1 Тимофеи иахь
3 Арҭ ажәақәа рыгәра угартә иҟоуп: хылаԥшҩыс аҟалара зҭаху аус бзиа дашьҭоуп. 2 Ахылаԥшҩы ак ивубо дыҟамзароуп, ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ишьцыларақәа дрыцклаԥшлароуп, ииашаны дхәыцуазароуп, деиҿкаазароуп, асасдкылара илазароуп*, арҵара дазҟазазароуп, 3 арыжәтә иҽеимыршьлароуп, инапы шьҭимхуазароуп*, дҟәымшәышәзароуп*, аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, аԥара бзиа имбалароуп, 4 иҭаацәа ибзианы хадара рзиуазароуп, ихәыҷқәа ааӡазароуп, иҳәатәы харҵозароуп. 5 (Ауаҩы иҭаацәа хадара рзура илымшозар, Анцәа иеизара дызлахылаԥшлои?) 6 Иара ааигәа аӡы зыҽӡаазххьоу иакәымзароуп, дԥагьамхарц, насгьы Аџьныш иԥеиԥш иԥеиԥшымхарц азы. 7 Уи адагьы, аизара иатәым ибзианы ихцәажәозар ауп, ҽԥныҳәа имамзарц азы, насгьы Аџьныш ишьацҳәа даҿамшәарц азы.
8 Аизара ацхырааҩцәа пату зқәу ракәзароуп, ҩ-бзык рҿамзароуп*, мыцхәы аҩы рымжәлароуп, аԥаразы зыԥсы цәгьоу ракәымзароуп. 9 Дара иԥшьоу амаӡа, даҽакала иуҳәозар, ахаҵара, ламысцқьала рҽаларԥсны иркызароуп.
10 Раԥхьа урҭ ԥышәаны, уи аҩыза амаҵзура ианаалоу-ианымаалоу гәаҭатәуп, ак рывубо иҟамлар, аизара ацхырааҩцәас амаҵ рулааит.
11 Аҳәса ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп, аӡәгьы иҟам-ианым изырымҳәалароуп, рышьцыларақәа ирыцклаԥшлароуп, насгьы зегь рыла Анцәа гәыкала ишизыҟоу аадырԥшлароуп.
12 Аизара ацхырааҩ ԥҳәыс заҵәык димазароуп, ихәыҷқәеи иҭаацәеи ибзианы хадара рзиуазароуп. 13 Змаҵзура ибзианы иназыгӡо ахьӡ бзиа дырҳауеит, насгьы Христос Иисус иахь ирымоу ахаҵара аӡбахә имшәаӡакәа аҳәара рылшоит.
14 Сара уара уахь снеир сҭахуп, аха иаарласны сзымнеир ауеит азы, абри зегьы узысыҩуеит, 15 аҵабырг зыхьчо, уи шьаҟас иамоу Анцәа иҩнаҿы — зыԥсы ҭоу Анцәа иеизараҿы — ухы шымҩаԥугалаша удыруазарц азы. 16 Ҳәарада, Анцәа гәыкала изиашоу дызусҭахоз иазку иԥшьоу амаӡа акраҵанакуеит: «Иара* дуаҩны дҟалеит, еиҭа доуҳатә шамҭаны даныҟала, Анцәа иҿаԥхьа диашоуп ҳәа дыԥхьаӡахеит, амаалықьцәа дрызнеит, ажәларқәа рыбжьара иӡбахә рҳәон, адунеи аҿы ауаа уи дхарҵеит, ажәҩан ахь дган, хьӡи-ԥшеи иҭан».