Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 13
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Аҵыхәтәантәи агәҽанҵарақәеи алабжьарақәеи (1—14)

        • «Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала» (5)

        • Шәыҽшәыриашала, хәыцшьак шәымаз (11)

2 Коринфаа 13:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    3/2024, ад. 12—13

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2023, ад. 9—10

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2018, ад. 10

2 Коринфаа 13:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2020, ад. 18—23

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 13:1–14

2 Коринфаа рахь

13 Уажәы хынтәуп шәара шәахь анеира сгәы иҭаскуеижьҭеи. «Иарбан усзаалак ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ишьақәырӷәӷәазар ауп». 2 Уажәы сшышәцәыхароугьы, аҩынтә раан шәара шәахь снеизшәа сгәы иабоит. Убри азоуп уаанӡа агәнаҳа ҟазҵозгьы егьырҭгьы заа ргәызырҽанысҵо. Сара урҭ ирасҳәоит мышкызны еиҭа шәара шәахь снеир, ишрыцҳасымшьо. 3 Убасала ишәсырбоит Христос сара сыла дышцәажәо. Иара шәыбжьара дыԥсыҽӡам, иара шәыбжьара имч ду ааирԥшуеит. 4 Данԥсыҽыз, ашьаҟа дкыдҵаны дыршьит, аха уажәшьҭа Анцәа имч абзоурала иԥсы ҭоуп. Иара дшыԥсыҽыз еиԥш ҳаргьы ҳаԥсыҽуп, аха иҟашәҵо шәзырҟаҵо Анцәа имч абзоурала ҳицынхалоит.

5 Хаҵарала шәынхоу-шәнымхоу гәашәҭала, шәзеиԥшроу еилышәкаала. Иисус Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәшыҟоу шәзеилымкааӡои? Ҳәарада, Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәзаанхаӡом, Анцәа дыззыразым уааны шәҟалазар. 6 Ҳара Анцәа даҳзыразуп, даараӡа сгәыӷуеит уи еилышәкаап ҳәа.

7 Анцәа ҳиҳәоит ацәгьара ҟашәымҵаларц, аха ус ҳазиҳәо ауаа Анцәа даҳзыразуп ҳәа ргәы иаанагаларц азы акәӡам. Ҳара иаҳҭаху ииашаны шәхы мҩаԥыжәгаларц ауп, ауаа Анцәа даҳзыразӡам ҳәа ргәы иаанагозаргьы. 8 Ҳара аҵабырг иаԥырхагахо ҳәа акгьы ҳзыҟаҵаӡом, иҟаҳҵар ҳалшо уи иацхраауа заҵәык ауп. 9 Ҳара еснагь ҳгәырӷьоит ҳара ҳанԥсыҽу, аха шәара шәаныӷәӷәоу, убри аҟынтә шәыҽшәыриашаларц азы Анцәа ҳиҳәоит. 10 Убри азоуп абарҭқәа зегь снеиаанӡа изышәзысыҩуа, саннеилак мыцхәы инақәырӷәӷәаны шәыриашара сықәымшәарц азы, избанзар Иҳақәиҭу амчра зсиҭаз шәхаҵара сырӷәӷәаларц азоуп, шәгәы касыжьларц азы акәӡам.

11 Аҵыхәтәаны исҳәарц исҭаху, сашьцәа, анаҩсгьы шәгәырӷьала, шәыҽшәыриашала, егьырҭ рҟынтә ацхыраара шәыдышәкылала, хәыцшьак шәымаз, ҭынч шәынхала, усҟан абзиабареи аҭынчреи Рынцәа дшәыцзаауеит. 12 Аԥсшәа анеибышәҳәо, гәыцқьала шәеибагәӡла. 13 Иԥшьоу зегьы асалам шәырҭоит.

14 Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи, Анцәа ибзиабареи, зегьы иҳамоу иԥшьоу адоуҳаи шәыгымзааит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра