Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
12 Мшаԥныҳәа фымш шагыз Иисус зыԥсы ҭеиҵаз Лазарь дахьынхоз Вифа́ниаҟа дааит. 2 Уа Иисус изы афатә дырхиеит. Марфа амаҵ луан, Лазарь Иисус акрыицызфоз дыруаӡәкын. 3 Мариа зыфҩы хааз, зыхә цәгьаз фунтк* анард цқьа лган, Иисус ишьапқәа ирықәылҭәан, лыхцәы ала илырбеит. Аҩны зегь ахәша афҩы ҩначит. 4 Аха Иисус иҭира згәы иҭаз, иҵаҩцәа ируаӡәкыз Иуда Искарио́т ус иҳәеит: 5 «Ари ахәша 300 динар* ҳәа иҭины, аӷарцәа ирызшазар еиӷьӡамзи?» 6 Ус зиҳәаз аӷарцәа хьаас иахьимаз азы акәӡам, дахьӷьычҩыз азоуп. Аԥара зҭаз акәалаԥ иара инапы ианын, аха иара уахь иҭарҵоз аԥара иӷьычуан. 7 Иисус иҳәеит: «Улҟәаҵ, дызҿу налыгӡааит, аԥсыжра сазыҟалҵарц азы. 8 Арыцҳацәа еснагь ишәыцзаауеит, сара еснагь сшәыцзааӡом».
9 Имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дахьыҟоу еилыркаан, уахь инеит, Иисус дырбарц азы адагьы, зыԥсы ҭеиҵаз Лазарьгьы дырбарц азы. 10 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәа Лазарьгьы дыршьырц рыӡбеит, 11 избанзар уи ихҟьаны уахь инеиз имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дхарҵеит.
12 Адырҩаҽны аныҳәахь иааз жәларык ауаа ираҳаит Иисус Иерусалимҟа дшаауа. 13 Дара апальма амахәҭақәа кны, абас ҳәо иԥылеит: «Ҳуҳәоит, деиқәырха! Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа Израильаа раҳ!» 14 Иисус аҽадҳәыс иԥшаан дақәтәеит, Аҩыраҿы ишану еиԥш: 15 «Бымшәан, Сион аԥҳа! Абар, баҳ аҽадҳәыс дақәтәаны даауеит». 16 Раԥхьа иҵаҩцәа уи рзеилымкааӡеит, аха Иисус ахьӡ-аԥша аниоу, иргәалашәеит иҟалаз иара изкны Аҩыра ианыз шакәыз.
17 Иисус Лазарь адамра уҭыҵ ҳәа шиеиҳәаз, иԥсгьы шҭеиҵаз збаз ауаа уи аӡбахә аҳәара иаҟәыҵуамызт. 18 Уи аџьашьахәы аӡбахә заҳазгьы рацәаҩын, убри азоуп иԥыларц изааз. 19 Афарисеицәа ус еибырҳәон: «Акгьы шаҳзыҟамҵо жәбома? Адунеи зегь ишьҭаланы ицоит!»
20 Анцәа имҵахырхәарц аныҳәахь абырзенцәагьы ааит. 21 Дара галилеиатәи Вифсаи́да иатәыз Филипп инаидгылан, ус иарҳәеит: «Ухаҵкы, Иисус даҳбар ҳҭахын». 22 Филипп дцан, уи Андреи иеиҳәеит. Нас аҩыџьагьы уи Иисус иарҳәеит.
23 Иисус ус реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ахьӡ-аԥша иоураны даныҟоу аамҭа ааит. 24 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: ачарыц адгьыл иламшәар, иагьымҵәыӷьар*, ус ахала иагьаанхоит. Иҵәыӷьар*, аҽаҩра ду аанагоит. 25 Зыԥсы* бзиа избо иԥсы ҭаирхоит. Ари адунеи аҿы зыԥсы* зцәымӷу иакәзар, наӡаӡатәи аԥсҭазааразы иԥсы* ихьчоит. 26 Сымаҵ зулар зҭаху дсышьҭаланы даалааит, сара сахьыҟало смаҵуҩгьы дҟалоит. Саб сымаҵ зуло аҳаҭыр иаҭәеишьоит. 27 Сгәы даараӡа иҭынчӡам. Исҳәарызеи? Саб, сацәыхьча ари асааҭ. Аха ари асааҭ азоуп сзаазгьы. 28 Саб, ирҳарак ухьӡ». Усҟан ажәҩан аҟынтә абас абжьы аагеит: «Иҳараскхьеит, иҵегьы иҳараскуеит».
