1 Тимофеи иахь
2 Зегь раԥхьаӡа иргыланы исҭахуп еиуеиԥшым ауаа рзы Анцәа шәиҳәаларц, шәӷьаҵәыӷьаҵәуагьы шәиҳәаларц, иҭабуп ҳәагьы иашәҳәаларц. 2 Аҳцәеи аҭыԥ ду аанызкылои рзгьы Анцәа шәиҳәала, ашьшьыҳәа, ҭынч анхаразы, гәыкала Анцәа имаҵ ауразы, насгьы иҟаҳҵо зегьы ҳгәы ақәкны аҟаҵаразы алшара ҳамазарц азы. 3 Уи Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа игәы иахәоит, ииашоуп ҳәагьы иԥхьаӡоит. 4 Иара иҭахуп еиуеиԥшым ауаа аҵабырг еилыркаарц*, насгьы еиқәхарц. 5 Нцәак иоуп иҟоу, Анцәеи ауааи рыбжьара цҳаражәҳәаҩыс иҟоугьы аӡә иоуп — иуаҩыз Христос Иисус. 6 Иара зегьы* иԥсы рыхҭниҵеит, убасала иақәнагоу ахә рыхшәааны иҿихит. Уи ианаамҭоу ауаа ирылаҳәахоит. 7 Убри сазышаҳаҭларц азоуп Анцәа жәабжьҳәаҩыс, насгьы апостолс сзалихыз — иауриам ауаа ахаҵара аарԥшышьеи аҵабырги дсырҵаларц азы. Амц сҳәаӡом, аиаша ауп исҳәо.
8 Сара исҭахуп шәахьеизозаалакгьы, ахацәа аӡәгьы ажәа имамкӡакәа, гәыԥжәарак ҟамҵакәа, рнапқәа шьҭыхны гәыцқьала Анцәа иҳәаларц. 9 Иара убас исҭахуп аҳәса ишахәҭоу еиԥш*, ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш рҽеиларҳәаларц. Дара рҽызладырԥшӡалаша рыхцәы аԥашьалеи, хьылеи, бырлашлеи, зыхә цәгьоу маҭәалеи акәӡам, 10 гәыкала Анцәа изиашоу аҳәса ишрықәнагоу еиԥш аус бзиақәа рыла ауп.
11 Аҳәса аҵара анырҵо ҿырымҭлааит, ахацәа рҳәатәы иахымԥалааит. 12 Сара аҳәса азин рысҭаӡом егьырҭ аҵара дырҵара, мамзаргьы ахацәа хадара рзура. Урҭ ҿырымҭлароуп. 13 Раԥхьа Адам иоуп ишаз, Ева лакәӡам. 14 Адам иакәӡам ижьаз, аԥҳәыс лоуп, агәнаҳа ҟазҵазгьы лара лоуп. 15 Аха аԥҳәыс анра дахьчоит, лара анаҩсгьы ахаҵареи абзиабареи аалырԥшлар, Анцәа иҿаԥхьа лыцқьара лыхьчалар, аҟәышрагьы аалырԥшлар.