Ездра
3 Абыжьбатәи амза анааи, израильаа* аӡәк иеиԥш Иерусалим еизеит. Усҟан дасу рықалақьқәа рҿы инхон. 2 Иоцада́к иԥа Иешу́еи егьырҭ аԥшьаҩцәеи Шеалтие́л иԥа Зорова́вель иашьцәеи иареи Израиль Анцәа изы акәырбаннагарҭа дыргылеит, Анцәа ду имаҵуҩы Моисеи изакәан аҿы ишаҳәоз еиԥш ирбылуа акәырбанқәа наргаларц азы.
3 Дара акәырбаннагарҭа уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы идыргылеит, рааигәа-сигәа иҟаз ажәларқәа ишрыцәшәозгьы. Нас уа Иегова акәырбанқәа изнагара иалагеит, ирбылуа ашьыжьтәи акәырбанқәеи ахәылбыҽхатәи акәырбанқәеи. 4 Уи ашьҭахь дара, азакәан ишаныз еиԥш, Ақьалақәа рныҳәа азгәарҭеит. Уи аныҳәа аан есыҽны ирбылуа акәырбанқәа шаҟа аҭахыз наргон. 5 Уи ашьҭахь дара ирбылуаз есыҽнытәи акәырбанқәеи, амзаҿа ангылоз инаргоз акәырбанқәеи, Иегова изкыз аныҳәақәа раан инаргоз акәырбанқәеи, дасу Иегова хатәгәаԥхарала изнеигоз акәырбанқәеи рнагара иалагеит. 6 Дара Иегова абыжьбатәи амза актәи амш инаркны акәырбанқәа изнагара иалагеит, Иегова иныҳәарҭа ашьаҭа макьана ишышьҭаҵамызгьы.
7 Дара ахаҳәцәыҩцәеи анапҟазацәеи аԥара рзыршәон, насгьы персиатәи аҳ Кир азин имхны мшынла Ливанынтәи Ио́ппиаҟа акедр қыдқәа аазгоз сидо́нааи ти́рааи афатәи, ажәтәи, амаслинахәшеи рырҭон.
8 Израильаа Анцәа ду иҩнахьы Иерусалимҟа ианыхынҳә аҩбатәи ашықәсазы аҩбатәи амзазы Шеалтие́л иԥа Зорова́вель, Иоцада́к иԥа Иешу́а, урҭ рашьцәеи — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, иара убас атҟәара аҟынтә Иерусалимҟа ихынҳәыз зегьы — аус рнапы адыркит. Иегова иҩны аиҭашьақәыргылара аус ахылаԥшра 20 шықәса иреиҵамыз алевитцәа рнапы ианырҵеит. 9 Убри аҟынтә Иуда иԥацәа — Иешу́а иԥацәеи, иашьцәеи, иареи, Кадмии́л иԥацәеи иареи, — иара убас Хенада́д иԥацәеи, урҭ рԥацәеи, рашьцәеи Анцәа ду иҩнаҿы ицоз аусқәа рхылаԥшра иалагеит. Даргьы левитцәан.
10 Аргылаҩцәа Иегова иныҳәарҭа ашьаҭа анышьҭарҵа, аԥшьаҩцәа рымаҭәа зшәыз, абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәеи акимвалқәа зкыз Аса́ф иԥацәа алевитцәеи рҭыԥқәа аанкыланы игылеит, израильтәи аҳ Давид ишиҳәаз еиԥш Иегова ддырҽхәарц азы. 11 Дара Иегова дырҽхәо, ҭабуп ҳәа иаҳәо, инеимда-ааимдо ашәаҳәара иалагеит: «...избанзар иара дыбзиоуп. Израиль ахь иааирԥшуа гәыбылрала иҭәу абзиабара наӡаӡа иҟоуп». Ажәлар ракәзар, зегьы рыбжьы рдуны Иегова ддырҽхәон Иегова иҩны ашьаҭа ахьышьҭаҵаз азы. 12 Имаҷҩымкәа аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, абиԥарақәа рхадацәеи — уаанӡатәи аныҳәарҭа збахьаз абыргцәа — аныҳәарҭа ашьаҭа шышьҭаҵаз анырба, рыбжьы рдуны аҵәыуара иалагеит, убри аамҭазгьы игәырӷьаҵәа зыбжьы рдуны иҳәҳәозгьы рацәаҩын. 13 Агәырӷьабжьи аҵәыуабжьи узеиҩдырааӡомызт. Ажәлар убас рыбжьы дуун, рыбжьы харантәигьы иуаҳауан.