Ездра
4 Иудеи Вениамини раӷацәа ианеилыркаа атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ауаа Израиль Анцәа Иегова иныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара ишалагаз, 2 Зорова́вельи абиԥарақәа рхадацәеи рахь ицаны абас рарҳәеит: «Ҳаргьы аргылараҿы ҳшәывагылар ҳҭахуп, избанзар шәара шәеиԥш ҳаргьы Шәынцәа ҳимҵахырхәоит*, насгьы ассириатәи аҳ Асархаддо́н ара ҳанирхеижьҭеи Анцәа акәырбанқәа изнаҳгоит». 3 Аха Зорова́вельи, Иешу́еи, израильтәи егьырҭ абиԥарақәа рхадацәеи ус рҳәеит: «Шәара шәҳавагыланы Анцәа иҩны аргылара азин шәымаӡам. Израиль Анцәа Иегова изы аҩны ҳхала иҳаргылоит, персиатәи аҳ Кир ишҳаиҳәаз еиԥш».
4 Усҟан уи адгьыл аҿы инхоз ажәларқәа аиудеиаа ргәы карыжьырц азы ирылшоз зегь аҟаҵара иалагеит, аргылара иаҟәырхырц азы. 5 Дара урҭ ирԥырхагахарц азы персиатәи аҳ Кир аҳра аниуаз инаркны персиатәи аҳ Да́ри аҳра аура далагаанӡа абжьгаҩцәа аархәон. 6 Ахашверо́ш аҳра аура даналага, дара Иудеи Иерусалими инхоз ацәгьа рзырҳәеит. 7 Персиатәи аҳ Артаксе́ркс иаан Бишла́ми, Митреда́ти, иара убас Тавеи́л идгылаҩцәеи иареи аҳ Артаксе́ркс асаламшәҟәы изырҩит. Дара уи арамеи бызшәахьы еиҭаганы арамеи бызшәала ирҩит*.
8 * Ачынуаҩ Реху́ми аписар Шимша́ии Иерусалим инхоз ауаа ахара рыдҵо аҳ Артаксе́ркс асаламшәҟәы изырҩит. 9 (Асаламшәҟәы ҩын ачынуаҩ Реху́м ихьӡала, аписар Шимша́и ихьӡала, урҭ рыдгылаҩцәа рыхьӡала, аӡбаҩцәа рыхьӡала, еиҳа еиҵаз ачынуаа рыхьӡала, амаӡаныҟәгаҩцәа рыхьӡала, Ере́х инхоз рыхьӡала, вавилонаа рыхьӡала, Су́за инхоз ела́маа рыхьӡала, 10 амчра змаз, ҳаҭыр ду зқәыз Аснафа́р самариатәи ақалақьқәа рахь ииаигаз егьырҭ ажәларқәа рыхьӡала, насгьы Аӡиас Анхыҵ* инхоз егьырҭ ауаа рыхьӡала.) 11 Абар уи асаламшәҟәы иаҳәоз:
«Аӡиас Анхыҵ инхо умаҵуцәа рҟынтә аҳ Артаксе́ркс уахь. 12 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп уара уҟынтә ицаз аиудеиаа ҳара ҳахь Иерусалимҟа ишааз. Дара аҿагылара аазырԥшуа ақалақь хәымга еиҭашьақәдыргылоит, аҭӡамцқәа шьҭырхуеит, ашьаҭақәа дырӷәӷәоит. 13 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп ари ақалақь еиҭашьақәдыргылар, аҭӡамцқәагьы шьҭырхыр, аиудеиаа ашәахтәоума, аҳазоума, аҳ изшәатәу ҳәа акгьы шырымшәало, аҳ* ихазынаҭрагьы шҭацәуа. 14 Ҳара аҳ иҟынтә аулафахәы ҳауеит*, иаҳҭахӡам иара ааха иоур, убри аҟынтә, ҳаҳ, абри зегьы удыруазарц азы асаламшәҟәы узаҳашьҭуеит, 15 уара уаԥхьа аҳра зуаз* рҭоурых зну ашәҟәы ҭырҵаарц азы. Уи ашәҟәы аҟынтә уара еилукаауеит ари ақалақь аҿагылара аазырԥшуа ишреиуоу, аҳцәеи апровинциақәеи ауадаҩрақәа шрызцәырнаго, уа жәытә-натә аахыс аиҿагыларақәа шыҟаз. Убри азоуп иԥыххааса изықәҵазгьы. 16 Иудыруазар ҳҭахуп, ҳаҳ, ари ақалақь еиҭашьақәдыргылар, аҭӡамцқәагьы шьҭырхыр, Аӡиас Анхыҵ шуцәыӡуа».
17 Аҳ ачынуаҩ Реху́ми, аписар Шимша́ии, Самариа инхоз урҭ рыдгылаҩцәеи, Аӡиас Анхыҵ инхоз егьырҭ ауааи абас рзиҩит:
«Бзиара шәымаз! 18 Шәара шәҟынтә иҳауз асаламшәҟәы еилыкка исзаԥхьеит*. 19 Сара аҭҵаара мҩаԥыргарц адҵа ҟасҵеит, убри аҟынтә еилкаахеит ари ақалақь жәытә-натә аахыс аҳцәа ишырҿагылоз, уа еснагь аиҿагыларақәеи аилаҩынтрақәеи шыҟаз. 20 Иерусалим аҳра руан Аӡиас Анхыҵ зегьы напхгара азызуаз, амчра ду змаз аҳцәа, урҭ ашәахтәқәеи аҳазеи рзыршәон. 21 Убри аҟынтә урҭ ауаа адҵа рышәҭ аусурақәа ааныркыларц, сара исҳәаанӡа ақалақь аиҭашьақәыргылара иаламгарц. 22 Исҳәаз ишысҳәаз еиԥшҵәҟьа иҟашәҵа, аҳ еиҳаны ааха имоурц азы».
23 Реху́ми, аписар Шимша́ии, урҭ ирыдгылази аҳ Артаксе́ркс исаламшәҟәы ианаԥхьа, аамҭа мгакәа иаразнак Иерусалимҟа идәықәлеит. Уа дара мчыла аиудеиаа русурақәа ааныркылеит. 24 Убас Иерусалим Анцәа иҩны аргылара аанкылан, персиатәи аҳ Да́ри аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсынӡагьы иаанкылан.