Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа
2 Аҳ И́род* ихаан иудеиатәи Вифлеем ақалақь аҿы диит Иисус. Уи ашьҭахь Мрагыларантәи астрологцәа Иерусалимҟа инеит. 2 Дара ҵааит: «Дабаҟоу ииз аиудеиаа раҳ? Ҳара Мрагылара ҳаныҟаз, иеҵәа ҳбеит, убри азы ҳиеихырхәарц ҳааит». 3 Аҳ И́род ари аниаҳа, дшәеит, Иерусалим инхозгьы зегь шәеит. 4 Иара аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи зегь ааизиган, Христос* дираны дабаҟоу ҳәа дразҵааит. 5 Дара иарҳәеит: «Иудеиатәи Вифлеем аҟны, избанзар аԥааимбар абас иҩхьан: 6 „Уара, иудеиатәи Вифлеем, Иуда анапхгаҩцәа рзы акгьы иаԥсам қалақьым, избанзар сыжәлар, Израиль, зыхьчо духылҵуеит“».
7 Уи ашьҭахь И́род маӡала астрологцәа ааиԥхьан, аеҵәа анцәырҵыз аамҭа еиликааит. 8 Иара урҭ Вифлеемҟа идәықәиҵан, абас реиҳәеит: «Шәцаны, ахәыҷы дшәыԥшаа, данышәыԥшаалак, шәхынҳәны исашәҳәа, саргьы сиеихырхәарц азы». 9 Аҳ ианизыӡырҩ ашьҭахь рымҩа иқәлеит. Мрагылара ианыҟаз ирбаз аеҵәа амҩа дырбо, раԥхьа игыланы ицон. Ахәыҷы дахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа ианнеи, аеҵәа уа иаангылеит. 10 Аеҵәа шаангылаз анырба, даараӡа игәырӷьеит. 11 Аҩны ианыҩнала, ахәыҷы иан Мариеи иареи рбеит. Ахәыҷы данырба, иҿаԥхьа ишьамхышгылан, иеихырхәеит. Нас ахьи, афҩы хаа змаз аладани, амирреи ҳамҭас ирҭеит. 12 Анцәа урҭ ԥхыӡла иреиҳәеит И́род иахь ихнымҳәырц, убри аҟынтә ртәылахь даҽа мҩак ала ицеит.
13 Ианца, Иосиф ԥхыӡла Иегова* имаалықь дибеит. Уи ус иҳәеит: «Ахәыҷы иани иареи аашьҭыхны Египетҟа уеиха, адырра усҭаанӡагьы ухнымҳәын, избанзар И́род ахәыҷы дыԥшааны дишьыр иҭахуп». 14 Аухаҵәҟьа Иосиф ахәыҷы иани иареи аашьҭыхны, Египетҟа дцеит, 15 И́род дыԥсаанӡагьы уа дыҟан. Абри зегь зыҟалаз, Иегова иԥааимбар ила ииҳәаз абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Сԥа Египетынтәи сиԥхьеит».
16 И́род астрологцәа дшыржьаз анеиликаа, иԥсахы еибакын, Вифлееми уи акәша-мыкәшеи ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуаз аҷкәынцәа зегь ршьырц адҵа ҟаиҵеит. Астрологцәа иарҳәаз ала, иара ахәыҷы убри аҟара ихыҵуеит ҳәа иԥхьаӡеит. 17 Убас инаӡеит аԥааимбар Иереми́а ииҳәаз ажәақәа: 18 «Ра́ма ақалақь аҿы аҵәыуабжьи аҳәҳәабжьи геит. Рахиль лхәыҷқәа лҵәыуон, аҽеиқәкрагьы лҭахӡамызт, избанзар иҟамызт уаҳа лхәыҷқәа».
19 И́род данԥсы, Иосиф ԥхыӡла Иегова имаалықь дибеит. 20 Уи ус иҳәеит: «Угыл, ахәыҷы иани иареи уманы Израильҟа уца, избанзар ахәыҷы дызшьырц зҭахыз ԥсхьеит». 21 Иосифгьы ахәыҷы иани иареи иманы Израильҟа дхынҳәит. 22 Аха иара И́род иԥа Архелаи Иудеиа дшахагылоу аниаҳа, уахь ацара дшәеит. Уи адагьы, Анцәа уахь умцан ҳәа ԥхыӡла иеиҳәахьан азы, Галилеиаҟа дцеит. 23 Уахь даннеи, Назарет ақалақь аҿы анхара далагеит. Убас инаӡеит аԥааимбарцәа ирҳәаз абарҭ ажәақәа: «Уи Назарет иатәу ҳәа изырҳәалоит».