Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Девореи Вараки аиааира ашәа рҳәоит (1—31)

        • Аеҵәақәа Сисара иабашьуан (20)

        • Аӡиас Кишон хышхыҵәоит (21)

        • Иегова бзиа дызбо амреиԥш икаҷҷоит (31)

Аӡбаҩцәа 5:2

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап убасала ауаҩы Анцәа ажәа шииҭаз ма иҽшизикыз ааирԥшуазҭгьы.

Аӡбаҩцәа 5:5

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «хыџхыџуан».

Аӡбаҩцәа 5:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2017, ад. 30

Аӡбаҩцәа 5:14

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «аписар иҩыга зку».

Аӡбаҩцәа 5:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «иҟарҵо рзымдыруа иҟан».

Аӡбаҩцәа 5:20

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2017, ад. 29—30

Аӡбаҩцәа 5:21

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ажәар.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2017, ад. 29—30

Аӡбаҩцәа 5:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    4/2017, ад. 30

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 5:1–31

Аӡбаҩцәа

5 Уи аҽны Дево́реи Авиноа́м иԥа Вара́ки абас еиԥш иҟаз ашәа рҳәеит:

 2 «Израильтәи аибашьцәа рыхцәқәа ахьоурышьҭыз азы*,

Ауаагьы хатәгәаԥхарала еибашьра иахьцаз азы,

Хьӡи-ԥшеи ишәҭала Иегова!

 3 Шәӡырҩы, аҳцәа! Шәааӡырҩы, анапхгаҩцәа!

Сара Иегова ашәа изысҳәалоит.

Израильаа Рынцәа Иегова ашәала дҳарасклоит.

 4 Иегова, уара Сеи́р уаналҵ,

Едо́м аҟынтә уандәықәла,

Адгьыл хыџхыџуан, ажәҩан аҟынтәгьы аӡы леиуан,

Аԥҭа еиқәаҵәақәа ақәа ларышьҭуан.

 5 Ашьхақәа ӡыҭуан* Иегова иҿаԥхьа,

Иӡыҭуан Синаиҵәҟьагьы израильаа Рынцәа Иегова иҿаԥхьа.

 6 Ана́т иԥа Шамга́р ихаан,

Иае́ль лхаан иҭацәит амҩақәа,

Аныҟәаҩцәа амҩадуқәа рыла иныҟәомызт, амҩахәасҭақәа рыла иахыкәшаны ицон.

 7 Израиль ақыҭақәа ҭацәын,

Сара, Дево́ра, сгылаанӡа,

Анык леиԥш Израиль сгылаанӡа.

 8 Рхазы анцәа ҿыцқәа алырхит,

Убри азоуп аибашьра агәашә изылагылоу.

Аԥыракгьы, аԥсагьы ыҟамызт

Ҩынҩажәа нызқьҩык израильаа рыбжьара.

 9 Сгәы Израиль аиҳабацәа ирыцуп,

Ажәлар ирыцны ицар зҭаххаз аиҳабацәа.

Хьӡи-ԥшеи ишәҭала Иегова!

10 Шәара, аҽадаԥшьқәа ирықәтәаны иныҟәо,

Шәара, ауарҳал ԥшӡақәа ирықәтәоу,

Шәаргьы, амҩа иану,

Шәазхәыц!

11 Аҵеџь аӡы ҭызгоз рыбжьқәа уаҳауан.

Уаҟа дара еиҭарҳәон Иегова иҟаиҵаз аус бзиақәа,

Иара убас израильтәи ақыҭақәа рҿы инхоз ауаа иҟарҵаз аус бзиақәа.

Убасҟан Иегова ижәлар агәашә ахь еихеит.

12 Бааԥшы, бҿыха, Дево́ра!

Бааԥшы, бҿыха, иҳәа ашәа!

Угыл, Вара́к! Ига атҟәацәа, Авиноа́м иԥа!

13 Усҟан еиқәхаз ауаа дуқәа рахь инеит,

Иегова ижәлар сара сахь иааит, аӷәӷәақәа ирҿагыларц азы.

14 Арха иҟаз Ефрем иҟынтә иааит,

Дара уара иушьҭанеиуеит, Вениамин, ужәлар ирылагыланы.

Махи́р иҟынтә аиҳабацәа ааит,

Завуло́н иҟынтәгьы — ар еизызго*.

15 Иссаха́р иҭауадцәа Дево́ра илыцын,

Иссаха́р еиԥш, Вара́кгьы.

Иара шьапыла архаҟа дылбааит.

Руви́м иеибашьцәа ахәыцра иҭанагаланы иаман*.

16 Наҟ-ааҟ аидара зқәу аԥстәы еиԥш узтәази,

Аԥсасазы аҿарпын шадырҳәо уазыӡырҩуа?

Руви́м иеибашьцәа ахәыцра иҭанагаланы иаман.

17 Галаа́д Иорда́н нырцә инхеит,

Дангьы — дызрықәымҵи аӷбақәа?

Аси́р усда-ҳәысда амшын аԥшаҳәаҿы дтәан,

Исқьалақәа дрыдымҵӡеит.

18 Завуло́н иакәзар, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит, аԥсра дацәымшәаӡеит;

Неффали́мгьы ашьхақәа рҿы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит.

19 Аҳцәа аан, еибашьит,

Еибашьит Ханаа́н аҳцәа

Танаа́х Меги́ддо аӡқәа рҿы.

Ирмоуӡеит урҭ араӡны.

20 Аеҵәақәа ажәҩан аҟынтә еибашьуан,

Ажәҩан аҟынтә Сиса́ра иабашьуан.

21 Аӡиас Кишо́н урҭ аманы ицеит,

Жәытәнатә аахыс иаауа аӡырҩаш, аӡиас Кишо́н.

Сыԥсы*, уара иӷәӷәақәаз укәаҳауан.

22 Усҟан аҽқәа ршьапқәа адгьыл ианырҟьон,

Рҽеибашьқәа ԥхьаҟа еихон.

23 „Ишәшәила Меро́з, — иҳәеит Иегова имаалықь, —

Ишәшәила уа инхо ауаа,

Избанзар дара Иегова ицхраарц имааӡеит,

Ауаа ӷәӷәақәа ирывагыланы Иегова ицхраарц“.

24 Акене́и Хеве́р иԥҳәыс Иае́ль

Аҳәса рыбжьара зегь реиҳа ихьӡырҳәагоу ԥҳәысуп,

Ақьалақәа рҿы инхо аҳәса рыбжьара.

25 Иара аӡы даҳәан — лара ахш илҭеит,

Аҵәца ԥшӡа иҭаҭәаны ахҷаҭ илҭеит.

26 Лара ақьала иамаз аҵәы лгарц лнапы неиҵылхит,

Ларӷьа напгьы — амҿтәы жьаҳәа хәыҷы лгарц азы,

Далалырҟацеит адгьыл Сиса́ра, иаллырҟьеит ихы аҵәы,

Иҭаԥылҽит, икылылҵәеит ихы.

27 Уа длымҵаҳаит уи, агәараҳәа длымҵаҳаит, дымҵысӡакәа дышьҭоуп;

Длымҵаҳаит уи, агәараҳәа длымҵаҳаит;

Дахькаҳаз даанхеит, дышьны дкажьын уа.

28 Аԥҳәыс аԥенџьыр дкылԥшуан,

Сиса́ра иан аихац дкылԥшуан:

„Иҽыуардын абысҟаамҭа изынхеи?

Иҽышьҭыбжь зысмаҳауеи?“

29 Еицырдыруаз аҳәса рҟынтә зегь реиҳа иҟәышыз ус ларҳәон,

Лара лхаҭагьы ус лҳәон:

30 „Иргаз амал еиҩыршозар ҟалап,

Аруаа рыцыԥхьаӡа ӡӷабк-ӡӷабк, мап, рыцыԥхьаӡа ҩыџьа-ҩыџьа,

Сиса́ра изы аԥштәы змоу амаҭәа, аԥштәы змоу амаҭәа иара изы.

Иқәҵаны иӡаху амаҭәа, аԥштәы змоу амаҭәа, иқәҵаны иӡаху ҩ-шәҵатәык

Амал згаз рыхәда ихыршьуеит“.

31 Иҭахааит уаӷацәа зегьы, Иегова,

Бзиа узбо ракәзар, амреиԥш икаҷҷалааит!»

Адгьыл аҿгьы 40 шықәса аҭынчра ыҟан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра