Ақәҵра
23 Ауаа уҳәан-сҳәан рылашәмырҵәалан, ахара зду шәицхраарц азы амц ҳәаны шаҳаҭра жәмулан. 2 Еиҳараҩык иҟарҵо ҟаҳҵоит ҳәа ацәгьара ҟашәымҵалан. Еиҳараҩык ргәы ҟашәҵарц азы амц ҳәаны шаҳаҭра жәмулан, аиашара еилажәымгалан. 3 Ауаҩ ӷар иус анеилшәырго, еилых ҟашәымҵалан.
4 Шәаӷа иитәу иҟьалаз ацә ма аҽада жәбар, иара иахь ижәга. 5 Шәызцәымӷу аӡәы иҽада аидара ишканажьыз жәбар, шәаҩсны шәымцан, иҽада аидара ақәхра шәицхраа.
6 Ауаҩ ӷар иус анеилшәырго, аиашара еилашәымгалан.
7 Имцу ажәа шәадымгылалан*, насгьы акгьы зхарам ауаҩ иаша дшәымшьын, избанзар сара ахара зду дуаҩ иашаны дсыԥхьаӡаӡом.
8 Аҵарҭыша шәымгалан, избанзар аҵарҭыша иҟәышу ауаа рыла хнаҩоит, ауаа иашақәагьы амц днарҳәоит.
9 Атәымтәылауаҩ дышәмыргәаҟлан. Шәара ижәдыруеит атәым тәылаҿы анхара закәу, избанзар шәхаҭагьы Египет шәтәымтәылауаан.
10 Фышықәса адгьыл шәықәаарыхла, аҽаҩрагьы ҭажәгалала, 11 абыжьбатәи ашықәс азы адгьыл аус аджәымулан, иагьышәымцәаӷәан. Уа еизҳаз шәыжәлар иатәу аӷарцәа ирфалааит, иаанхаз абнатә ԥстәқәа ирфалааит. Убасҵәҟьа рзыжәула шәӡахәаҭрақәеи шәмаслинаҭрақәеи.
12 Фымш аус жәула, абыжьбатәи амш аҽны аус шәымуроуп, шәыцәи шәҽадеи рыԥсы ршьарц азы, иара убас шәмаҵуҩԥҳәыс лыҷкәыни ишәыланхо атәымтәылауаҩи рымчқәа ҭарҵарц азы.
13 Исҳәаз зегь ак агмыжькәа инашәыгӡала, егьырҭ анцәахәқәа рыхьӡ шәымҳәалан, рыӡбахәгьы шәаламцәажәалан!
14 Шықәсык ахь хынтә сара исызку аныҳәақәа азгәашәҭала. 15 Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәашәҭала. Ишшәасҳәаз еиԥш бжьымш арҵәыга злам ача шәфала. Иазалху аамҭазы ави́в* амзазы уи ҟашәҵала, избанзар убасҟан шәара Египет шәалҵит. Сара сахь аӡәгьы инапы ҭацәны дмааиааит. 16 Иара убас иазгәашәҭала Раԥхьатәи аҽаҩра аҭагалара аныҳәа, шәымхаҿы еизшәырҳаз раԥхьатәи аҽаҩра анҭажәгало. Иазгәашәҭала Ҽаҩраҭагалара аныҳәагьы, ашықәс анҵәамҭазы шәымхқәа рҿы иаашәрыхыз аҽаҩра зегь анҭажәгалалак. 17 Шықәсык ахь хынтә ахацәа зегьы Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова иахь инеилароуп.
18 Акәырбан ансызнажәго, ашьтәа ашьеи арҵәыга змоу ачеи еицнашәымган. Аныҳәақәа раан инажәго ашша шьыжьынӡа иаанымхароуп.
19 Адгьыл ишәнаҭо раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә зегь иреиӷьу Шәынцәа Иегова иҩнахьы инажәгала.
Аӡыс ан ахш аҿы ишәымжәлан.
20 Сара шәаԥхьа амаалықь дсышьҭуеит, шәызқәу амҩаҿы шәихьчаларц, насгьы ишәызсырхиаз аҭыԥ ахь шәнеигарц азы. 21 Шәизыӡырҩла уи, иҳәатәгьы хашәҵала. Шәиҿамгылан, шәиҿагылар, иара уи шәанаижьӡом, избанзар сыхьӡ ихуп. 22 Уи иҳәатәы шәахымԥалар, исҳәогьы ак агмыжькәа иҟашәҵалар, шәаӷацәа сраӷахоит, ишәабашьуагьы срабашьлоит. 23 Сымаалықь шәаԥхьа дгыланы дцоит, насгьы аморе́иааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, ханаа́нааи, хиве́иааи, иеву́сааи рахь шәнеигоит, саргьы урҭ ықәысхуеит. 24 Урҭ рынцәақәа шәрымҵамхырхәалан, рымаҵгьы жәмулан, урҭ ажәларқәа рҵасқәа рҿышәымҵаан. Иқәыжәга ридолқәа, иԥшьоу рышьаҟақәагьы ԥыххааса иқәышәҵа. 25 Шәынцәа Иегова имаҵ жәула, усҟан иара шәчеи шәӡи дрықәныҳәоит. Сара ачымазарақәа шәырцәысыхьчоит. 26 Шәыдгьыл аҿы зцәазтәымкәа иҟоу аҳәса бгалаӡом, ахшара дызмоуа ҳәа ԥҳәыскгьы дҟалаӡом. Сара шәынҵыра иацысҵоит, акыраамҭа шәынхалартә иҟасҵоит.
27 Шәара шәнеиаанӡагьы шәаӷацәа сара сҿаԥхьа ашәара рызцәырызгоит, шәымҩаҿы ишәԥыло ажәларқәа зегьы иҟарҵо рзымдыруа иқәсырхоит, убасала шәаӷацәа наҟ иԥхашәҵоит. 28 Шәара шәнеиаанӡагьы урҭ ргәы каҳартә иҟасҵоит*, убасҟан хиве́иааи, ханаа́нааи, хе́ттааи ишәыцәшәаны ибналаны ицоит. 29 Сара урҭ иаразнак* иқәысцаӡом, адгьыл ҭацәны иаанымхарц, насгьы абнатә ԥстәқәа ҿианы, ԥырхага шәырымҭарц азы. 30 Сара урҭ хәыҷы-хәыҷла иқәысцалоит, шәхыԥхьаӡара рацәахаанӡа, ари адгьылгьы шәара ишәтәхаанӡа.
31 Сара Амшын ҟаԥшь инаркны филисти́маа рымшын аҟынӡеи, ацәҳәыра инаркны аӡиас ду* аҟынӡеи адгьыл шәысҭоит. Урҭ ажәларқәа шәыриааиртә иҟасҵоит, шәаргьы урҭ наҟ иқәышәцоит. 32 Дареи шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, рынцәақәеи шәареи шәыбжьарагьы ибжьашәымҵан. 33 Урҭ шәыдгьыл аҿы инымхалароуп, дара рымшала шәысҿагыланы агәнаҳа аҟаҵара шәаламгарц азы. Урҭ рынцәақәа рымаҵ аура шәалагар, уи шәара шәзы ашьацҳәа иаҩызахоит.