Ездра
1 Персиатәи аҳ Кир напхгара аура даналагаз актәи ашықәс азы Иегова Иереми́а ила ииҳәаз ажәақәа наӡарц азы Иегова персиатәи аҳ Кир игәазҭеиҵеит иаҳра зегь аҿы абарҭ ажәақәа рылеиҳәарц, насгьы ашәҟәы ианиҵарц:
2 «Абас иҳәоит персиатәи аҳ Кир: „Ажәҩан Анцәа Иегова адгьыл аҿы аҳрақәа зегь сиҭеит, иара исеиҳәеит Иудеиа иҟоу Иерусалим аҿы аҩны изсыргыларц. 3 Ижәлар иатәу зегьы Рынцәа дырхылаԥшааит, ицааит Иудеиа иҟоу Иерусалимҟа, насгьы Израиль Анцәа Иегова иҩны еиҭашьақәдыргылааит, Анцәа ду иҩны, зыҩны Иерусалим иҟаз. 4 Дара ахьынхозаалакгьы* уа иаанхо рыцхрааит. Ирырҭааит ахьы, араӡны, арахә-ашәахә, иаҭаху зегь, иара убас Анцәа ду иҩназы, Иерусалим иҟоу аҩназы, хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҳамҭақәа“».
5 Усҟан Иудеи Вениамини рабиԥарақәа ирхагылаз ахацәеи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи — Анцәа агәаԥхара зиҭаз зегьы — Иерусалимҟа амҩа иқәларц, насгьы уа Иегова иҩны еиҭашьақәдыргыларц азы рҽеизыргеит. 6 Ргәылацәа зегь урҭ ирыцхрааит. Дара хатәгәаԥхарала иҟарҵаз аҳамҭақәа рыдагьы, араӡны иалхыз амаҭәарқәеи, ахьи, зыхә ҳаракыз аҳамҭақәеи, арахә-ашәахәи рырҭеит.
7 Аҳ Кир адҵа ҟаиҵеит Навуходоно́сор Иерусалимынтәи инцәа иҩнахьы инеигаз Иегова иҩны иатәыз амаҭәарқәа урҭ ирырҭарц. 8 Персиатәи аҳ Кир уи аус аԥараҵәахҩы Митреда́т инапы ианиҵеит. Иара урҭ амаҭәарқәа рсиа ҟаҵаны, Иудеиа аиҳабы Шешбаца́р* ииҭеит.
9 Абар уи асиа: акаҵкәыр иеиԥшыз 30 хьтәы маҭәар, акаҵкәыр иеиԥшыз 1 000 раӡны маҭәар, егьырҭ амаҭәарқәа 29, 10 ахьы иалху агәыблаа хәыҷқәа 30, араӡны иалху агәыблаа хәыҷқәа 410, егьырҭ амаҭәарқәагьы 1 000. 11 Ахьи араӡни ирылхыз амаҭәарқәа зегь ааизакны 5 400 цыра ыҟан. Уи зегьы Шешбаца́р дахьцоз иманы дцеит, атҟәацәа Вавилонынтәи Иерусалимҟа ианцоз.