Ездра
2 Абар вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор аиудеиаа тҟәаны ианига ашьҭахь Вавилонынтәи ихынҳәны апровинциаҿы инхоз. Дара Иерусалимҟеи Иудеиаҟеи, дасу рықалақьқәа рахь ихынҳәит. 2 Урҭ Зорова́вельи, Иешу́еи, Нееми́еи, Сера́иеи, Реела́иеи, Мардохе́ии Билша́ни, Миспа́ри, Бигва́ии, Реху́ми, Баа́неи ирыцны иааит.
Абар израильаа* рсиа: 3 Паро́ш иԥацәа — 2 172-ҩык, 4 Шефа́тиа иԥацәа — 372-ҩык, 5 Ара́х иԥацәа — 775-ҩык, 6 Паха́т-Моа́в иԥацәа, Иешу́еи Иоа́ви рԥацәа рҟынтә — 2 812-ҩык, 7 Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 8 За́тту иԥацәа — 945-ҩык, 9 Закка́и иԥацәа — 760-ҩык, 10 Ба́ни иԥацәа — 642-ҩык, 11 Бева́и иԥацәа — 623-ҩык, 12 Азга́д иԥацәа — 1 222-ҩык, 13 Адоника́м иԥацәа — 666-ҩык, 14 Бигва́и иԥацәа — 2 056-ҩык, 15 Ади́н иԥацәа — 454-ҩык, 16 Ате́р иԥацәа, Езеки́а ихылҵшьҭра — 98-ҩык, 17 Беца́и иԥацәа — 323-ҩык, 18 Ио́ра иԥацәа — 112-ҩык, 19 Хашу́м иԥацәа — 223-ҩык, 20 Гибба́р иԥацәа — 95-ҩык, 21 Вифлеем инхоз — 123-ҩык, 22 Нето́фа инхоз — 56-ҩык, 23 Анато́т инхоз — 128-ҩык, 24 Азмаве́т инхоз — 42-ҩык, 25 Кириа́т-Иеари́м инхози, Кефи́ра инхози, Бееро́т инхози — 743-ҩык, 26 Ра́ма инхози Ге́ва инхози — 621-ҩык, 27 Михма́с инхоз — 122-ҩык, 28 Вефи́ль инхози Га́и инхози — 223-ҩык, 29 Не́во инхоз — 52-ҩык, 30 Магби́ш иԥацәа — 156-ҩык, 31 егьи Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 32 Хари́м иԥацәа — 320-ҩык, 33 Лод инхози, Хади́д инхози, О́но инхози — 725-ҩык, 34 Иерихо́н инхоз — 345-ҩык, 35 Сена́иа иԥацәа — 3 630-ҩык.
36 Аԥшьаҩцәа: Иеда́иа иԥацәа, Иешу́а ихылҵшьҭра — 973-ҩык, 37 Имме́р иԥацәа — 1 052-ҩык, 38 Пашху́р иԥацәа — 1 247-ҩык, 39 Хари́м иԥацәа — 1 017-ҩык.
40 Алевитцәа: Года́виа иԥацәа рҟынтә Иешу́еи Кадмии́ли рԥацәа — 74-ҩык. 41 Ашәаҳәаҩцәа: Аса́ф иԥацәа — 128-ҩык. 42 Агәашәхьчаҩцәа: Шаллу́м иԥацәа, Ате́р иԥацәа, Талмо́н иԥацәа, Акку́в иԥацәа, Хати́та иԥацәа, Шова́и иԥацәа — 139-ҩык.
43 Аныҳәарҭа амаҵуцәа: Ци́ха иԥацәа, Хасу́фа иԥацәа, Таббао́т иԥацәа, 44 Керо́с иԥацәа, Сиа́га иԥацәа, Фадо́н иԥацәа, 45 Лева́на иԥацәа, Хага́ва иԥацәа, Акку́в иԥацәа, 46 Хага́в иԥацәа, Салма́и иԥацәа, Хана́н иԥацәа, 47 Гидде́л иԥацәа, Гаха́р иԥацәа, Реа́иа иԥацәа, 48 Реци́н иԥацәа, Неко́да иԥацәа, Газза́м иԥацәа, 49 У́зза иԥацәа, Пасеа́х иԥацәа, Беса́и иԥацәа, 50 А́сна иԥацәа — меуни́маа, Нефиси́м иԥацәа, 51 Бакбу́к иԥацәа, Хаку́фа иԥацәа, Харху́р иԥацәа, 52 Бацлу́т иԥацәа, Мехи́да иԥацәа, Ха́рша иԥацәа, 53 Барко́с иԥацәа, Сиса́ра иԥацәа, Тема́х иԥацәа, 54 Нециа́х иԥацәа, Хати́фа иԥацәа.
55 Соломон имаҵуцәа рԥацәа: Сота́и иԥацәа, Софере́т иԥацәа, Феру́да иԥацәа, 56 Иаа́ла иԥацәа, Дарко́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, 57 Шефа́тиа иԥацәа, Хатти́л иԥацәа, Похере́ф-Гаццеваи́м иԥацәа, А́ми иԥацәа.
58 Аныҳәарҭа амаҵуцәеи Соломон имаҵуцәа рԥацәеи иааизакны 392-ҩык ыҟан.
59 Абар Тел-Мела́хынтәи, Тел-Ха́ршантәи, Керу́вынтәи, Аддо́нынтәи, Имме́рынтәи иааз, аха рабацәеи рабдуцәеи израильаа шракәыз ззышьақәмырӷәӷәоз: 60 Дела́иа иԥацәа, То́виа иԥацәа, Неко́да иԥацәа — 652-ҩык. 61 Аԥшьаҩцәа рԥацәа рҟынтә: Хова́иа иԥацәа, Хакко́ц иԥацәа, Галаа́д иатәыз Барзилла́и иԥҳа дызгаз Барзилла́и иԥацәа. Иара иабхәа ихьӡ игеит. 62 Дара шьҭрала изтәқәаз шьақәдырӷәӷәарц азы рабиԥарақәа рыхьӡқәа ахьаныз иашьҭан, аха ирзымԥшааӡеит, убри аҟынтә иӡбан ԥшьаҩцәас амаҵ ауразы ианаалаӡом ҳәа*. 63 Анапхгаҩы* урҭ ури́ми тумми́ми зхы иазырхәо аԥшьаҩы дцәырҵаанӡа иԥшьоу афатә рфар ҟалаӡом ҳәа реиҳәеит.
64 Иааизакны* 42 360-ҩык ыҟан, 65 7 337-ҩык амаҵуцәа (аҳәсеи ахацәеи) аламҵаӡакәа; иара убас урҭ ирыцын 200-ҩык ашәаҳәаҩцәа (аҳәсеи ахацәеи). 66 Дара ирыман 736 ҽи, 245 гәыжьи, 67 435 махҽи, 6 720 ҽадеи.
68 Дара Иерусалим иҟаз Иегова иҩнахьы ианнеи, абиԥарақәа рхадацәа шьоукы Анцәа ду иҩны уаанӡатәи аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларазы хатәгәаԥхарала аҳамҭақәа ҟарҵеит. 69 Дасу илшоз инақәыршәаны, 61 000 ахьтәы дра́хмақәеи*, 5 000 араӡны минақәеи*, аԥшьаҩцәа рзы иауз 100 харԥки ҟарҵеит. 70 Аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, егьырҭ ауааи дасу рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит. Убас израильаа зегьы рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит.