Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Павел коринфаа иргәырӷьарц иҭахуп (1—4)

      • Агәнаҳа ҟазҵаз ианажьтәуп, насгьы аизараҿы деиҭашьақәыргылатәуп (5—11)

      • Павел Троада дыҟан, нас Македониа (12, 13)

      • Амаҵзура — аиааиратә марш ауп (14—17)

        • «Ҳара Анцәа иажәа ҳалахәаахәҭӡом» (17)

2 Коринфаа 2:12

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Проповедуйте!», ад. 166

2 Коринфаа 2:13

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Проповедуйте!», ад. 166

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 2:1–17

2 Коринфаа рахь

2 Сара исыӡбеит даҽазны шәара шәахь саннеиуа шәгәы шәысмырхьырц. 2 Шәгәы шәсырхьыр, сара сзыргәырӷьода? Згәы зсырхьыз роума? 3 Ишәзысҩыз зысҩыз шәара шәахь саннеиуа сгәы смыхькәа, сгәырӷьарц азоуп. Агәра ганы сыҟоуп сара сзыргәырӷьо шәаргьы шәшаргәырӷьо. 4 Сара даараӡа сгәаҟуан, сгәы хьанҭаӡа, слаӷырӡышо ишәзысыҩуан, аха шәгәы шәсырхьырц азы акәӡам, шаҟа иӷәӷәаны бзиа шәызбо жәдыруазарц азоуп.

5 Аӡәы ихҟьаны гәхьаак цәырҵзар, уи сара сакәӡам згәы зирхьыз, шәара зегь шәгәы шәирхьит ҳҳәар ҳалшоит. Аха уи мыцхәы салацәажәар сҭахӡам. 6 Ус еиԥш иҟоу ауаҩы еиҳараҩык ахьиқәыӡбаз азхоит. 7 Уажәшьҭа еиӷьуп гәык-ԥсыкала ианашәыжьыр, игәы шәырҭынчыр, мыцхәы игәхьаа иҽеимҭарц азы. 8 Убри аҟынтә акы иеиԥшымкәа сшәыҳәоит: бзиа дшыжәбо агәра ишәырга. 9 Исыҩуа зысыҩуа даҽакгьы ыҟоуп: исҭахын аҳәатәхаҵара еснагь иаашәырԥшуоу-иаашәмырԥшуоу еилыскаарц. 10 Аӡәы игха ианашәыжьуазар, саргьы ианасыжьуеит. Аӡәы ианасыжьыз зегьы, ус ак ыҟазҭгьы, Христос дшаҳаҭуп, шәаҳаҭыразы ауп изианасыжьыз, 11 Аҩсҭаа ҳимжьарц азы. Ҳара уи ихы иаирхәо ашьацҳәақәа ҳдыруеит.

12 Христос изку ажәабжь бзиа аҳәаразы Троа́даҟа саннеи, насгьы Иҳақәиҭу изы аџьабаа абаразы алшара анысзаат, 13 сашьа Тит данысымба, агәҭынчымра сызцәырҵит. Убри аҟынтә аҵаҩцәа абзиараз ҳәа расҳәан, Македониаҟа сдәықәлеит.

14 Ҳара Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Иара Христоси ҳареи аибашьраҿы аиааира ганы ихынҳәуа реиԥш ҳиманы дцоит, насгьы иара изку афҩы хаа змоу адыррақәа ҳара ҳала ауаа зехьынџьара ирылаирҵәоит! 15 Ҳара — Христос изку ажәабжь зҳәо — Анцәа изы илаҳалаҳауа фҩуп, уи афҩы еиқәхо рҟынӡагьы, иҭахо рҟынӡагьы инаӡоит. 16 Аҵыхәтәантәиқәа рзы уи аԥсрахьы иназго аԥсра афҩы ауп. Актәиқәа рзы акәзар, уи аԥсҭазаарахь иназго аԥсҭазаара афҩы ауп. Иақәнагоу ҳәа иҟада ари аҩыза амаҵзура? 17 Ҳара ҳауп, избанзар ҳара Анцәа иажәа ҳалахәаахәҭӡом, аӡәырҩы ишыҟарҵо еиԥш. Ҳара Анцәа иааишьҭыз реиԥш, Анцәа иҿаԥхьа Христос ишьҭанеиуа реиԥш, иаҳҳәо гәык-ԥсыкала иаҳҳәоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра