Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 6
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ииашамкәа ҳхы иаҳархәар ҟалаӡом (1, 2)

      • Павел имаҵзура дахцәажәоит (3—13)

      • «Ахаҵара змами шәареи уӷәк шәҽаҵашәымкын» (14—18)

2 Коринфаа 6:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2016, ад. 28—32

2 Коринфаа 6:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 40

2 Коринфаа 6:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 40

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    9/2016, ад. 18

2 Коринфаа 6:6

Албаагақәа

  • *

    Ма «ҳабзиабара ҩ-цәак анахарԥам».

2 Коринфаа 6:7

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап ажәыларазы.

  • *

    Иҟалап ахыхьчаразы.

2 Коринфаа 6:9

Албаагақәа

  • *

    Ма «аԥсра зықәнагоу».

2 Коринфаа 6:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 56

2 Коринфаа 6:12

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 56

2 Коринфаа 6:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «шәыҽшәырҭбаа».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 56

2 Коринфаа 6:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еиҟарам ауӷә».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 42

    «Анцәа ибзиабара», ад. 113—115

2 Коринфаа 6:15

Албаагақәа

  • *

    Ауриатә ажәа иаанагоит «акгьы иаԥсам». Аҩсҭаа идҳәалоуп.

2 Коринфаа 6:17

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ацҵа А5.

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 6:1–18

2 Коринфаа рахь

6 Анцәа аџьабаа ицызбо реиԥш, ҳара иара убас ҳшәыҳәоит: Анцәа иааирԥшуа шәзыԥсам ақьиара хықәкыс иамоу шәхашәмыршҭлан, 2 избанзар иара иҳәоит: «Аамҭа бзиа аан сара убжьы саҳаит, аиқәхара амш аҽны суцхрааит». Абыржәоуп ианыҟоу аамҭа бзиа, абыржәоуп — аиқәхара амш.

3 Ҳара аӡәы дзыхҟьашар алшо ҳәа акгьы ҟаҳҵаӡом, ҳмаҵзура ишакәым иахымцәажәаларц азы. 4 Уи аҭыԥан зегь рыла Анцәа имаҵзуҩцәа шҳакәу ааҳарԥшуеит, ачҳара аарԥшны имаҷымкәа аԥышәарақәа анҳхаҳго, ианҳхаҳго агәаҟрақәа, амамзаара, ауадаҩрақәа, 5 ҳанырыпҟо, абахҭа ҳанҭаркуа, зыԥсахы еибакны иҟоу ауаа анҳажәло, аџьабаа ӷәӷәа анаҳбо, уахынла ҳанызмыцәо, амла ҳанакуа, 6 ацқьара анаҳахьчо, иаҳдыруа инақәыршәаны ҳанынхо, ачҳара анааҳарԥшуа, ақьиара анҳалоу, иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш ҳанынхо, гәык-ԥсыкала абзиабара анааҳарԥшуа*, 7 аиаша анаҳҳәо, Анцәа имч ҳанақәгәыӷуа, ҳарӷьа напаҿи* ҳарма напаҿи* аиашара абџьар анаҳку, 8 ҳанҳараркуа, ҳахьӡ аныладырҟәуа, ҳандырџьо, ҳандырҽхәо. Ауаа ҳамцҳәаҩцәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара аиаша ҳҳәоит, 9 аӡәгьы изымдыруа шьоук реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳардыруеит, аԥсра иаҿу* реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха ҳаԥсы ҭоуп, зықәнага иақәдыршәаз реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха аԥсра аҟынӡа ҳнагам, 10 ҳалахь еиқәуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха ҳара еснагь ҳгәырӷьоит, иӷару реиԥш иҳахәаԥшуеит, аха иҳарбеио рацәаҩуп, акгьы змам реиԥш ҳрыԥхьаӡоит, аха ҳара зегь ҳамоуп.

11 Коринфаа, ҳара иаахтны ҳшәацәажәон, ҳагәқәагьы ҟьаҟьаӡа ишәзааҳартит. 12 Бзиа шәшаҳбо шәҳарбоит, ҳабзиабара ҳӡаӡом, аха иабаҟоу шәара шәыбзиабара ҳара ҳахь? 13 Убри аҟынтә схәыҷқәа реиԥш ишәасҳәоит: шәаргьы шәыгәқәа ҟьаҟьаӡа иаашәырты*.

14 Ахаҵара змами шәареи уӷәк* шәҽаҵашәымкын. Аиашареи азакәандареи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Акыр рзеилоума алашареи алашьцареи? 15 Христоси Велиа́ри* акзаара рыбжьаны ҟалашьа амоума? Ирзеилои ахаҵара змоуи измами? 16 Анцәа иныҳәарҭеи аидолқәеи ирзеилоу ҳәа акрыҟоума? Ҳара Анцәа иныҳәарҭа ҳауп, избанзар Анцәа иҳәеит: «Сара урҭ срыцынхалоит, срыцзаауеит. Сара урҭ Рынцәа сакәхоит, дара сыжәлар ракәхоит». 17 «„Убри аҟынтә шәрылҵ урҭ, иааншәыжь, — иҳәоит Иегова*, — ицқьам акы уаҳа шәаламкьысын“», «усҟан сара шәсыдыскылоит». 18 «„Сара Абыс сышәзыҟалоит, шәара сыҷкәынцәеи сыӡӷабцәеи шәакәхоит“, — иҳәоит Зегьзымчу Иегова».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра