Тит иахь
2 Аха уара анаҩсгьы хәарҭа злоу дырҵала. 2 Зықәрахь инеихьоу ахацәа ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, пату зқәу ракәзароуп, ииашоу ахәыцшьа рымазароуп, рхаҵара ӷәӷәазароуп, абзиабара аадырԥшлароуп, ачҳара рымазароуп. 3 Убас еиԥш зықәрахь инеихьоу аҳәсагьы ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, аӡәы иҟам-ианым изырымҳәалароуп, мыцхәы аҩы ажәра шьцыларас ирымамзароуп, егьырҭ абзиа ддырҵалароуп, 4 иқәыԥшу аҳәса рхацәеи рхәыҷқәеи бзиа ирбаларц рабжьаргалароуп, 5 иддырҵалароуп ииашаны ишхәыцлаша, рхәыцрақәеи русқәеи цқьаны ишырыхьчалаша, аҩн ус ишацәымаашьалаша, аус бзиақәа шыҟарҵалаша, рхацәа рҳәатәы ишазыӡырҩлаша, Анцәа иажәа аӡәгьы ишакәым дахымцәажәарц азы.
6 Иқәыԥшу аишьцәагьы ииашаны ихәыцларц ргәазҭаҵала, 7 зегь рыла аҿырԥш бзиа дырбала, угәы ақәкны ицқьоу дырҵала*. 8 Уажәақәа хәарҭа рылаз, гәыбӷан урымҭартә еиԥш уцәажәала, усҟан ҳаӷацәа ԥхашьоит, избанзар ҽԥныҳәа ҳарҭартә еиԥш алшара роуӡом. 9 Амаҵуцәа есымша рыԥшәмацәа ирзыӡырҩлааит, ргәы аҟаҵара иашьҭазааит, ажәа рымарымклааит, 10 ирыҵамӷьычлааит, уи аҭыԥан, агәрагара ишаԥсоу ддырбалааит. Усҟан Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа иҵарақәа еиҳагьы идырԥшӡоит.
11 Анцәа ауаа зыԥсам ақьиара ааирԥшит, уи абзоурала еиуеиԥшым ауаа еиқәхоит. 12 Анцәа иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара иаҳнарҵоит ицәымӷу аусқәеи ари адунеи* агәаҳәара ҟьашьқәеи мап рыцәкра, насгьы ари адунеи аҿы Анцәа иҿаԥхьа зхәыцшьеи зхымҩаԥгашьеи иашоу реиԥш гәык-ԥсыкала имаҵ аура. 13 Ҳара ҳазыԥшуп зеиԥшыҟам ҳгәыӷра анынаӡо аамҭа, иара убас Зегьзымчу Анцәеи Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христоси рыхьӡ-рыԥша анаадырԥшуа аамҭа. 14 Христос ихы ҳақәиҵеит, азакәан еилазго аусқәа рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы*, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵара зҽазызшәо, ихазы ҷыдала иалихыз ажәлар реиԥш ҳаирыцқьеит.
15 Иумоу амчра ухы иархәаны абри зегь дырҵала. Агәра дыргала*, иахьиашам дырбала. Аӡәы уатәамбакәа думыхәаԥшлааит.