаҵуҩԥҳәыс лакәӡам, ахақәиҭра змоу аԥҳәыс лоуп.