Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Филиппаа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Филиппаа. Ахҳәаа

      • Ақьырсианцәа ахынраалара аадырԥшуеит (1—4)

      • Христос ахынраалара ааирԥшит, убри азы Анцәа уи дҳареикит (5—11)

      • Шәеиқәхарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала (12—18)

        • Алашара еиԥш шәыжжаӡа шәлашала (15)

      • Павел Тимофеии Епафродити ишьҭуеит (19—30)

Филиппаа 2:3

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҭыӡшәа ҟашәымҵалан».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Усхьыԥшы, усыцла», ад. 33

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2021, ад. 15—16

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    5/2019, ад. 25

Филиппаа 2:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 48

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 30

Филиппаа 2:7

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Усхьыԥшы, усыцла», ад. 29—30, 175

Филиппаа 2:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Усхьыԥшы, усыцла», ад. 32

Филиппаа 2:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 15

Филиппаа 2:13

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 12

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    10/2019, ад. 20—21

Филиппаа 2:17

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 435

Филиппаа 2:20

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2023, ад. 9

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 31

Филиппаа 2:21

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 31

Филиппаа 2:22

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 31—32

Филиппаа 2:30

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «Иҳақәиҭу».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Филиппаа 2:1–30

Филиппаа рахь

2 Ақьырсианцәа реиԥш шәгәы шьҭибахуазар, абзиабара аарԥшны шәеицхыраауазар, шәгәы еибарҭынчуазар, ахаареи арыцҳашьареи аашәырԥшуазар, 2 сшәыҳәоит, еиҳагьы сзыргәырӷьо ҟашәҵала: аӡәк иеиԥш шәыҟаз, бзиа шәеибабала, шәҳәоу еиқәшәо шәыҟаз. 3 Ак аныҟашәҵо, шәмеицлаблан*, ахышьҭыхра шәашьҭамлан. Ахынраалара аарԥшны, егьырҭ шәара шәаасҭа еиӷьуп ҳәа шәыԥхьаӡала, 4 шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәрызхәыцла.

5 Христос Иисус иеиԥш шәхәыцла. 6 Иара Анцәа дышиеиԥшызгьы, Анцәа диаҟарахарц дашьҭамызт, уи дагьазхәыцуамызт. 7 Иара имаз зегь мап ацәкны, маҵуҩык иеиԥш дуаҩны дҟалеит. 8 Уи инеиҳангьы, дуаҩны даныҟала ахынраалара ааирԥшит, насгьы ашьаҟаҿы дыԥсаанӡа Анцәа иҳәатәы дықәныҟәон. 9 Убри аҟынтә Анцәа уи уаанӡа аасҭа дҳареикит, уаҳа аӡәымзар-аӡәы имамыз амчра ииҭеит, 10 ажәҩан аҿи адгьыл аҿи инхо, адгьыл аҵаҟагьы иҟоу зегьы Иисус имчра ҳаҭыр ақәҵаны иадгыларц азы, 11 зегьы ишырбо-ишраҳауа Иисус Христос Иҳақәиҭу иеиԥш дрыдыркыларц, уи ала Ҳаб Ҳанцәа хьӡи-ԥшеи ирҭарц.

12 Гәык-ԥсыкала бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, шәара саншәыцызгьы еснагь Анцәа шәизыӡырҩуан, аха уажәы, саншәыцым, еиҳагьы шәизыӡырҩуеит. Анаҩсгьы убас ҟашәҵала. Анцәа шәицәшәо, ҳаҭыр иқәҵо, ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәеиқәхарц азы. 13 Анцәа шәирӷәӷәоит, иара ииҭаху ҟашәҵаларц азы агәаҳәареи амчи шәиҭоит. 14 Иҟашәҵо ҭыӡшәада, хашшаарада иҟашәҵала, 15 зегь рыла ицқьоу, гәнаҳа змам Анцәа ихәыҷқәа шәакәзарц азы. Иҟьашьу ауаа цәгьақәа рыбжьара гәнаҳада шәаанхалар, ари адунеи аҿы алашара еиԥш шәыжжаӡа шәлашалоит. 16 Аԥсҭазаара шәызҭо Анцәа иажәа ахаан иааншәмыжьын. Христос имш анааиуа сара сгәырӷьалоит, избанзар усҟан еилыскаауеит, баша аџьабаа шысымбаз. 17 Сара акәырбаннагарҭахь инарго аҩы ҭыркәкәаны ишкарҭәо еиԥш, сымчқәа зегь еизыркәкәаны иԥшьоу амаҵзура иасҭозаргьы, сшәыцгәырӷьоит, избанзар шәаргьы шәхаҵара убасҵәҟьа шәнарҟаҵоит. 18 Шәаргьы сара шәсыцгәырӷьала.

19 Иҳақәиҭу Иисус игәаԥхар, сгәыӷуеит иаарласны Тимофеи шәара шәахь днасышьҭуеит ҳәа, шәусқәа шцо еилыскаарц, уи сгәы шьҭнахырц азы. 20 Уи иеиԥш гәыкала ишәзыҟоу, ишәыгу-ишәыбзоу гәаҭаны гәык-ԥсыкала ишәыцхраауа даҽаӡә дсымам. 21 Егьырҭ зегьы Иисус Христос ииҭаху акәымкәа, рхоуп изызхәыцуа. 22 Шәара ижәдыруеит Тимофеи ихы шааирԥшыз: аԥа иаб дивагыланы аџьабаа шибо еиԥш, ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳҳәаларц азы дсывагыланы аџьабаа сыцибон. 23 Убри аҟынтә исзыԥшу шааилыскаалак, сгәыӷуеит уи шәара шәахь днасышьҭуеит ҳәа. 24 Уи адагьы, агәра ганы сыҟоуп, Иҳақәиҭу игәаԥхар, саргьы иаарласны шәара шәахь сышнеиуа.

25 Аха уажәазы днашьҭтәуп ҳәа сыԥхьаӡоит дсыцхрааларц азы исзаашәышьҭыз, аруаҩ иеиԥш Анцәа имаҵ сыцызуа сашьа Епафроди́т. 26 Уи даара иҭахуп шәара зегьы шәбара, насгьы игәы бзиам ҳәа ахьшәаҳаз хьаас имоуп. 27 Иара ӷәӷәала дычмазҩын, дыԥсырц ак ааигымхеит, аха Анцәа дрыцҳаишьеит. Уи имацара иакәӡам, саргьы срыцҳаишьеит, сгәырҩа даҽа гәырҩак ацымларц азы. 28 Убри аҟынтә иаарласны уи шәара шәахь днасышьҭуеит, даныжәбалак шәгәырӷьарц азы, усҟан саргьы шәара шәзы сгәы ҭынчзаауеит. 29 Абжьааԥны Иҳақәиҭу иҵаҩцәа шшәыдышәкыло еиԥш шәгәырӷьаҵәа дшәыдышәкыл, уи иеиԥш иҟоу ауаа ҳаҭыр рықәышәҵала. 30 Уи Христос* иус азы аԥсра алакҭа дҭаԥшуан, сара сзы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылон, избанзар шәара сааигәара шәыҟамызт, сыцхраара шәылшомызт.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра