Римаа рахь
4 Иаҳҳәар ҳалшозеи Ҳаб Авраам изкны? 2 Авраам дуаҩ иашаны дзыԥхьаӡаз иусқәа рзы акәызҭгьы, ауаа рҿаԥхьа дызхыҽхәаша иоуан, аха Анцәа иҿаԥхьа дызхыҽхәаша иоуамызт. 3 Иаҳәозеи Аҩыра? «Авраам Иегова* игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит». 4 Ауаҩы аус аниуа изыршәо аԥара ҳамҭас акәымкәа, иқәнагоу ак еиԥш иоуеит. 5 Аха ауаҩы иусқәа дрықәымгәыӷкәа Анцәа игәра игозар, Анцәа уи ахаҵара ахьааирԥшуа азы дуаҩ иашаны диԥхьаӡар илшоит, избанзар иара иоуп агәнаҳа иаҵоу уаа иашақәаны изыԥхьаӡо. 6 Анцәа ауаҩы иҟаиҵо аусқәа дырмыхәаԥшӡакәа дуаҩ иашаны диԥхьаӡозар, уи насыԥ имоуп. Давидгьы убри ауп ииҳәаз: 7 «Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа. 8 Насыԥ имоуп Иегова зыгәнаҳақәа гәнимкыло ауаҩы».
9 Заԥхьатә хсоу рымацара роума насыԥ змоу? Заԥхьатә хсам ирымаӡами? Анцәа Авраам ихаҵаразы дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит ҳәа акәӡами ишаҳҳәаз? 10 Данбаԥхьаӡаз Авраам дуаҩ иашаны? Иаԥхьатә анхиса акәу, ихисаанӡа акәу? Иаԥхьатә хисаанӡа ауп. 11 Иара иаԥхьатә хисаанӡа ахаҵара ахьааирԥшуаз азы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дшыԥхьаӡаз агәра изыргоз адырга иоуит. Уи — аԥхьатәхсара акәхеит. Убасала иара заԥхьатә хсам, аха ахаҵара аазырԥшуаз зегьы абыс дырзыҟалеит, даргьы Анцәа иҿаԥхьа уаа иашақәаны иԥхьаӡахарц азы. 12 Иара заԥхьатә хсоугьы абыс дырзыҟалеит. Аха заԥхьатә хсоу рымацара ракәӡам, ҳаб Авраам иаԥхьатә хисаанӡа иааирԥшуаз ахаҵара аҩыза аазырԥшуагьы абыс дырзыҟалеит.
13 Анцәа Авраам адунеи уҭынхоит ҳәа ихылҵызи иареи зақәиргәыӷыз, азакәан ахьынаигӡоз азы акәӡам, ахаҵара ахьааирԥшуаз, насгьы дуаҩ иашаны дахьыԥхьаӡаз азы ауп. 14 Анцәа ауаа акы изақәиргәыӷуа азакәан ахьынарыгӡо азы акәызҭгьы, ахаҵара акгьы иаԥсахомызт, Авраам дызқәыргәыӷызгьы акгьы аанагомызт. 15 Азакәан еилазго дахьырхәхоит, аха азакәан ыҟамзар уи злеилаугои?
16 Анцәа Авраам ажәа зииҭаз Авраам ахаҵара ахьааирԥшуаз азоуп, уи ала Анцәа ауаҩы дзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Авраам ихылҵыз зегьы уи ажәа роур рылшоит, азакәан назыгӡо рыдагьы, ҳаб Авраам иааирԥшуаз ахаҵара аҩыза ахаҵара аазырԥшуа зегьы. 17 Аҩыраҿгьы иануп: «Сара ажәларқәа абыс урзыҟасҵеит». Авраам иԥсхьоу рыԥсы ҭазҵо, иҟамлац иҟалахьоу ак еиԥш иахцәажәо Анцәа игәра игеит. 18 Авраам ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало ақәгәыӷразы амзыз шимамызгьы, уи дақәгәыӷуан, агәрагьы игон, избанзар Анцәа иеиҳәахьан: «Иухылҵуагьы абасҵәҟьа ирацәахоит». 19 Иара ихаҵара ӷәӷәан, аха 100 шықәса раҟара ихыҵуан азы, уажәшьҭа ахшара диоуеит ҳәа дгәыӷуамызт. Иара убас иара идыруан, Саррагьы ахшараиура шлылымшоз, избанзар лықәра цахьан. 20 Аха иара Анцәа дзықәиргәыӷыз шыҟало агәра игон. Ихаҵара амч инаҭеит, убри алагьы Анцәа дҳареикит. 21 Иара агәра ганы дыҟан, Анцәа ишилшо дзықәиргәыӷыз анагӡара. 22 Ихаҵаразы Анцәа уи «дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит».
23 Аха Анцәа уи «дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит» ҳәа занҵаз иара изы мацара акәӡам, 24 ҳара ҳзгьы ианҵан. Ҳаргьы ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахоит, избанзар Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭазҵаз игәра ҳгоит. 25 Иисус ҳагәнаҳақәа рзы дыԥсит, насгьы ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц азы иԥсы ҭалеит.