29 Уа игылаз, уи абжьы заҳаз ажәлар адыдбжьы ауп ҳәа рҳәон. Иҟан амаалықь диацәажәон ҳәа зҳәозгьы. 30 Иисус ус иҳәеит: «Ари абжьы згаз сара сзы акәӡам, шәара шәзоуп. 31 Анцәа ари адунеи аус аӡбара даҿуп, иара ари адунеи анапхгаҩы наҟ дықәицоит. 32 Сара санышьҭырхлак*, еиуеиԥшым ауаа сыдсыԥхьалоит». 33 Ус зиҳәаз иԥсышьа зеиԥшрахо деилиркаарц азоуп. 34 Усҟан ауаа ус иарҳәеит: «Азакәан аҿы иануп Христос наӡаӡа дынхалоит ҳәа. Избан уара ауаҩытәыҩса Иԥа дышьҭыхзар ауп* ҳәа зуҳәо? Дызусҭада ауаҩытәыҩса Иԥа ҳәа узҿу?» 35 Иисус ус реиҳәеит: «Алашара даҽа маҷк ишәыцзаауеит. Алашара шәыманаҵы шәныҟәала, алашьцара шәхамԥарц азы. Алашьцараҿы иныҟәо дахьцо издырӡом. 36 Алашара шәыманаҵы, алашара хашәҵала, алашара аԥацәа шәакәхарц азы».
Абри аниҳәа ашьҭахь дрылҵны дцан, иҽиӡеит. 37 Рыла ишабоз имаҷымкәа аџьашьахәқәа шыҟаиҵазгьы, дара игәра ргаӡомызт. 38 Убасала инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Иегова, иаҳҳәаз агәра згада? Изирбада Иегова имч*?» 39 Дара агәра рызгаӡомызт, избанзар Иса́иа иҵегь иҳәеит: 40 «Сара урҭ рылақәа сырлашәит, рыгәгьы хаҳәхартә иҟасҵеит. Ус зыҟасҵаз рыла иамбарц, рыгәгьы еилнамкаарц, рҽырымԥсахырц, насгьы исымхәышәтәырц азоуп». 41 Иса́иа ус зиҳәаз Христос ихьӡ-иԥша ахьибаз азоуп. Иара уи иӡбахә акәын ииҳәоз. 42 Аиудеиаа реиҳабацәа рҟынтәгьы игәра згаз рацәаҩын, аха афарисеицәа ирыцәшәаны уи иаартны ирҳәаӡомызт, асинагога иалрымцарц азы, 43 избанзар ауаа идырҽхәалар еиҳа еиӷьыршьон, Анцәа ирҽхәалар аасҭа.
44 Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Сара схазҵо ихеиҵо сымацара сакәӡам, саазышьҭызгьы дхеиҵоит, 45 сара сызбо саазышьҭызгьы дибоит. 46 Сара ари адунеи ахь алашара еиԥш сааит, схазҵо дарбанзаалак алашьцараҿы даанымхарц азы. 47 Сара сажәақәа заҳауа, аха иназмыгӡо сиқәыӡбаӡом, избанзар сзааз адунеи сақәыӡбарц азы акәӡам, еиқәсырхарц азоуп. 48 Мап сцәызкуа, сажәақәагьы здызымкыло рзы дыҟоуп аӡбаҩ. Исҳәоз ажәа ауп аҵыхәтәантәи амш аҽны урҭ рус зыӡбо. 49 Сара схатә ажәақәа ракәӡамызт исҳәоз, саазышьҭыз Саб ишәасҳәашеи ишәсырҵашеи сеиҳәеит*. 50 Сара издыруеит иара исеиҳәаз* наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ушнанаго, убри азоуп исҳәо Саб ишсеиҳәаҵәҟьаз еиԥш изысҳәо».