Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Иегова имаалықь израильаа ргәырҽаниҵоит (1—5)

      • Иисус Навин дыԥсуеит (6—10)

      • Анцәа израильаа еиқәзырхо аӡбаҩцәа риҭоит (11—23)

Аӡбаҩцәа 2:5

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «иҵәыуо».

Аӡбаҩцәа 2:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирзиҭиит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 2:1–23

Аӡбаҩцәа

2 Иегова имаалықь Гилгалынтәи Бохи́мҟа даан, ус иҳәеит: «Сара Египет шәалганы, шәабацәа рабацәа сықәны ирасҳәахьаз адгьыл ахь шәаазгеит. Иара убасгьы исҳәеит: „Сара шәареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра ахаангьы еилазгаӡом. 2 Шәаргьы ари адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, ркәырбаннагарҭақәагьы ықәыжәга“. Аха шәара шәысзымӡырҩӡеит. Избан ус зыҟашәҵаз? 3 Убри аҟынтә ус сҳәеит: „Сара урҭ ықәысцаӡом, дара шәара шәзы ашьацҳәа иаҩызахоит, рынцәақәа рахьгьы шәиаргоит“».

4 Иегова имаалықь арҭ ажәақәа израильаа ианреиҳәа, рыбжьы ҭыганы аҵәыуара иалагеит. 5 Убри аҟынтә уи аҭыԥ Бохи́м* ахьӡырҵеит, насгьы уа Иегова акәырбанқәа изнаргеит.

6 Иисус Нави́н ажәлар ауишьҭит, даргьы дасу ирзалхыз адгьылқәа рахь ицеит, иргарц азы. 7 Ажәлар Иегова имаҵ руан Иисус Нави́н ихаани Иисус Нави́н ишьҭахь инхоз, Иегова Израиль азы иҟаиҵаз аус дуқәа збоз ажәлар реиҳабацәа рхаани. 8 Иегова имаҵзуҩы Иисус Нави́н 110 шықәса анихыҵуаз дыԥсит. 9 Иара анышә дарҭеит биԥарала изалхыз адгьыл аҿы, Тимна́т-Хере́с, Гаа́ш ашьха аҩадахьы ишьҭоу Ефрем ашьхақәа рҿы. 10 Уи абиԥара зегь ԥсит, анаҩс Иегова дыззымдыруаз, иара убас иара израильаа рзы иҟаиҵаз ззымдыруаз абиԥара гылеит.

11 Израильаа Иегова ицәымӷу аҟаҵареи Ваа́лқәа рымаҵ ауреи иалагеит. 12 Дара Египет иалызгаз рабацәа Рынцәа Иегова дааныжьны, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалеит — иаарыкәыршаны иҟаз ажәларқәа рынцәақәа. Дара урҭ ирымҵахырхәон, Иегова игәгьы ԥыржәон. 13 Дара Иегова дааныжьны Ваа́ли Аста́ртақәеи рымаҵ аура иалагеит. 14 Усҟан Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, арҳәцәа ириҭеит, арҳәцәагьы урҭ рырҳәра иалагеит. Иара урҭ иаарыкәыршаны иҟаз раӷацәа ириҭеит*, израильаагьы уаҳа урҭ рҿагылара рылшомызт. 15 Иҟарҵозаалакгьы Иегова урҭ дырҿагылан, арыцҳарақәагьы ирықәиршәон, Иегова ишреиҳәахьаз еиԥш, Иегова дықәны ишреиҳәахьаз еиԥш. Убасала урҭ агәаҟра ӷәӷәа иҭагылеит. 16 Убри аҟынтә Иегова урҭ ақәылаҩцәа рҟынтә еиқәзырхоз аӡбаҩцәа риҭо далагеит.

17 Аха дара рыӡбаҩцәагьы ирзыӡырҩӡомызт, егьырҭ анцәақәа рымаҵ руан, иагьреихырхәон. Дара Иегова иԥҟарақәа назыгӡоз рабацәеи рабдуцәеи рымҩа иаразнак ианыҵит. Дара урҭ ирҿыԥшӡомызт. 18 Иегова урҭ аӡбаҩ данриҭоз, Иегова уи аӡбаҩ дицын, насгьы уи аӡбаҩ ихаан раӷацәа рҟынтә еиқәирхон. Иегова урҭ рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ишдыргәаҟуаз анибоз, ирыцҳаишьон.

19 Аха аӡбаҩ данԥслак, рабацәа раасҭа еицәаны рхы мҩаԥырго иалагон, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалон, рымаҵ руан, иагьреихырхәон. Дара ацәгьара шыҟарҵац иҟарҵон. 20 Усҟан Иегова израильаа игәы рзыԥжәеит, иагьиҳәеит: «Арҭ ауаа рабацәеи рабдуцәеи сареи ҳабжьара ибжьасҵаз аиқәшаҳаҭра еиларгеит, иагьсзыӡырҩӡомызт, 21 убри аҟынтә саргьы Иисус Нави́н данԥсы ашьҭахь иаанхаз ажәларқәа ықәысцаӡом. 22 Уи зыҟасҵо израильаа ԥысшәарц, рабацәа реиԥш Иегова имҩала ицалоу-имцалоу гәасҭарц азоуп». 23 Убри аҟынтә Иегова урҭ ажәларқәа аанижьит, иара урҭ иаразнак иқәимцаӡеит, Иисус Нави́нгьы урҭ дыриааиртә алимыршаӡеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра