Римаа рахь
10 Сашьцәа, сара гәыкала исҭахуп израильаа еиқәхарц, уи азгьы сӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа сиҳәоит. 2 Сара издыруеит дара иҳаҵҳаҵо Анцәа имаҵ шыруа, аха ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рымаӡам. 3 Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо рыздырӡом азы, рхатә закәанқәа рыла инхоит, убасала Анцәа изакәанқәа нарыгӡаӡом. 4 Христос азакәан аԥихит, уажәшьҭа Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо Христос иахь ахаҵара аазырԥшуа роуп.
5 Моисеи иҳәеит ауаҩы аԥсҭазаара иоурц азы азакәан иану наигӡалароуп ҳәа. 6 Аха Анцәа Иажәаҿы иара убас иануп, ахаҵара аазырԥшуа шиакәу Анцәа уаҩ иашаны ииԥхьаӡо. Уа иануп: «Гәаныла ус умҳәан: „Ажәҩан ахь ихалода?“ (Христос дылбааигарц азы) 7 ма „Атымитышахь илбаауада?“ (Христос иԥсы ҭеиҵарц азы)». 8 Иаҳәозеи, нас, Анцәа Иажәа? «Уи ажәа шәааигәара иҟоуп, уи шәыбз иқәуп, шәыгәгьы иҭоуп». Уи шәхаҵара абзоурала ишәыдышәкылаз, ишәылаҳҳәо ажәа ауп. 9 Убри аҟынтә Иисус Иҳақәиҭу шиакәу ауаа ирылоуҳәозар, ухаҭагьы Анцәа уи иԥсы шҭеиҵаз агәра угозар, уеиқәхоит. 10 Згәаҿы ахаҵара змоу дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахоит, аха уи ажәа ауаа ирылазҳәо иоуп еиқәхо.
11 Аҩыраҿы иануп: «Уи игәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам». 12 Ауриацәеи абырзенцәеи злеиԥшым ҳәа акгьы ыҟаӡам. Урҭ зегь ирықәиҭу аӡә иоуп. Иара игәра зго зегьы агәыҭбаара аарԥшны дрыцхраауеит. 13 Избанзар «Иегова* ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәо деиқәхоит». 14 Аха ихьӡ ҳәаны ацхырааразы излаиҳәарызеи, дхарымҵозар? Дызлахарҵои, иӡбахә рмаҳацзар? Иӡбахә злараҳауеи, аӡәгьы ирзеиҭеимҳәозар? 15 Аха излеиҭарҳәои, ажәабжьҳәара ишьҭымзар? Аҩыраҿы иаными: «Шаҟа ибзиоузеи ажәабжь бзиа зҳәо ршьапқәа!»
16 Аха ажәабжь бзиа здызкылаз рацәаҩым. Иса́иа иҳәоит: «Иегова, иаҳҳәаз агәра згада?» 17 Убри аҟынтә ахаҵара уоурц азы раԥхьа иуаҳароуп, иуаҳарц азы Христос иӡбахә аӡәы иузеиҭеиҳәароуп. 18 Аха сара азҵаара сымоуп: израильаа ирмаҳацкәа иҟазма? Аҩыраҿы иаными: «Рыбжьы адгьыл иқәыҩуеит, ражәабжь адгьыл аҵыхәанӡа инаӡоит». 19 Даҽакгьы сазҵаауеит: израильаа уи рзеилымкаауа иҟазма? Моисеи иҳәоит: «Сара даҽа жәларк сырзылԥхоит, убри алагьы шәгәы шәсырхьуеит, аилкаара змам ажәлар рыла шәгәы ԥызжәоит». 20 Иса́иа гәымшәарыла иҳәоит: «Исышьҭамыз срыԥшааит, сыӡбахә иазымҵаауаз сеилыркааит». 21 Аха израильаа ирызкны иҳәоит: «Зҳәатәы иазырго, аӡырҩра аазмырԥшуа ажәлар сара сахь ихынҳәырц есыҽны срыҳәон».