Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 1 Иоанн 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

1 Иоанн. Ахҳәаа

      • Иисус дхазҵо адунеи даиааиуеит (1—12)

        • «Анцәа бзиа ибара иаанаго иԥҟарақәа рықәныҟәара ауп» (3)

      • Анцәа иахь иҟаҳҵо аҳәара амч ду амоуп (13—17)

      • Ари адунеи цәгьа аҿы агәҽанызаара аашәырԥшла (18—21)

        • «Адунеи зегь Аҩсҭаа инапаҿы иҟоуп» (19)

1 Иоанн 5:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак»,

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 8

    «Иаҳнарҵозеи Абиблиа», ад. 186—187

    «Анцәа ибзиабара», ад. 5—12

1 Иоанн 5:7

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 129

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2016, ад. 6—7

1 Иоанн 5:14

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 9

    «Адырра», ад. 154—155

1 Иоанн 5:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьагьы».

1 Иоанн 5:19

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 26

1 Иоанн 5:21

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 45

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Иоанн 5:1–21

1 Иоанн

5 Иисус — Христос шиакәу агәра зго Анцәа ихәыҷ иоуп. Анцәа бзиа дызбо, Анцәа ихәыҷқәагьы бзиа ибоит. 2 Анцәа бзиа даҳбозар, иԥҟарақәагьы наҳагӡозар, Анцәа ихәыҷқәа бзиа ишаҳбо еилаҳкаауеит. 3 Анцәа бзиа ибара иаанаго иԥҟарақәа рықәныҟәара ауп, урҭ рықәныҟәарагьы цәгьаӡам, 4 избанзар Анцәа иҟынтә ииз зегьы адунеи иаиааиуеит. Ҳхаҵара абзоуралоуп адунеи ҳшаиааизгьы.

5 Иисус Анцәа Иԥа шиакәу агәра зго иакәӡами адунеи иаиааир зылшо? 6 Иисус Христос аӡи ашьеи рыла дааит. Аӡы мацарала акәымкәа, аӡи ашьеи рыла. Адоуҳагьы уи шьақәнарӷәӷәоит. Уи иаҳәо ҵабыргуп. 7 Иисус дызусҭоу аазырԥшуа аршаҳаҭгақәа хԥа ыҟоуп: 8 адоуҳа, аӡы, ашьа. Урҭ рыхԥагьы рышаҳаҭра еиқәшәоит.

9 Ауаа ирҳәо агәра ҳгозар, Анцәа ииҳәо еиҳагьы ихадоуп, избанзар уи зҳәо Анцәа иоуп. Иара ихаҭа Иԥа шаҳаҭра изиуеит. 10 Анцәа Иԥа дхазҵо Анцәа иҟынтә ашаҳаҭра идикылоит. Анцәа игәра зымго, уи дымцҳәаҩушәа дааирԥшуеит, избанзар Анцәа Иԥа изы иҟаиҵо ашаҳаҭра агәра игаӡом. 11 Абар уи шаҳаҭрас иҟаиҵо: иара Иԥа ила наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭеит. 12 Аԥа дыздызкыло наӡаӡатәи аԥсҭазаара имоуп, Анцәа Иԥа дыздызымкыло наӡаӡатәи аԥсҭазаара имаӡам.

13 Сара ари зышәзыcыҩуа, шәара, Анцәа Иԥа дхазҵаз, наӡаӡатәи аԥсҭазаара шшәымоу жәдыруазарц азоуп. 14 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Анцәа ҳаниҳәо, иаҳҳәо зегь шиаҳауа, иаҳҳәо игәы иақәшәозар. 15 Иаҳҳәо зегь шиаҳауа ҳдыруазар, ҳзызиҳәозаалакгьы шҳаиҭо ҳдыруеит, избанзар иара ҳиҳәеит.

16 Аӡәы ибар иашьа аԥсрахьы уназымго агәнаҳа шыҟаиҵо, уи изы Анцәа диҳәароуп, Анцәагьы уи аԥсҭазаара ииҭоит. Уи аԥсрахьы уназымго агәнаҳа ҟазҵо роуп изызку. Аха иҟоуп аԥсрахьы уназго агәнаҳа. Уи аҩыза агәнаҳа ҟазҵо изы Анцәа шәиҳәалароуп ҳәа сҳәаӡом. 17 Иарбан цәгьаразаалак — гәнаҳароуп. Аха иҟоуп аԥсрахьы уназымго агәнаҳа.

18 Ҳара иаҳдыруеит Анцәа иҟынтә ииз агәнаҳа шыҟаимҵо. Анцәа Иԥа уи дихылаԥшуеит, Аҩсҭаагьы* дзиԥырхагахом. 19 Ҳара Анцәа ҳшитәу ҳдыруеит, аха адунеи зегь Аҩсҭаа* инапаҿы иҟоуп. 20 Аха ҳара иаҳдыруеит Анцәа Иԥа дшааз, насгьы аилкаара шҳаиҭаз, Нцәас иҟаҵәҟьоу даҳдырырц азы. Иԥа, Иисус Христос, ибзоурала Анцәеи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп. Иара иоуп Анцәаҵәҟьа, уи наӡаӡатәи аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп. 21 Схәыҷқәа, аидолқәа рымԥан шәықәымлан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра