Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 21
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Исаак иира (1—7)

      • Измаил Исаак дихыччоит (8, 9)

      • Агари Измаили дәылырцоит (10—21)

      • Авраам Авимелехи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵоит (22—34)

Алагамҭа 21:6

Албаагақәа

  • *

    Ма «исхыччалоит».

Алагамҭа 21:14

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҳаҭа». Уи арахә рцәа иалырхуан.

Алагамҭа 21:23

Албаагақәа

  • *

    Ма «гәыбылрала иҭәу бзиабарала».

Алагамҭа 21:28

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иӡӷабыз асарақәа».

Алагамҭа 21:31

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап иаанагозар «аҿаҭахьа аҵеџь», ма «быжьба рҵеџь».

Алагамҭа 21:33

Албаагақәа

  • *

    Уи аҵла абыӷьқәа ссоуп, ашәҭқәа агәилԥштәы рымоуп ма ишкәакәоуп.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 21:1–34

Алагамҭа

21 Иегова Сарра, ишиҳәахьаз еиԥш, дигәалашәеит, Иегова уи дзықәиргәыӷыз наигӡеит. 2 Сарра лцәалтәымкәа дҟалан, зықәрахь инеихьаз Авраам иҟынтә аԥа длоуит. Лара аԥа длоуит Анцәа уи длоуеит ҳәа аниҳәаз аамҭазыҵәҟьа. 3 Авраам Cарра лҟынтә иоуз иԥа Исаак ихьӡиҵеит. 4 Анцәа ишиеиҳәахьаз еиԥш, аабатәи амш аҽны иара иԥа Исаак иаԥхьатә хисеит. 5 Авраам Исаак даниоуз 100 шықәса ихыҵуан. 6 Усҟан Сарра илҳәеит: «Анцәа сирччеит. Уи заҳауа зегьы сыцыччалоит*». 7 Лара иацылҵеит: «Аӡәыр Авраам изиаҳәарызма „Сарра ахәыҷқәа агәыԥҳәы рҿалҵалоит“ ҳәа? Аха уеизгьы иажәамҭыҽха сара иара иҟынтә аԥа дсоуит».

8 Исаак ианизҳа, агәыԥҳәы данаҵыҵ амш аҽны Авраам ачара ду иуит. 9 Сарра игәалҭеит Египет иатәыз Ага́рь Авраам иҟынтә илоуз лԥа Исаак дшихыччоз. 10 Лара Авраам ус иалҳәеит: «Ари амаҵуҩԥҳәыс лԥеи лареи наҟ идәылца, избанзар ари амаҵуҩԥҳәыс лԥеи сԥа Исааки абхәҭаа еицроураны иҟаӡам!» 11 Авраам иԥа изкны иаҳаз даара игәы инархьит. 12 Усҟан Анцәа Авраам ус иеиҳәеит: «Аҷкәыни умаҵуҩԥҳәыси рзы Сарра иуалҳәаз угәы иаумырсын. Илҳәаз уазыӡырҩы, избанзар иухылҵуеит ҳәа узқәыргәыӷыз Исаак иҟынтә ауп ишиуа. 13 Аха умаҵуҩԥҳәыс лыҷкәын иҟынтәгьы ажәлар ҿиартә иҟасҵоит, избанзар уигьы уара уԥа иоуп».

14 Авраам ашьыжь шаанӡа дгылан, ача ирмазеин, аӡҭрагьы* аӡы ҭаҭәаны Ага́рь илиҭеит. Нас урҭ лыжәҩахыр инықәҵаны, лԥагьы ларгьы дәықәиҵеит. Дышнеиуаз лара Бее́р-Ше́ва ацәҳәыраҿы дҟьалеит. 15 Аӡҭра иҭаз аӡы анынҵәа, лыҷкәын ачықьраҿы дынлыжьын, 16 лхаҭа ԥыҭк днаскьан, ус лҳәеит: «Сыҷкәын дшыԥсуа збар сҭахӡам». Нас инахарашәа дахьтәаз дқьызқьызуа аҵәыуара далагеит.

17 Анцәа Измаил ибжьы иаҳан, Анцәа имаалықь ажәҩан аҟынтә Ага́рь ус леиҳәеит: «Ибыхьи, Ага́рь? Бымшәан, Анцәа быҷкәын ибжьы иаҳаит. 18 Бгыл, быҷкәын иахь бнеины дышьҭых. Сара уи ажәлар ду ихылҵыртә иҟасҵоит». 19 Усҟан Анцәа лылақәа ааиртын, аӡы зҭаз аҵеџь лбеит. Дцан, лыӡҭра ӡыла илырҭәын, лыҷкәын илыржәит. 20 Измаил изҳауан, Анцәагьы уи дицын. Иара ацәҳәыраҿы дынхон, ахыци ахәымпали рыла ахысшьагьы бзианы иҵеит. 21 Иара Пара́н ацәҳәыраҿы дынхон. Иан Египет иатәыз аԥҳәыс дизылгеит.

22 Уи аамҭазы Авраам иахь Авимеле́х ируаа реиҳабы Фихо́л дицны днеин, ус иҳәеит: «Уара иҟауҵо зегь аҿы Анцәа дувагылоуп. 23 Убри аҟынтә Анцәа ила уқәны ажәа сыҭ саргьы, схәыҷқәагьы, смоҭацәагьы ҳшумжьо, қьиарала* сшузыҟоу еиԥш, саргьы, узқәынхо адгьылгьы қьиарала ушаҳзыҟазаауа». 24 «Сықәуеит», — иҳәеит Авраам.

25 Авраам дашшуа Авимеле́х иеиҳәеит Авимеле́х имаҵуцәа мчыла иҵеџь шимырхыз. 26 Авимеле́х иҳәеит: «Сара уи ҟазҵаз дсыздырӡом. Уара акгьы соумҳәаӡеит, иахьа уажәраанӡа акгьы смаҳацызт». 27 Усҟан Авраам Авимеле́х ауасақәеи ажәқәеи ииҭан, аҩыџьагьы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. 28 Авраам иԥсаса аҟынтә асарақәа* быжьба алихын, хазы иргылеит. 29 Авимеле́х Авраам ус диазҵааит: «Асарақәа быжьба хазы изургылеи?» 30 Иара иҳәеит: «Арҭ ауасақәа сыхьӡала иусҭоит, уи ари аҵеџь сара ишызжыз шьақәнарӷәӷәалоит». 31 Убри азоуп уи аҭыԥ Бее́р-Ше́ва* захьӡиҵаз, избанзар дара уа рҩыџьагьы аҿаҭахьа шьҭарҵеит. 32 Убасала дара Бее́р-Ше́ва аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Нас Авимеле́х ируаа реиҳабы Фихо́л диманы филисти́маа рыдгьыл ахь дхынҳәит. 33 Уи ашьҭахь Авраам Бее́р-Ше́ва атамариск* еиҭеиҳаит, нас наӡаӡатәи Анцәа Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәеит. 34 Авраам иҵегь филисти́маа рыдгьыл аҿы акыраамҭа дынхон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра