Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
23 Нас зегь ҩагылан, Иисус Пилат иахь дыргеит. 2 Ахара идҵо, дара абас рҳәон: «Ари ауаҩ ҳажәлар аҳәынҭқар иҿаиргылоит, ацезарь ашәахтә изшәара аҭахӡам ҳәа реиҳәоит, насгьы Христос соуп, аҳ соуп ҳәа иҳәоит». 3 Пилат Иисус диазҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит». 4 Усҟан Пилат аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ус реиҳәеит: «Сара ари ауаҩ ихароу ҳәа акгьы збом». 5 Аха дара уеизгьы ирҳәон: «Иара Иудеиа ахьынӡанаӡааӡо, Галилеиа инаркны абранӡа, ажәлар дрылаланы идирҵо иахҟьаны ауаа аҳәынҭқар иҿагылоит». 6 Пилат ари аниаҳа: «Ари ауаҩ дгалилеиатәиума?» — ҳәа дҵааит. 7 Пилат ианеиликаа, Иисус И́род инапаҵаҟа иҟаз аҭыԥ дшатәыз, уи иахь дишьҭит. Урҭ амшқәа рзы И́родгьы Иерусалим дыҟан.
8 И́род Иисус даниба, дгәырӷьеит. Дибар иҭахижьҭеи акрааҵуан, избанзар иӡбахә рацәаӡаны иаҳахьан, џьашьахәык сирбап ҳәагьы дгәыӷуан. 9 Убри азы азҵаарақәа иқәиԥсеит. Аха Иисус аҭак ииҭомызт. 10 Уа игылаз аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи аԥхьаҟа иааскьан, рыԥсахы еибакуа ахара идҵара иалагеит. 11 Усҟан И́родгьы ируааи иареи Иисус иларҟәра иалагеит. Нас амаҭәа ԥшӡа ишәҵаны ихыччон. Уи ашьҭахь И́род Иисус еиҭах Пилат иахь дишьҭит. 12 И́роди Пилати уаанӡа ишеиӷацәазгьы, уи аҽны еиҩызцәахеит.
13 Пилат аԥшьаҩ еиҳабацәеи, ажәлар рнапхгаҩцәеи, ажәлари дрыԥхьан, 14 ус реиҳәеит: «Ари ауаҩ ажәлар аҳәынҭқар иҿаиргылоит ҳәа дысзаажәгеит. Сара ишшәаҳауаз азҵаарақәа исҭеит, аха ак ихараны исымбеит. 15 И́родгьы уи ихароу ҳәа акгьы имбеит, уи азоуп арахь дзааишьҭыз. Ари ауаҩ дызхушьаауа ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит. 16 Убри азы ҟамчыла дсыпҟоит, нас доусышьҭуеит». 17 ——* 18 Аха ажәлар ҳәҳәон: «Дшьы наҟ, Вара́вва доушьҭ!» 19 Вара́вва ақалақь аҿы иҟаз аилаҩынтра дахьалахәыз, насгьы ашьра ахьыҟаиҵаз азы дҭакын. 20 Пилат Иисус доуишьҭыр иҭахын азы, еиҭах ажәлар драцәажәеит. 21 Аха дара ҳәҳәон: «Ашьаҟа дкыдҵа! Ашьаҟа дкыдҵа!». 22 Пилат ахынтә раан иҳәеит: «Дзыхшәырҟьои? Цәгьарас иҟаиҵеи? Сара дызхушьааша ҳәа акгьы сымбеит. Убри азы ҟамчыла дсыпҟоит, нас доусышьҭуеит». 23 Аха дара дышьтәуп ҳәа еиҳагьы рыбжьы ырцәгьаны аҳәҳәара иалагеит. Убриаҟара иҳәҳәон, 24 Пилат изымычҳан, ирҭахыз ҟаиҵеит: 25 аилаҩынтразы, насгьы ауаҩшьразы абахҭа иҭакыз доуишьҭит. Иисус иакәзар, дара ишырҭахыз дизныҟәеит.
26 Иисус дкыдҵаны дыршьырц азы дрыманы ианцоз, ақыҭарантәи иаауаз, Кире́на иатәыз хаҵак Иисус ишьаҟа даҵарҵеит. Уи Си́мон ихьӡын. Иара уи ашьаҟа иманы Иисус дишьҭагыланы дцон. 27 Имаҷҩымкәа ауаагьы Иисус ишьҭаланы ицон. Аҳәсагьы ргәы иаасуа, иқьызқьызуа иҵәыуо инеиуан. 28 Иисус дхьаҳәын, урҭ аҳәса днарыхәаԥшын, ус реиҳәеит: «Иерусалим аԥҳацәа, сара сакәӡам ишәҵәыуаша, ишәҵәыуаша шәхи шәхәыҷқәеи роуп, 29 избанзар иааиуеит амшқәа, абас анырҳәо: „Насыԥ рымоуп ахшараиура злымшо, хшара дызмоуц, насгьы асаби агәыԥҳәы иҿазымҵац!“ 30 Усҟан ауаа ашьхақәа ҳшәыхьча ҳәа рарҳәалоит, ахәқәагьы — ҳашәҵәахы ҳәа. 31 Аҵла аӡы аналоу абас ҟалозар, нас, иҟалои уи анҩалак?»
32 Иисус дахьыргоз ҩыџьа ацәгьоуцәагьы ршьырц азы ирыманы ицон. 33 Ахыбаҩ ҳәа изышьҭаз аҭыԥ ахь ианнеи, Иисус ашьаҟа дкыдырҵеит, икыдырҵеит ацәгьаҟаҵаҩцәагьы, аӡәы — иарӷьарахь, егьи — иармарахь. 34 Иисус иҳәеит: «Саб, иаҭоумҵан, избанзар иҟарҵо рзеилкааӡом». Нас аруаа Иисус имаҭәа еиҩыршарц азы аҵәы ҭарыԥсеит*. 35 Ажәлар гыланы иԥшуан, анапхгаҩцәа ракәзар, Иисус ихыччо ирҳәон: «Егьырҭ еиқәимырхози?! Шьҭа ихгьы еиқәирхааит, иара Анцәа Иалихыз, иааишьҭыз Христос иакәзар». 36 Аруаагьы Иисус ихыччон. Дара иааигәа инеины, аҩы ҵәыҵә идыргалон, 37 иагьырҳәон: «Аиудеиаа раҳ уакәзар, ухы еиқәырха». 38 Иханы ианырҵеит: «Аиудеиаа раҳ».
39 Икнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩцәа руаӡәкгьы Иисус иҟоу зегь изиҳәо далагеит. Иара иҳәон: «Христос уоуми? Нас ухы еиқәумырхои! Ҳаргьы ҳаиқәырха!» 40 Аха егьи ацәгьаҟаҵаҩ ус иҳәеит: «Анцәа уицәымшәаӡои, уара, зынӡа? Иара изыԥшу акәӡами уаргьы иузыԥшу? 41 Ҳара иҳақәнагаз ҳзыруит, аха ари ауаҩ цәгьарас иҟаиҵаз ҳәа акгьы ыҟаӡам». 42 Нас иҳәеит: «Иисус, Уаҳрахь уаннеилак, сугәаларшәа». 43 Иисус уи иеиҳәеит: «Сара иахьа ажәа усҭоит: уара џьанаҭ усыцҟалоит».
44 Шьыбжьонын, асааҭ 12 раҟара* акәын иҟаз, аха уа адгьыл зегь лашьцеит, асааҭ 3-нӡагьы* алашьцара ахыҵуамызт, 45 избанзар амра лашьцеит. Нас аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳаз аԥарда агәҭа ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥжәеит. 46 Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Саб, сыԥсы унапы ианысҵоит». Убри аниҳәа ашьҭахь дыԥсит. 47 Ар реиҳабы иҟалаз аниба, Анцәа дҳаракуа абас иҳәеит: «Ари ауаҩ акгьы ихараӡаҵәҟьамызт». 48 Иисус дшыршьуа иахәаԥшырц иааз ауаа иҟалаз анырба, ргәы иаасуа рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит. 49 Дыздыруаз зегьы харашәа игылан. Галилеиантәи ицны иааз аҳәсагьы уа иҟан. Даргьы иҟалаз зегь рбеит.
50 Уа дыҟан Иосиф зыхьӡыз, иуаҩ бзиаз, иуаҩ иашаз хаҵак. Уи аусӡбаратә хеилак* далахәын, 51 аха урҭ ирыӡбаз дақәшаҳаҭмызт. Иосиф аиудеиаа рықалақь Аримафе́иа датәын, Анцәа Иаҳрагьы дазыԥшын. 52 Иара Пилат иахь днеин, Иисус иԥсыбаҩ даҳәеит. 53 Нас аԥсы ақәны цқьа иалхыз аба дылеиҳәан, ацаҟьаҿы иҟаҵаз, аӡәгьы дахьҭарымҵацыз адамра дҭеиҵеит. 54 Уи асабша рҽаназыҟарҵоз амш акәын. Ахәылбыҽха ааигәахон, асабшагьы ааиуан. 55 Аха уеизгьы Галилеиантәи Иисус ицны иааз аҳәсагьы адамрахьы ицеит. Дара ирҭахын уи иахәаԥшырц, насгьы Иисус дышҭарҵаз рбарц. 56 Нас афҩы хаа змаз аҳаскьынқәеи зыфҩы хааз ахәшеи дырхиарц азы ихынҳәит. Асабшаҽны, азакәан ишаҳәоз еиԥш, рыԥсы ршьон.